https://sputnik-abkhazia.info/20250709/aparlament-ay-avtotransport-aynarrat-shagalarazy-azakan-aproekt-rydyrkyleit-1055862539.html
Апарламент аҿы автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан апроект рыдыркылеит
Апарламент аҿы автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан апроект рыдыркылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан апроект рыдыркылеит. 09.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-09T15:42+0300
2025-07-09T15:42+0300
2025-07-09T15:42+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103025/60/1030256022_0:115:3072:1843_1920x0_80_0_0_895390186b502716818183e80a97fdfa.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан апроект рыдыркылеит.Апроект ашәҟәҭагалара аус ҭышәыннартәалоит, насгьы арҭ аизыҟазаашьақәа рлахәылацәа рзинқәеи руалԥшьақәеи ҳәаақәнаҵоит. Азакәан апроект зхала иныҟәо амашьынақәа, арратә, иҷыдоу атехника, аԥышәаратә бџьархкқәа аҵанакуам. Ари апроект "апрестижтә номерқәа" ҳәа изышьҭоу рыҭара аԥҟарақәа, адыррақәа рбаза актуалтәра азҵаара, ашәҟәы иҭагалам амашьынақәа рхархәара азинҟамҵара, иара убасгьы аҧшәмацәа рыԥсахраан аиҭашәҟәҭагалара ма атехникатә гәаҭара иахымсыц рҭагылазаашьа ҭышәыннартәалоит. Ашәҟәҭагалара хымԥадатәихоит амашьына зтәу дахьынхо, мамзаргьы аамҭала дахьынхо аҭыԥ аҿы. Иара убасгьы 90 мшы инареиҳаны аамҭалатәи алагаларатә режим ала Аԥсныҟа иаагоу амашьынақәагьы ашәҟәҭагалара рыхәҭоуп. Амашьына ҿыцқәеи инықәсхьоу амашьынақәеи зҭиуа, алицензиа змоу аиҿкаарақәа апроцесс алахәразы азин рымоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103025/60/1030256022_239:0:2970:2048_1920x0_80_0_0_7fa8d2845dd021cea392506d0e47a41d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан апроект рыдыркылеит.
Апроект ашәҟәҭагалара аус ҭышәыннартәалоит, насгьы арҭ аизыҟазаашьақәа рлахәылацәа рзинқәеи руалԥшьақәеи ҳәаақәнаҵоит.
Азакәан апроект зхала иныҟәо амашьынақәа, арратә, иҷыдоу атехника, аԥышәаратә бџьархкқәа аҵанакуам.
Ари апроект "апрестижтә номерқәа" ҳәа изышьҭоу рыҭара аԥҟарақәа, адыррақәа рбаза актуалтәра азҵаара, ашәҟәы иҭагалам амашьынақәа рхархәара азинҟамҵара, иара убасгьы аҧшәмацәа рыԥсахраан аиҭашәҟәҭагалара ма атехникатә гәаҭара иахымсыц рҭагылазаашьа ҭышәыннартәалоит.
Ашәҟәҭагалара хымԥадатәихоит амашьына зтәу дахьынхо, мамзаргьы аамҭала дахьынхо аҭыԥ аҿы. Иара убасгьы 90 мшы инареиҳаны аамҭалатәи алагаларатә режим ала Аԥсныҟа иаагоу амашьынақәагьы ашәҟәҭагалара рыхәҭоуп.
Амашьына ҿыцқәеи инықәсхьоу амашьынақәеи зҭиуа, алицензиа змоу аиҿкаарақәа апроцесс алахәразы азин рымоуп.