https://sputnik-abkhazia.info/20250713/asny-akhada-badra-gynba-ashkhaya-sy-daaait-1055981686.html
Аԥсны ахада Бадра Гәынба ашьхақыҭа Ԥсҳәы даҭааит
Аԥсны ахада Бадра Гәынба ашьхақыҭа Ԥсҳәы даҭааит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 13- Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба ашьхақыҭа Ԥсҳәы даҭааит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. 13.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-13T18:15+0300
2025-07-13T18:15+0300
2025-07-13T18:15+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0d/1055981378_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_b3fd00cabed5623671164e25f8c02237.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 13- Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба ашьхақыҭа Ԥсҳәы даҭааит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Уи адагьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра аҳәара ҟарҵеит ақыҭаҿы дыҟазарц "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ, уи афымцамч аныҟам ацхыраара ҟаиҵарц. Ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭа аргылареи афельдшартә пункт аусура аиҭахацыркреи ирылацәажәеит. Иара убас, Гәынба Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд апрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟа гәеиҭеит, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа даҭааит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0d/1055981378_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_3d13feed6db1ca788a1150f89b993018.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны ахада Бадра Гәынба ашьхақыҭа Ԥсҳәы даҭааит
АҞӘА, ԥхынгәы 13- Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба ашьхақыҭа Ԥсҳәы даҭааит ҳәа
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Иареи ақыҭауааи ргәы иҵхо азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҷыдала атранспорттә ҭагылазаашьа. Ԥсҳәыҟа ицо амҩақәа рымҩасра цәгьоуп, аҳаиреимадарагьы есыҽны ибжьаӡамГәынба агәра диргеит ари азҵаара шиӡбо.
Уи адагьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра аҳәара ҟарҵеит ақыҭаҿы дыҟазарц "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ, уи афымцамч аныҟам ацхыраара ҟаиҵарц.
Ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭа аргылареи афельдшартә пункт аусура аиҭахацыркреи ирылацәажәеит.
Иара убас, Гәынба Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд апрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟа гәеиҭеит, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа даҭааит.