https://sputnik-abkhazia.info/20250714/1056003029.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
14.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-14T18:01+0300
2025-07-14T18:01+0300
2025-07-14T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0e/1056002897_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_31b581f6d3af6ea0164759668ee8b110.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба Аԥсны ахьӡала афорум "Архитектура ауаҩы изы" далахәын. Афорум архитектурала, аинфраструктурла, аландшафттә дизаинла ақалақь аҩнуҵаҟа аиҿкаара алыршара иазырхоуп ҳәа рҳәеит аҳҭнықалақь ахадараҿы. Афорум иалахәу рыбжьара иҟоуп: агубернаторцәа, ақалақь хадацәа, архитектор хадацәа. Ажәахәҟаҵҩцәа иреиуоуп: Герман Греф, Сергеи Кириенко, Марат Хуснуллин, Сергеи Собианин.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахысырҭақәа рҿы аснаиперцәа разыҟаҵара хыркәшахеит. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы аснаиперцәа аррадҵақәа хра рыманы рынагӡаразы разыҟаҵара хықәкыс измоу Аԥсны Арбџьармчқәа 2025 шықәсазтәи рырҵаратә уснагӡа аҳәаақәа ирҭагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьаҿы аибашьратә хымҩаԥгашьа ҿыцқәа аус рыдулара ахшыҩзышьҭра ҷыда аҭан.
Адәыӷба "Диоскуриа" 48 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа Аԥсныҟа иаанагахьеит. Ԥхынгәымзазы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара еизҳаит 64% рыла, рашәарамза иаҿырԥшны уахәаԥшуазар — 24,5 нызқьҩык рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит "Урыстәылатәи адәыӷбамҩақәа". Адәыӷба есыҽны ибжьысуеит. Аныҟәара аамҭа — 3,5 сааҭ раҟара. Амҩан иааҭгылоит Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц уҳәа. Аҳәаатә хылаԥшра мҩаԥысуеит адәыӷба аҩнуҵаҟа. Аныҟәара маншәалахарц азы иаҭаху зегьы рыла еиқәыршәоуп.
Жәларбжьаратәи апроект "Аиҩызара ацҳа: Урыстәылеи адунеии" алахәылацәа Аԥсни Кыргызсҭани ирҭааит. Аныҟәара хықәкыс иамоуп арҵаҩратә ԥышәа аимдара, аҵарадырратәи акультуратәи программақәа рырҿиара, иара убасгьы аҳәаанырцә аурыс бызшәеи акультуреи адгылара рыҭара ҳәа аанацҳауеит урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Смена" апресс-маҵзура. Аԥсны ахәыҷқәа рзы азыҟаҵарақәеи ахәмаррақәеи мҩаԥысит, Кыргызсҭан – ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкааҩцәа рзы асеминари ахәыҷтәы центр ду "Барчын" аус ацуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи.
Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба Аԥсны ахьӡала афорум "Архитектура ауаҩы изы" далахәын. Афорум архитектурала, аинфраструктурла, аландшафттә дизаинла ақалақь аҩнуҵаҟа аиҿкаара алыршара иазырхоуп ҳәа рҳәеит аҳҭнықалақь ахадараҿы. Афорум иалахәу рыбжьара иҟоуп: агубернаторцәа, ақалақь хадацәа, архитектор хадацәа. Ажәахәҟаҵҩцәа иреиуоуп: Герман Греф, Сергеи Кириенко, Марат Хуснуллин, Сергеи Собианин. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахысырҭақәа рҿы аснаиперцәа разыҟаҵара хыркәшахеит. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы аснаиперцәа аррадҵақәа хра рыманы рынагӡаразы разыҟаҵара хықәкыс измоу Аԥсны Арбџьармчқәа 2025 шықәсазтәи рырҵаратә уснагӡа аҳәаақәа ирҭагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьаҿы аибашьратә хымҩаԥгашьа ҿыцқәа аус рыдулара ахшыҩзышьҭра ҷыда аҭан. Адәыӷба "Диоскуриа" 48 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа Аԥсныҟа иаанагахьеит. Ԥхынгәымзазы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара еизҳаит 64% рыла, рашәарамза иаҿырԥшны уахәаԥшуазар — 24,5 нызқьҩык рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит "Урыстәылатәи адәыӷбамҩақәа". Адәыӷба есыҽны ибжьысуеит. Аныҟәара аамҭа — 3,5 сааҭ раҟара. Амҩан иааҭгылоит Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц уҳәа. Аҳәаатә хылаԥшра мҩаԥысуеит адәыӷба аҩнуҵаҟа. Аныҟәара маншәалахарц азы иаҭаху зегьы рыла еиқәыршәоуп. Жәларбжьаратәи апроект "Аиҩызара ацҳа: Урыстәылеи адунеии" алахәылацәа Аԥсни Кыргызсҭани ирҭааит. Аныҟәара хықәкыс иамоуп арҵаҩратә ԥышәа аимдара, аҵарадырратәи акультуратәи программақәа рырҿиара, иара убасгьы аҳәаанырцә аурыс бызшәеи акультуреи адгылара рыҭара ҳәа аанацҳауеит урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Смена" апресс-маҵзура. Аԥсны ахәыҷқәа рзы азыҟаҵарақәеи ахәмаррақәеи мҩаԥысит, Кыргызсҭан – ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкааҩцәа рзы асеминари ахәыҷтәы центр ду "Барчын" аус ацуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0e/1056002897_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_443bc01f6be71da5664c13f22e06b429.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио