https://sputnik-abkhazia.info/20250715/asny-astudentt-turizm-aprogramma-ialaleit-1056037664.html
Аԥсны "Астуденттә туризм" апрограмма иалалеит
Аԥсны "Астуденттә туризм" апрограмма иалалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 15 — Sputnik. Аԥсны "Астуденттә туризм" апрограмма иалалеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Аиҳабыра. 15.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-15T20:04+0300
2025-07-15T20:04+0300
2025-07-15T20:04+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0f/1056037239_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_5c32897a8f4ba03b699627c525e98ba6.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 15 — Sputnik. Аԥсны "Астуденттә туризм" апрограмма иалалеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Аиҳабыра. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо астудентцәеи, аспирантцәеи, аординаторцәа, аҵарауаа ҿарацәеи аныҟәарақәа рзы Аԥсны алырхыр рылшоит уи акультуреи, аԥсабареи, аҭҵаарадырратә еилазаареи аилкааразы.Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко ишазгәеиҭаз ала, ԥшьышықәса ирылагӡаны атәыла арегионқәа 85 рҟынтәи 260 университет ари апрограмма иалалеит. Ари апроект алахәылацәа Урыстәыла мацара акәымкәа, аҳәаанырцәгьы – Ермантәыла, Белоруссиа, Узбекистан, Киргизиа, Китаи аныҟәарақәа мҩаԥыргоит. Уажәы урҭ Аԥсны рыцлеит. ААУ ари апрограмма аҽалархәра жәларбжьаратәи аблогтә тур ала иалагеит, уи ареспублика апроект алахәхаразы актәи шьаҿаны иҟалеит. Астуденттә туризм апрограмма Урыстәыла ахада иаԥшьгарала иаԥҵоуп. Иара иалнаршоит 18 шықәса инаркны 35 шықәсанӡа зхыҵуа ауниверситетқәа рҵаҩцәа рныҟәарақәа, аиҩызаратә университетқәа рыҩнқәа рҿы рынхара аиҿкаара. Изҭаху арзаҳал алаиҵар илшоит студтуризм.рф аплатформаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/0f/1056037239_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_2a90c82f4a891357a10dbbf00887c21d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны "Астуденттә туризм" апрограмма иалалеит
АҞӘА, ԥхынгәы 15 —
Sputnik. Аԥсны "Астуденттә туризм" апрограмма иалалеит ҳәа
аанацҳауеит Урыстәылатәи Аиҳабыра.
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо астудентцәеи, аспирантцәеи, аординаторцәа, аҵарауаа ҿарацәеи аныҟәарақәа рзы Аԥсны алырхыр рылшоит уи акультуреи, аԥсабареи, аҭҵаарадырратә еилазаареи аилкааразы.
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко ишазгәеиҭаз ала, ԥшьышықәса ирылагӡаны атәыла арегионқәа 85 рҟынтәи 260 университет ари апрограмма иалалеит.
Ари апроект алахәылацәа Урыстәыла мацара акәымкәа, аҳәаанырцәгьы – Ермантәыла, Белоруссиа, Узбекистан, Киргизиа, Китаи аныҟәарақәа мҩаԥыргоит. Уажәы урҭ Аԥсны рыцлеит.
"Ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа атәылақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәоит, аҳәаанырцәтәи астудентцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара иацхраауеит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз анапынҵақәа рыла", — ҳәа азгәеиҭеит Чернышенко.
ААУ ари апрограмма аҽалархәра жәларбжьаратәи аблогтә тур ала иалагеит, уи ареспублика апроект алахәхаразы актәи шьаҿаны иҟалеит.
Астуденттә туризм апрограмма Урыстәыла ахада иаԥшьгарала иаԥҵоуп. Иара иалнаршоит 18 шықәса инаркны 35 шықәсанӡа зхыҵуа ауниверситетқәа рҵаҩцәа рныҟәарақәа, аиҩызаратә университетқәа рыҩнқәа рҿы рынхара аиҿкаара. Изҭаху арзаҳал алаиҵар илшоит
студтуризм.рф аплатформаҿы.