https://sputnik-abkhazia.info/20250709/1055867132.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
09.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-09T18:01+0300
2025-07-09T18:01+0300
2025-07-09T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/09/1055867000_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_fcfadc8604208b3ad6f7fbca2b8b927b.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апарламент Атәылауаҩразы акомиссиа аилазаара шьақәнарӷәӷәеит. Аиҭакрақәа Аԥсны ахада иҿы иҟоу Акомиссиа аилазаара закәанԥҵарала ашьақәыргылара иазырхоуп. Апарламент адепутатцәа реилазаара Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмч змоуи Аԥсуаҭҵааратә институт ахаҭарнакцәеи ралагаларазы аӡбара рыдыркылеит. Адепутат Дырмит Маршьан иазгәеиҭеит уи амаҵзурауаа русура аишьаршәалара алнаршоит, аинформациа аиура арццакуеит, арзаҳалқәа обиективла рыхәаԥшреи аҳәынҭқарра ахада изы аколлегиатә жәалагалақәа реиқәыршәареи алнаршоит ҳәа.
Ирыдыркылеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-ҵакыратә акқәа рнапхгараҭаразы Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы" азакәан апроект. Дауҭ Хәытаба иажәақәа рыла аиҭакрақәа зызку амуниципалтә наплакқәеи аусбарҭақәеи напхгара рзызуа ачынуаа раҭареи рышьақәырӷәӷәареи апроцедура аҭышәныртәаларазы иҟоу абжьажьрақәа раԥыхреи, иара убас урҭ инарыгӡо амаҵзурақәа рзы атарифқәа рышьақәырӷәӷәареи роуп.
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан апроект рыдыркылеит. Апроект ашәҟәҭагалара аус ҭышәыннартәалоит, насгьы арҭ аизыҟазаашьақәа рлахәылацәа рзинқәеи руалԥшьақәеи ҳәаақәнаҵоит. Азакәан апроект зхала иныҟәо амашьынақәа, арратә, иҷыдоу атехника, аԥышәаратә бџьархкқәа аҵанакуам. Ари апроект "апрестижтә номерқәа" ҳәа изышьҭоу рыҭара аԥҟарақәа, адыррақәа рбаза актуалтәра азҵаара, ашәҟәы иҭагалам амашьынақәа рхархәара азинҟамҵара, иара убасгьы аҧшәмацәа рыԥсахраан аиҭашәҟәҭагалара ма атехникатә гәаҭара иахымсыц рҭагылазаашьа ҭышәыннартәалоит.
Ԥшьаԥ ақыҭан ацитрустә шәырқәа аусеиҭарыдуыларазы азауад аусура иалагоит сынтәа. Урыстәылатәи альготатә кредитаҭара апрограммала аргылара ирҿуп. Иааидкыланы аинвестициақәа рымҽхак — 801 миллион мааҭ ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 700 инареиҳаны ԥсахрала иаагоу роуп. Аҭыԥантәи анхацәа рҟынтәи аалыҵ аахәара азгәаҭоуп, зыҭира амуа ацитрустә шәырқәа — еилырҟәшәаауеит, ажьӡи ашьақаркамфеҭқәа рылырхлоит. "Аԥснытәи ацитрустә еилахәыра" ахаҭарнак Алик Миносиан иажәақәа рыла, аалыҵ Урыстәылаҟа идәықәырҵалоит.
Апарламент Атәылауаҩразы акомиссиа аилазаара шьақәнарӷәӷәеит. Аиҭакрақәа Аԥсны ахада иҿы иҟоу Акомиссиа аилазаара закәанԥҵарала ашьақәыргылара иазырхоуп. Апарламент адепутатцәа реилазаара Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмч змоуи Аԥсуаҭҵааратә институт ахаҭарнакцәеи ралагаларазы аӡбара рыдыркылеит. Адепутат Дырмит Маршьан иазгәеиҭеит уи амаҵзурауаа русура аишьаршәалара алнаршоит, аинформациа аиура арццакуеит, арзаҳалқәа обиективла рыхәаԥшреи аҳәынҭқарра ахада изы аколлегиатә жәалагалақәа реиқәыршәареи алнаршоит ҳәа.Ирыдыркылеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-ҵакыратә акқәа рнапхгараҭаразы Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы" азакәан апроект. Дауҭ Хәытаба иажәақәа рыла аиҭакрақәа зызку амуниципалтә наплакқәеи аусбарҭақәеи напхгара рзызуа ачынуаа раҭареи рышьақәырӷәӷәареи апроцедура аҭышәныртәаларазы иҟоу абжьажьрақәа раԥыхреи, иара убас урҭ инарыгӡо амаҵзурақәа рзы атарифқәа рышьақәырӷәӷәареи роуп.Жәлар Реизара-Апарламент аҿы автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан апроект рыдыркылеит. Апроект ашәҟәҭагалара аус ҭышәыннартәалоит, насгьы арҭ аизыҟазаашьақәа рлахәылацәа рзинқәеи руалԥшьақәеи ҳәаақәнаҵоит. Азакәан апроект зхала иныҟәо амашьынақәа, арратә, иҷыдоу атехника, аԥышәаратә бџьархкқәа аҵанакуам. Ари апроект "апрестижтә номерқәа" ҳәа изышьҭоу рыҭара аԥҟарақәа, адыррақәа рбаза актуалтәра азҵаара, ашәҟәы иҭагалам амашьынақәа рхархәара азинҟамҵара, иара убасгьы аҧшәмацәа рыԥсахраан аиҭашәҟәҭагалара ма атехникатә гәаҭара иахымсыц рҭагылазаашьа ҭышәыннартәалоит.Ԥшьаԥ ақыҭан ацитрустә шәырқәа аусеиҭарыдуыларазы азауад аусура иалагоит сынтәа. Урыстәылатәи альготатә кредитаҭара апрограммала аргылара ирҿуп. Иааидкыланы аинвестициақәа рымҽхак — 801 миллион мааҭ ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 700 инареиҳаны ԥсахрала иаагоу роуп. Аҭыԥантәи анхацәа рҟынтәи аалыҵ аахәара азгәаҭоуп, зыҭира амуа ацитрустә шәырқәа — еилырҟәшәаауеит, ажьӡи ашьақаркамфеҭқәа рылырхлоит. "Аԥснытәи ацитрустә еилахәыра" ахаҭарнак Алик Миносиан иажәақәа рыла, аалыҵ Урыстәылаҟа идәықәырҵалоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/09/1055867000_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_3fda2b40fcb0d56ef544779bd2237104.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио