https://sputnik-abkhazia.info/20250714/asny-atylakhchara-aministrra-akhysyrat-da-ry-asnaipertsa-razyaara-khyrkshoup-1056001183.html
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахысырҭатә дәқәа рҿы аснаиперцәа разыҟаҵара хыркәшоуп
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахысырҭатә дәқәа рҿы аснаиперцәа разыҟаҵара хыркәшоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахысырҭатә дәқәа рҿы аснаиперцәа разыҟаҵара хыркәшахеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. 14.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-14T15:20+0300
2025-07-14T15:20+0300
2025-07-14T17:08+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102539/32/1025393281_0:79:1500:923_1920x0_80_0_0_9d6937251ffc00581cc28ca8a50a1467.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахысырҭатә дәқәа рҿы аснаиперцәа разыҟаҵара хыркәшахеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы аснаиперцәа аррадҵақәа хра рыманы рынагӡаразы разыҟаҵара хықәкыс измоу Аԥсны Арбџьармчқәа 2025 шықәсазтәи рырҵаратә уснагӡа аҳәаақәа ирҭагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.Зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьаҿы аибашьратә хымҩаԥгашьа ҿыцқәа аус рыдулара ахшыҩзышьҭра ҷыда аҭан. Аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы аицлабра мҩаԥган, уи аихшьаалақәа рыла иреиӷьу аснаиперцәа алкаан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102539/32/1025393281_82:0:1418:1002_1920x0_80_0_0_a1628ddc96c1feacef09ca565be6ef3d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахысырҭатә дәқәа рҿы аснаиперцәа разыҟаҵара хыркәшоуп
15:20 14.07.2025 (ирҿыцуп: 17:08 14.07.2025) АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахысырҭатә дәқәа рҿы аснаиперцәа разыҟаҵара хыркәшахеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы аснаиперцәа аррадҵақәа хра рыманы рынагӡаразы разыҟаҵара хықәкыс измоу Аԥсны Арбџьармчқәа 2025 шықәсазтәи рырҵаратә уснагӡа аҳәаақәа ирҭагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.
Зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьаҿы аибашьратә хымҩаԥгашьа ҿыцқәа аус рыдулара ахшыҩзышьҭра ҷыда аҭан.
Апрограмма иаҵанакуан атеориатәи апрактикатәи хәҭақәа. Аруаа иуадаҩу аҳауатә ҭагылазаашьаан, ахара абара анмаҷу, еиҭаҵуа ацәҟьарақәа реихсразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Иара убасгьы аус рыдыруылон аҽырҩашьара, маӡала аныҟәара, аҭыԥ аҿы аԥшыхәреи ахырхарҭеилкаареи рзы аԥышәа.
Аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы аицлабра мҩаԥган, уи аихшьаалақәа рыла иреиӷьу аснаиперцәа алкаан.