https://sputnik-abkhazia.info/20250709/1055857248.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
09.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-09T13:30+0300
2025-07-09T13:30+0300
2025-07-09T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/09/1055857116_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_860a508568e18d93ef9a9c51e4ca87eb.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба Жәлар Реизара-Апарламент аҟны ахада ихаҭарнакс дҟаҵоуп. 2024 шықәса лаҵарамза инаркны ари амаҵураҿы дыҟан Баҭал Аиба.
Апрограмма "Аҿар акультураҿы" алахәылацәа Аԥсни Урыстәылеи рыҟны анагӡара иазырхиоу апроектқәа 22 ӡырыргеит. Арҿиаратә академиа "Меганом" аҿы арт-кластер "Таврида" еиҿнакааз аҵарадырратә программа хыркәшахеит. Уи рхы аладырхәит Урыстәылеи Аԥсни ррегионқәа 84 рҟынтәи акультура аусхкқәа рхаҭарнакцәа ҿарацәа 189-ҩык. Ахыркәшаратә хьчарахьы инаган 22 проект, урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә ҭынха ахьчаразы жәларбжьаратәи афестиваль; акультуреи аҟазареи русхк аҿы аспециалистцәа ҿарацәа рзы аԥхьахә; аҿар ркино афестиваль "Аџьатә фырхаҵара ақалақьқәа"; Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа афонд ахарҭәаара иазку акциа.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аҳәынҭқарратә баџь азы азакәан апроект. Азакәан апроект инақәыршәаны, уажәазы 60 мааҭ иҟоу ауалафахәы иреиҵаӡоу ахышәаҵышәа аҳасабыркра ацымхәрас, аҳәынҭқарратә баџьтә зыԥҵәа алагалоуп. Апроект аҿы иазгәаҭоуп аҳәынҭқарратә баџь, абаџьшәаҩцәа реилазаара, уи ашәара аԥҟарақәеи аҿҳәарақәеи, иара убасгьы хаз игоу акатегориақәа рзы альготақәа разгәаҭара. Иара убас ишьақәыргылахоит: аусбарҭақәеи амаҵзурауааи аҳәынҭқарратә баџь ада аиуристтә ҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы егьырҭ ашәатәқәа реизгара азин рымам ҳәа.
Судан атәылауаҩ уаҳа атәыла алаларазы азин имамкәа Аԥсны далырцеит. Исмаил Ибрагим Адам Али Урыстәылантәи дааит, иҭаз авиза аҿҳәара анынҵәагьы ара дынхон ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура. Аусҭҵаара ишьақәнырӷәӷәеит 26 шықәса зхыҵуа асудануаҩ ацәгьоуратә еимадарақәа ихы иархәаны закәаншьаҭада амиграциа аиҿкаара игәҭакын ҳәа. Иҟоу адыррақәа рыла, аҳәаанырцәтәылауаа аҳәаа иахызго ахаҿқәеи иареи аимадара рыбжьан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба Жәлар Реизара-Апарламент аҟны ахада ихаҭарнакс дҟаҵоуп. 2024 шықәса лаҵарамза инаркны ари амаҵураҿы дыҟан Баҭал Аиба. Апрограмма "Аҿар акультураҿы" алахәылацәа Аԥсни Урыстәылеи рыҟны анагӡара иазырхиоу апроектқәа 22 ӡырыргеит. Арҿиаратә академиа "Меганом" аҿы арт-кластер "Таврида" еиҿнакааз аҵарадырратә программа хыркәшахеит. Уи рхы аладырхәит Урыстәылеи Аԥсни ррегионқәа 84 рҟынтәи акультура аусхкқәа рхаҭарнакцәа ҿарацәа 189-ҩык. Ахыркәшаратә хьчарахьы инаган 22 проект, урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә ҭынха ахьчаразы жәларбжьаратәи афестиваль; акультуреи аҟазареи русхк аҿы аспециалистцәа ҿарацәа рзы аԥхьахә; аҿар ркино афестиваль "Аџьатә фырхаҵара ақалақьқәа"; Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа афонд ахарҭәаара иазку акциа.Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аҳәынҭқарратә баџь азы азакәан апроект. Азакәан апроект инақәыршәаны, уажәазы 60 мааҭ иҟоу ауалафахәы иреиҵаӡоу ахышәаҵышәа аҳасабыркра ацымхәрас, аҳәынҭқарратә баџьтә зыԥҵәа алагалоуп. Апроект аҿы иазгәаҭоуп аҳәынҭқарратә баџь, абаџьшәаҩцәа реилазаара, уи ашәара аԥҟарақәеи аҿҳәарақәеи, иара убасгьы хаз игоу акатегориақәа рзы альготақәа разгәаҭара. Иара убас ишьақәыргылахоит: аусбарҭақәеи амаҵзурауааи аҳәынҭқарратә баџь ада аиуристтә ҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы егьырҭ ашәатәқәа реизгара азин рымам ҳәа. Судан атәылауаҩ уаҳа атәыла алаларазы азин имамкәа Аԥсны далырцеит. Исмаил Ибрагим Адам Али Урыстәылантәи дааит, иҭаз авиза аҿҳәара анынҵәагьы ара дынхон ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура. Аусҭҵаара ишьақәнырӷәӷәеит 26 шықәса зхыҵуа асудануаҩ ацәгьоуратә еимадарақәа ихы иархәаны закәаншьаҭада амиграциа аиҿкаара игәҭакын ҳәа. Иҟоу адыррақәа рыла, аҳәаанырцәтәылауаа аҳәаа иахызго ахаҿқәеи иареи аимадара рыбжьан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/09/1055857116_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_2244a74ebc7d7fb10a40eb1dc8650cbd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио