https://sputnik-abkhazia.info/20250716/1056067091.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
16.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-16T13:30+0300
2025-07-16T13:30+0300
2025-07-16T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/10/1056066959_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_9650a411d48b72675ccb0197816c7244.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы абџьар аныҟәгара ахылаԥшра рыӷәӷәоит. Иахьа инаркны, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵала, амилициа аусзуҩцәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы иӷәӷәоу агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит.Асааҭ 22:00 инаркны Ауаажәларратә шәарҭадареи ашьауӷаҭҵаареи рҟәша аусбарҭақәа рҿы изакәанымкәан абџьар ныҟәызго ауаа рыԥшаара иалагоит.Аусура ареспублика араионқәа зегьы рҿы ауаажәларратә шәарҭадара аиӷьтәра азы имҩаԥгахоит.
Атуристтә аамҭазы апассаџьырцәа рныҟәгара атема иалацәажәеит Аԥсны атуризм аминистрраҿы.Атранспорттә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа раԥшьгарала атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иԥылеит, дара актуалра злоу апроблемақәа жәпакы алыркааит.Урҭ рахь иаҵанакуеит — русура ахашәалахәы акыр иацәзырӡуа апассаџьырцәа рныҟәгаразы атарифқәа рылаҟәра, иара убасгьы анҭыҵынтәи аилахәыра дуқәа ареспубликахь ралалара иадҳәалоу ашәарақәа.Аминистрра иамоу азинмч аҳәаақәа ирҭагӡаны атуризм аусхкаҿы аус зуа ацхыраара рнаҭалоит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.
Аԥсны "Астудтуризм" апрограмма иалалеит. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо астудентцәеи, аспирантцәеи, аординаторцәа, аҵарауаа ҿарацәеи аныҟәарақәа рзы Аԥсны алырхыр рылшоит уи акультуреи, аԥсабареи, аҭҵаарадырратә еилазаареи аилкааразы ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Аиҳабыра "Ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа атәылақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәоит, аҳәаанырцәтәи астудентцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара иацхраауеит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз анапынҵақәа рыла", — ҳәа азгәеиҭеит Чернышенко.
Аԥсны "Аелектронтә школ" аԥҵахоит .Аԥсны аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳаи Армавиртәи арҵаҩратә университет аректор Евгени Нижники алацәажәеит аҵарадырратә система иҿыцу атехнологиақәа ралагалара.Иара еиҭеиҳәеит иреиӷьу арҵаҩцәа рҟынтәи аинтерактивтә ҵатәхәқәеи, алекциақәеи, аҩныҟатәи адҵақәеи рыла ишьақәгылоу аресурс "Урыстәылатәи аелектронтә школ" атәы, аԥснытәи арҵаҩцәа уи ралахәра аиҿкааразы ажәалагала ҟаиҵеит.Аиԥылараҿы иара убасгьы иалацәажәан ашколқәа рҿы аробототехника аклассқәа рырҭбаара, шәҩык ашколқәа рдиректорцәеи урҭ рхаҭыԥуааи ацентр "Машук" аҵарадырратә программақәа ралархәра.
Аԥсны Каратеномичи афедерациа акоманда "Аԥсны Open" аицлабраҟны актәи аҭыԥ ааннакылеит.Аицлабрақәа рхы рыладырхәит Донецки Лугански Жәлар р-Республикақәа, Севастополь, иара убас Аҟәа, Ԥақәашь, Кәтол ақыҭақәеи, сито-риу карате азы акомандеи рҟнытәи аспортсменцәа ӷәӷәақәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ЛЖәР акоманда, ахԥатәи — Севастопольнтәи аспортсменцәа.Ԥхынгәы 12 рзы Агәыӡера иаатит III-тәи жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥсны Open". Аицлабрақәа аолимпиатә система инақәыршәаны катаи кумитеи рыла имҩаԥысуан.
Аԥсны ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы абџьар аныҟәгара ахылаԥшра рыӷәӷәоит. Иахьа инаркны, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵала, амилициа аусзуҩцәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы иӷәӷәоу агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит.Асааҭ 22:00 инаркны Ауаажәларратә шәарҭадареи ашьауӷаҭҵаареи рҟәша аусбарҭақәа рҿы изакәанымкәан абџьар ныҟәызго ауаа рыԥшаара иалагоит.Аусура ареспублика араионқәа зегьы рҿы ауаажәларратә шәарҭадара аиӷьтәра азы имҩаԥгахоит. Атуристтә аамҭазы апассаџьырцәа рныҟәгара атема иалацәажәеит Аԥсны атуризм аминистрраҿы.Атранспорттә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа раԥшьгарала атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иԥылеит, дара актуалра злоу апроблемақәа жәпакы алыркааит.Урҭ рахь иаҵанакуеит — русура ахашәалахәы акыр иацәзырӡуа апассаџьырцәа рныҟәгаразы атарифқәа рылаҟәра, иара убасгьы анҭыҵынтәи аилахәыра дуқәа ареспубликахь ралалара иадҳәалоу ашәарақәа.Аминистрра иамоу азинмч аҳәаақәа ирҭагӡаны атуризм аусхкаҿы аус зуа ацхыраара рнаҭалоит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны. Аԥсны "Астудтуризм" апрограмма иалалеит. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо астудентцәеи, аспирантцәеи, аординаторцәа, аҵарауаа ҿарацәеи аныҟәарақәа рзы Аԥсны алырхыр рылшоит уи акультуреи, аԥсабареи, аҭҵаарадырратә еилазаареи аилкааразы ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Аиҳабыра "Ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа атәылақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәоит, аҳәаанырцәтәи астудентцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара иацхраауеит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз анапынҵақәа рыла", — ҳәа азгәеиҭеит Чернышенко. Аԥсны "Аелектронтә школ" аԥҵахоит .Аԥсны аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳаи Армавиртәи арҵаҩратә университет аректор Евгени Нижники алацәажәеит аҵарадырратә система иҿыцу атехнологиақәа ралагалара.Иара еиҭеиҳәеит иреиӷьу арҵаҩцәа рҟынтәи аинтерактивтә ҵатәхәқәеи, алекциақәеи, аҩныҟатәи адҵақәеи рыла ишьақәгылоу аресурс "Урыстәылатәи аелектронтә школ" атәы, аԥснытәи арҵаҩцәа уи ралахәра аиҿкааразы ажәалагала ҟаиҵеит.Аиԥылараҿы иара убасгьы иалацәажәан ашколқәа рҿы аробототехника аклассқәа рырҭбаара, шәҩык ашколқәа рдиректорцәеи урҭ рхаҭыԥуааи ацентр "Машук" аҵарадырратә программақәа ралархәра. Аԥсны Каратеномичи афедерациа акоманда "Аԥсны Open" аицлабраҟны актәи аҭыԥ ааннакылеит.Аицлабрақәа рхы рыладырхәит Донецки Лугански Жәлар р-Республикақәа, Севастополь, иара убас Аҟәа, Ԥақәашь, Кәтол ақыҭақәеи, сито-риу карате азы акомандеи рҟнытәи аспортсменцәа ӷәӷәақәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ЛЖәР акоманда, ахԥатәи — Севастопольнтәи аспортсменцәа.Ԥхынгәы 12 рзы Агәыӡера иаатит III-тәи жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥсны Open". Аицлабрақәа аолимпиатә система инақәыршәаны катаи кумитеи рыла имҩаԥысуан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/10/1056066959_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_342bb825297b5731f70f87e7425eaa7b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио