00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко диԥылеит. Дара аенергетика, ашәахтәқәҵара, аҵарадырра, агуманитартә проектқәа уҳәа Аԥсни Урыстәылеи русеицураҿ ихадоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Иара убасгьы Аԥсны иҟазаара иалагӡаны Кириенко Урыстәыла ацхыраарала зыргылара иаҿу асоциалтә, аинфраструктуратә, акультуратә обиектқәа дырҭаауеит.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәеи, АфШәМ Аԥсны иҟоу аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи, атранспорттә милициеи иааларҟьаны агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит. Дара аӷба маҷқәа гәарҭон, урҭ рҟны иахәҭоу аусшәҟәқәеи атехникатә ҭагылазаашьеи рыҟазаара ҭырҵаауан ҳәа рҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы рминистрраҟны. Еилагара ӷәӷәа ҳәа акгьы азгәаҭамызт, аха аӷбақәа зтәыз шьоукы амшын ахыларазы азинқәа рымамызт. Ас еиԥш иааларҟьаны агәаҭарақәа уснагӡала ареспублика аԥшаҳәеи ареспублика амшынқәыԥшылареи зегьы рҿы имҩаԥысуеит ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аԥсны абаҩхатәра злоу рацәаҩуп, аха урҭ убароуп ҳәа иҳәеит Александр Шьоууа арадио Sputnik аефир аҿы. Артист ареспублика аҟнытә амузыкант ҿарацәа рзы апроект ҿыц аусура иалаиргоит. Дара ашәақәа рзаԥырҵоит, аклипқәа рызҭырхуеит, урыстәылатәи аплатформа дуқәа рҿы иӡырыргалоит. Шьоууа инаҵшьны иазгәеиҭеит, апроект актәи асезон алахәылацәа шыԥшаау, аха Аԥсны иҵегьы абаҩхатәра злоу шырацәоу. "Сацәшәоит аԥхьа зегьы рзы аамҭа азымхар ҳәа. Аха аҩбатәии ахԥатәии асезонқәа раан еиҳаны ауаа еизаагоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Афранцыз шәаҳәаҩы Едит Пиаф лыԥсҭазаареи лырҿиареи ирызку аспектакль "Пиаф" аԥхьарбара ҟалоит ԥхынҷкәынмзазы РУСДРАМ аҿы. Вера Сердечнаиа ҷыдала Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр азы илҩыз апиеса ықәиргылоит аурыс режиссиор Александр Огариов. "Ароль хада налыгӡоит актриса Лоида Ҭырқьԥҳа, лара иҵаулоу, ибеиоу адраматә хаҿсахьа аарԥшра адагьы, авокалтә ус дугьы лаԥхьа ишьҭоуп – илегендоу Едит Пиаф лашәақәа асценаҿ лхаҭа иналыгӡароуп", — ҳәа рҳәеит атеатр аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0