https://sputnik-abkhazia.info/20250718/1056137178.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
18.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-18T13:01+0300
2025-07-18T13:01+0300
2025-07-18T13:13+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/12/1056137046_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f41e0be863f2abcc2d69ce57f468ed44.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аминистрцәа реилазаара рԥылараан "Иеиҭарҿыцхо афымцамчхара ахыҵхырҭақәа рзы" азакәан апроект атәы далацәажәеит. Апроект аҳәынҭқарреи, иеиҭарҿыцхо афымцамчхара ахыҵхырҭақәа рҭыжьҩцәеи, реиқәыршәаҩцәеи, рхархәаҩцәеи рыбжьара азинтә, аиҿкааратә, аекономикатә еизыҟазаашьақәеи афинанстә шьаҭақәа рышьақәыргылареи рҳәаақәҵара хықәкыс иҟаҵаны аус адулоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аинвестициатә программа инақәыршәаны Тҟәарчал х-мҩак еиҭашьақәыргылахоит ашықәс нҵәаанӡа, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит араион ахада Исидор Дочиа."Ҳара ҳзы ихадоу мҩақәоуп Лакәаба, Шольгенов, Аиааира. Иҳаҩсыз ашықәс азы аусурақәа хҳаркәшар акәын, аха иаҳзалымҵит", — иҳәеит иара. Дочиа иажәақәа рыл, сынтәа х-километрак раҟара Аҟармара амҩаду аиҭашьақәыргылара азгәаҭоуп, иара убас Бедиа аныҳәарҭахь уназго амҩадугьы. Иара иазгәеиҭеит, Чачхалиеи Лабахәуеи рымҩадуқәа шеиҭашьақәаргылатәу, аха аусурақәа аналаршахо 2026 шықәсазы ауп.
Таиф Аџьба ихьӡ зху аԥхьахә аиуразы аицлабра рылаҳәоуп. Аԥхьахә ранаршьоит ахәыҷқәеи аҿари ирызку аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы акыр зҵазкуа цәырҵраны иҟалаз, ауаажәларра рҿы инарҭбааны азхаҵара зауз арҿиамҭақәа рзы ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра. Апоезиа, апроза, адрама ржанрқәа рыла 2022, 2023, 2024 шықәсқәа рзы икьыԥхьу асахьаркыратә рҿиамҭақәа аицлабра ралахәразы азин ыҟоуп. Арҿиамҭақәа аицлабрахь инаргар ауеит: аҵареи акультуреи русбарҭақәа, арҿиаратә еидгылақәа, агазеҭқәеи, ажурналқәеи, егьырҭ аиҿкаарақәеи рредакциақәа.
Аҟәа аӡсаразы Ареспубликатә еицлабра хацыркхеит. Аицлабрақәа иалахәуп Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи, иара убас Москвеи Краснодари рҟынтәи 70-ҩык инареиҳаны аӡсаҩцәа ҿарацәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. 7-17 шықәса зхыҵуа алахәылацәа 25, 50, 100, 200 метра рҟны еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла еицлабуеит: зых иақиҭу астиль, абӷақәиаратә, адаӷьырӡса, ахиалаӡсара, аидкылаӡсаратә. Ихадоуп 4х50 метра зых иақәиҭу астиль ала еилаԥсоу, аидкылаӡсаратә естафета амҩаԥгара. Аицлабра Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкуп.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аминистрцәа реилазаара рԥылараан "Иеиҭарҿыцхо афымцамчхара ахыҵхырҭақәа рзы" азакәан апроект атәы далацәажәеит. Апроект аҳәынҭқарреи, иеиҭарҿыцхо афымцамчхара ахыҵхырҭақәа рҭыжьҩцәеи, реиқәыршәаҩцәеи, рхархәаҩцәеи рыбжьара азинтә, аиҿкааратә, аекономикатә еизыҟазаашьақәеи афинанстә шьаҭақәа рышьақәыргылареи рҳәаақәҵара хықәкыс иҟаҵаны аус адулоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Аинвестициатә программа инақәыршәаны Тҟәарчал х-мҩак еиҭашьақәыргылахоит ашықәс нҵәаанӡа, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит араион ахада Исидор Дочиа."Ҳара ҳзы ихадоу мҩақәоуп Лакәаба, Шольгенов, Аиааира. Иҳаҩсыз ашықәс азы аусурақәа хҳаркәшар акәын, аха иаҳзалымҵит", — иҳәеит иара. Дочиа иажәақәа рыл, сынтәа х-километрак раҟара Аҟармара амҩаду аиҭашьақәыргылара азгәаҭоуп, иара убас Бедиа аныҳәарҭахь уназго амҩадугьы. Иара иазгәеиҭеит, Чачхалиеи Лабахәуеи рымҩадуқәа шеиҭашьақәаргылатәу, аха аусурақәа аналаршахо 2026 шықәсазы ауп.Таиф Аџьба ихьӡ зху аԥхьахә аиуразы аицлабра рылаҳәоуп. Аԥхьахә ранаршьоит ахәыҷқәеи аҿари ирызку аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы акыр зҵазкуа цәырҵраны иҟалаз, ауаажәларра рҿы инарҭбааны азхаҵара зауз арҿиамҭақәа рзы ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра. Апоезиа, апроза, адрама ржанрқәа рыла 2022, 2023, 2024 шықәсқәа рзы икьыԥхьу асахьаркыратә рҿиамҭақәа аицлабра ралахәразы азин ыҟоуп. Арҿиамҭақәа аицлабрахь инаргар ауеит: аҵареи акультуреи русбарҭақәа, арҿиаратә еидгылақәа, агазеҭқәеи, ажурналқәеи, егьырҭ аиҿкаарақәеи рредакциақәа.Аҟәа аӡсаразы Ареспубликатә еицлабра хацыркхеит. Аицлабрақәа иалахәуп Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи, иара убас Москвеи Краснодари рҟынтәи 70-ҩык инареиҳаны аӡсаҩцәа ҿарацәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. 7-17 шықәса зхыҵуа алахәылацәа 25, 50, 100, 200 метра рҟны еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла еицлабуеит: зых иақиҭу астиль, абӷақәиаратә, адаӷьырӡса, ахиалаӡсара, аидкылаӡсаратә. Ихадоуп 4х50 метра зых иақәиҭу астиль ала еилаԥсоу, аидкылаӡсаратә естафета амҩаԥгара. Аицлабра Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/12/1056137046_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_8751862e1bd29e866ad9a523e33761bf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио