https://sputnik-abkhazia.info/20250708/1055829814.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
08.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-08T18:01+0300
2025-07-08T18:01+0300
2025-07-08T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/08/1055829682_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f81a2d611f57bfd82db767994308b5b8.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҭаацәарақәа фба Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш аҽны аҳамҭақәа рырҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Амедалқәа ранашьоуп: ▪️ Зосими Марусиеи Зыхәаа — 61 шықәса раԥхьа аҭаацәара аԥырҵеит; ▪️Александри Наталиеи Антиповаа — 49 шықәса; ▪️Бориси Русудани Кәартаа — 44 шықәса раԥхьа; ▪️Аигаз Варельджани Азниф Арзуманиани — 44 шықәса; ▪️Нугзар Ашәбеи Белла Ҭарԥҳаи — 40 шықәса; ▪️Ефим Вальтери Лада Чубуковеи — 31 шықәса. Аҭаацәара еинаала ауаажәларра шьаҭас иамоуп, иарбанзаалак аҳәынҭқарра ашәҭыкакаҷреи аизҳазыӷьареи ирҵәатәышьаҟауп", — иҳәеит Урыстәыла аусқәа рзы Аԥсны аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов.
Толиатти ақалақь инхоз Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит.52 шықәса зхыҵуа Григори Стециура иԥшәмеи иареи акатамаран иақәтәаны амшын агәахьы ицеит, аҟәараҟынтәи 200 метра ахьыбжьаз ахаҵа аӡы далаҳаит ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.Аԥҳәыс лыҵәаабжьқәа заҳаз Аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеит, урҭ иӡааҟәрылаз аӡы дҭыргеит, иԥсеиқәырхараз раԥхьатәи ацхыраара ҟарҵеит, ахәышәтәырҭахьгьы дыргеит. Аха иеиқәырхара залыршамхеит.Ахҭыс азы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адырра ҟаҵан, аусеилыргара мҩаԥысуеит.
Аҟәа ақалақь Аваинахцәа рымҩаҿы 50 инареиҳаны ҩны еиԥҟьарада ӡыла еиқәыршәахоит.2020-2023 шықәсазтәи Аинвестициатә программа инақәыршәаны араҟа аӡымҩангага хада ԥсахуп, уажәы апластик иалху аӡымҩангага аибыҭара иаҿуп ҳәа иҳәеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба."Ари ацәаҳәа ауааԥсыра ишиашоу аӡымҩангага хада иаднаҳәалоит. Аремонттә усурақәа анхыркәшахалак, амҩаҿы акаҭран ҿыц шьҭаҵахоит.
Абаритон, Атеатр Ду асолист Игор Головатенко XXIII афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аартра далахәхоит.Гьерзмааԥҳаи иареи аоператә ариақәеи адуетқәеи нарыгӡоит. Аккомпаниатор – апианист, Урыстәыла жәлар рартист Денис Мацуев, иара убас Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр.Афестиваль аадыртуеит ԥхынгәымза 31 рзы Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аҩбатәи аконцерт мҩаԥысуеит нанҳәамза 2 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы, ахԥатәи – нанҳәамза 4 рзы Бедиатәи акафедралтә уахәамаҿы
Аԥснытәи аҭаацәарақәа фба Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш аҽны аҳамҭақәа рырҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Амедалқәа ранашьоуп: ▪️ Зосими Марусиеи Зыхәаа — 61 шықәса раԥхьа аҭаацәара аԥырҵеит; ▪️Александри Наталиеи Антиповаа — 49 шықәса; ▪️Бориси Русудани Кәартаа — 44 шықәса раԥхьа; ▪️Аигаз Варельджани Азниф Арзуманиани — 44 шықәса; ▪️Нугзар Ашәбеи Белла Ҭарԥҳаи — 40 шықәса; ▪️Ефим Вальтери Лада Чубуковеи — 31 шықәса. Аҭаацәара еинаала ауаажәларра шьаҭас иамоуп, иарбанзаалак аҳәынҭқарра ашәҭыкакаҷреи аизҳазыӷьареи ирҵәатәышьаҟауп", — иҳәеит Урыстәыла аусқәа рзы Аԥсны аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов. Толиатти ақалақь инхоз Аҟәа амшын аҿы дӡааҟәрылеит.52 шықәса зхыҵуа Григори Стециура иԥшәмеи иареи акатамаран иақәтәаны амшын агәахьы ицеит, аҟәараҟынтәи 200 метра ахьыбжьаз ахаҵа аӡы далаҳаит ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.Аԥҳәыс лыҵәаабжьқәа заҳаз Аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеит, урҭ иӡааҟәрылаз аӡы дҭыргеит, иԥсеиқәырхараз раԥхьатәи ацхыраара ҟарҵеит, ахәышәтәырҭахьгьы дыргеит. Аха иеиқәырхара залыршамхеит.Ахҭыс азы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адырра ҟаҵан, аусеилыргара мҩаԥысуеит. Аҟәа ақалақь Аваинахцәа рымҩаҿы 50 инареиҳаны ҩны еиԥҟьарада ӡыла еиқәыршәахоит.2020-2023 шықәсазтәи Аинвестициатә программа инақәыршәаны араҟа аӡымҩангага хада ԥсахуп, уажәы апластик иалху аӡымҩангага аибыҭара иаҿуп ҳәа иҳәеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба."Ари ацәаҳәа ауааԥсыра ишиашоу аӡымҩангага хада иаднаҳәалоит. Аремонттә усурақәа анхыркәшахалак, амҩаҿы акаҭран ҿыц шьҭаҵахоит. Абаритон, Атеатр Ду асолист Игор Головатенко XXIII афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аартра далахәхоит.Гьерзмааԥҳаи иареи аоператә ариақәеи адуетқәеи нарыгӡоит. Аккомпаниатор – апианист, Урыстәыла жәлар рартист Денис Мацуев, иара убас Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр.Афестиваль аадыртуеит ԥхынгәымза 31 рзы Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аҩбатәи аконцерт мҩаԥысуеит нанҳәамза 2 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы, ахԥатәи – нанҳәамза 4 рзы Бедиатәи акафедралтә уахәамаҿы
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/08/1055829682_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_88e755945207d0022a8f0ef386ed28a7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио