https://sputnik-abkhazia.info/20250710/asnynti-amashynaa-izakanymka-rkharkhara-iadalaz-akhysa-aarshup-1055884312.html
Аԥснынтәи амашьынақәа изакәанымкәа рхархәара иадҳәалаз ахҭысқәа аарԥшуп
Аԥснынтәи амашьынақәа изакәанымкәа рхархәара иадҳәалаз ахҭысқәа аарԥшуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Ҟәбан рашәарамзазы Аԥснынтәи амашьынақәа изакәанымкәа рхархәара иадҳәалаз ахҭысқәа хԥа аарԥшын ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи... 10.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-10T11:23+0300
2025-07-10T11:23+0300
2025-07-10T11:23+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0a/1055883936_0:191:781:630_1920x0_80_0_0_2046e32bcb4274f6ee595e6f5c4093d2.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Ҟәбан рашәарамзазы Аԥснынтәи амашьынақәа изакәанымкәа рхархәара иадҳәалаз ахҭысқәа хԥа аарԥшын ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура. Амашьынаныҟәцаҩцәа азинбӷьыцқәа (алицензиақәа) рымамкәа зхаҭабзиара лаҟәыз амаҵзурақәа нарыгӡон, убри ала апассаџьырцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон. Административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа хацыркуп, аусӡбара хыркәшахаанӡа амашьынақәа рымхуп. Амашьынақәа зтәу ахараԥса ршәароуп, амашьынақәа алархәны аҳазалхратә усмҩаԥгатәқәагьы мҩаԥыргароуп, ус анакәымха амашьынақәа аҳәынҭқарра иахашәалахәны иазыҧхьаӡаны АОҶ аҭахрақәа рзы ирыҭахоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250326/asua-aurys-aay-irymkhyz-amashynaa-ba--arrat-operatsia-yda-aakhraa-rzy-irzynashup-1054234360.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0a/1055883936_0:118:781:703_1920x0_80_0_0_5e3df5db0f6cd2c5399d4f34f144d75f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥснынтәи амашьынақәа изакәанымкәа рхархәара иадҳәалаз ахҭысқәа аарԥшуп
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Ҟәбан рашәарамзазы Аԥснынтәи амашьынақәа изакәанымкәа рхархәара иадҳәалаз ахҭысқәа хԥа аарԥшын ҳәа
аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Атранспорт аамҭалатәи алагалара апроцедура ала ареспублика иалган, аха иарбоу аԥҟарақәа еилаганы урҭ апассаџьырцәеи аидарақәеи рныҟәгаразы рхы иадырхәон.
Амашьынаныҟәцаҩцәа азинбӷьыцқәа (алицензиақәа) рымамкәа зхаҭабзиара лаҟәыз амаҵзурақәа нарыгӡон, убри ала апассаџьырцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон.
Административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа хацыркуп, аусӡбара хыркәшахаанӡа амашьынақәа рымхуп. Амашьынақәа зтәу ахараԥса ршәароуп, амашьынақәа алархәны аҳазалхратә усмҩаԥгатәқәагьы мҩаԥыргароуп, ус анакәымха амашьынақәа аҳәынҭқарра иахашәалахәны иазыҧхьаӡаны АОҶ аҭахрақәа рзы ирыҭахоит.