https://sputnik-abkhazia.info/20250715/1056024596.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
15.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-15T13:30+0300
2025-07-15T13:30+0300
2025-07-15T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0f/1056024464_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_abb4f8cbaca34e9b50c8dd254fe0954b.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Очамчыратәи ахәаахәҭратә мшынбаӷәазаҿы аинфраструктура аҿиара аҽа хәҭак хыркәшоуп.Тоннала аидара мҩангага дуқәа здызкыло амеханизациа ақәыргыларазы Мрагыларатәи асқьалаҿы 28 метра аҟынӡа зыҵаулара наӡо ашьаҟақәа зҵоу актәи аплатформа дыргылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара.2025 шықәса актәи аԥшьбара анҵәамҭазы, иара абри асқьалаҿы абаӷәазатә техника хьанҭақәа рыҟазааразы аҩбатәи аплатформа ақәыргылара хыркәшан, рашәарамзазы – асқьалаҿы ишьақәыргылан аибакапангатә автокран.
Аҟәатәи абаӷәаза азыҟаҵоуп Шәачантәи "Комета" адкылара. Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара асқьалаҿы аусурақәа хнаркәшеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс. Аӷба асқьала ианаадгылалак иԥымҿыртә аԥырҟьақәа шьақәыргылоуп, ақәчаԥақәа рҿыцуп, аныҟәаҩцәа ршәарҭадаразы иацҵан иҭыхкаауп. Шәачеи Аҟәеи рыбжьара раԥхьатәи аԥышәаратә ныҟәара азгәаҭоуп нанҳәамза 6 рзы.
Аԥсны акультура аминистрреи Урыстәыла астратегиатә ԥшьгамҭақәа рзы амаҵзуреи акреативтә економика аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит.Онлаин-еиԥылараан урыстәылатәи аган арегионқәа рҟны апроектқәа рынагӡараҿы ирымоу аԥышәа иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.Иара убасгьы акреативтә индустриа аусхк аҿы иҟоу жәларбжьаратәи аԥышәақәеи атрендқәеи ирылацәажәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан аԥышәа Аԥснытәи аҭагылазаашьақәа рханаршьара, акультуратә стартапқәа рыцхыраара.
Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҿы иаатит Grand Opera Gala VII-тәи афестиваль."Ахәылԥаз дуӡӡа мҩаԥысит, азал ҭәын, анапеинҟьарақәа рацәан. Ҳара ҩаԥхьа аконцертқәа рформат ахь ҳхынҳәит, избанзар Пицундатәи ауарӷан 50 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит", — иҳәеит афестиваль аиҿкааҩ, аоператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа.Асценаҿы иқәгылеит Зарина Абаева, Анна Иуркс, Борис Степанов, Саид Гобечиа, иара убас Ростовтәи академиатә симфониатә оркестри акамертә хор "ЛИК"-и рсолистцәа.Афестиваль мҩаԥысуеит ԥхынгәы 21 рҟынӡа. Зынӡа имҩаԥгахоит аконцертқәа ԥшьба, амузыкатә школ ацхырааразы агәыҳалалратә концертгьы налаҵаны.
Есымза 40-ҩык рҟынӡа аԥснытәи ашколхәыҷқәа "Сириус" имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәыртә еиԥш алшара роуеит.Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәларра рымдараразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа."Жәаҳәарада ари еихьӡара бзиоуп ҳшколҳәыҷқәа рзыҳәангьы, ҳарҵаҩцәа рзыҳәангьы. Избан акәзар, ас амҽхак змоу, ҵарадыррала иҳараку аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа ҳшколхәыҷқәа ралахәхара аԥышәеизырҳагоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Иҳәеит, мышқәак рыла "Сириус" ишаартхо абиологиеи афизикеи ахырхарҭақәа рыла апрограммақәа. Уаҟа 8-9-тәи аклассқәа рҵаҩцәа адаҟьаҿ рыҽҭагалан рхы аладырхәыр шрылшо.
Очамчыратәи ахәаахәҭратә мшынбаӷәазаҿы аинфраструктура аҿиара аҽа хәҭак хыркәшоуп.Тоннала аидара мҩангага дуқәа здызкыло амеханизациа ақәыргыларазы Мрагыларатәи асқьалаҿы 28 метра аҟынӡа зыҵаулара наӡо ашьаҟақәа зҵоу актәи аплатформа дыргылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара.2025 шықәса актәи аԥшьбара анҵәамҭазы, иара абри асқьалаҿы абаӷәазатә техника хьанҭақәа рыҟазааразы аҩбатәи аплатформа ақәыргылара хыркәшан, рашәарамзазы – асқьалаҿы ишьақәыргылан аибакапангатә автокран.Аҟәатәи абаӷәаза азыҟаҵоуп Шәачантәи "Комета" адкылара. Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара асқьалаҿы аусурақәа хнаркәшеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс. Аӷба асқьала ианаадгылалак иԥымҿыртә аԥырҟьақәа шьақәыргылоуп, ақәчаԥақәа рҿыцуп, аныҟәаҩцәа ршәарҭадаразы иацҵан иҭыхкаауп. Шәачеи Аҟәеи рыбжьара раԥхьатәи аԥышәаратә ныҟәара азгәаҭоуп нанҳәамза 6 рзы. Аԥсны акультура аминистрреи Урыстәыла астратегиатә ԥшьгамҭақәа рзы амаҵзуреи акреативтә економика аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит.Онлаин-еиԥылараан урыстәылатәи аган арегионқәа рҟны апроектқәа рынагӡараҿы ирымоу аԥышәа иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.Иара убасгьы акреативтә индустриа аусхк аҿы иҟоу жәларбжьаратәи аԥышәақәеи атрендқәеи ирылацәажәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан аԥышәа Аԥснытәи аҭагылазаашьақәа рханаршьара, акультуратә стартапқәа рыцхыраара.Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҿы иаатит Grand Opera Gala VII-тәи афестиваль."Ахәылԥаз дуӡӡа мҩаԥысит, азал ҭәын, анапеинҟьарақәа рацәан. Ҳара ҩаԥхьа аконцертқәа рформат ахь ҳхынҳәит, избанзар Пицундатәи ауарӷан 50 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит", — иҳәеит афестиваль аиҿкааҩ, аоператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа.Асценаҿы иқәгылеит Зарина Абаева, Анна Иуркс, Борис Степанов, Саид Гобечиа, иара убас Ростовтәи академиатә симфониатә оркестри акамертә хор "ЛИК"-и рсолистцәа.Афестиваль мҩаԥысуеит ԥхынгәы 21 рҟынӡа. Зынӡа имҩаԥгахоит аконцертқәа ԥшьба, амузыкатә школ ацхырааразы агәыҳалалратә концертгьы налаҵаны.Есымза 40-ҩык рҟынӡа аԥснытәи ашколхәыҷқәа "Сириус" имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәыртә еиԥш алшара роуеит.Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәларра рымдараразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа."Жәаҳәарада ари еихьӡара бзиоуп ҳшколҳәыҷқәа рзыҳәангьы, ҳарҵаҩцәа рзыҳәангьы. Избан акәзар, ас амҽхак змоу, ҵарадыррала иҳараку аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа ҳшколхәыҷқәа ралахәхара аԥышәеизырҳагоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Иҳәеит, мышқәак рыла "Сириус" ишаартхо абиологиеи афизикеи ахырхарҭақәа рыла апрограммақәа. Уаҟа 8-9-тәи аклассқәа рҵаҩцәа адаҟьаҿ рыҽҭагалан рхы аладырхәыр шрылшо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0f/1056024464_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_b4d08c4d78ec57cf52f8a58f620b7322.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио