https://sputnik-abkhazia.info/20250721/1056248666.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
21.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-21T13:30+0300
2025-07-21T13:30+0300
2025-07-21T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/15/1056248534_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_2b924c73c692718e43a690aac4822402.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак усутә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит. Аҳәааҟны иара еиԥылеит аԥыза-министр Владимир Делба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки Аҟәа ақалақь аҿы зыргылара иаҿу ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа гәарҭеит. Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, ахыбра аргыларазы, амедицинатә маругақәа уахь иналаҵаны ахарџьнҵа — 727 млн мааҭ артәоит. Аусурақәа 2026 шықәсазы ихыркәшахоит, уи аамҭеихшара иақәыршәаны имҩаԥысуеит. Ахыбра ашьаҭа ргылоуп, даҽа еихагылаки аҭуани рыргылароуп иаанханы иҟоу.
Ангиограф аусура иалагоит цәыббрамзазы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҵакыраҿы, абри атәы Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак изеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәуа. Урыстәыла Аԥсны акоронарографиазы амаругақәа раахәараҿы ацхыраара шанаҭо атәы иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Ангиограф агәы-да чымазарақәа рыхәшәтәраҿы ицхыраагӡа бзиоуп. Есышықәса уи 750-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра ирзыҟаҵатәуп, урҭ уи азы Урыстәылаҟа ацара рықәшәоит.
Ахәыҷқәа рзы ахәмарҭа ҭыԥ ҿыцқәа хәба дыргылеит Аҟәа. Ас еиԥш Аԥсны азы аҳамҭа ҟанаҵеит Краснодартәи атәылаҿацә. Ахәмарҭақәа зегь рыла еиқәыршәоуп — ауаргьалақәа, анацәа рзы аҟәардәқәа, ахәыҷқәа рзы ахәқәа, ахәыҷқәа ааха рмоурц азы иаакәыршаны аҵакыра хҟьоуп. Ахәмарҭа ҭыԥқәа ахархәаразы ирыҭахоит иаауа амчыбжь азы. Аргылара-нардадатә хеилак аиҳабы Александр Будни иажәақәа рыла, уи зыхҟьаз ахәыҷқәа рзы атәарҭақәа еиҳа ишәарҭам ала рыԥсахразы аӡбара ахьрыдыркылаз ауп.
Агәаҭаратә ҭыԥ "Адлер" аҿы закәаншьаҭада аҳәаа аҭаҭын ахызгоз амашьына аанкылан. Арныҟәцаҩ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа акцизтә дыргақәа зқәымыз 457 ҭоԥ аҭаҭын ахигарц иҽазишәеит. Аҵәахырҭа рыԥшааит амашьына абампер анеимырха ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура. Атауар рымхуп, амашьына аанкылоуп. Арныҟәцаҩ административтә зинеилагаразы ахара иқәырҵеит.
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак усутә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит. Аҳәааҟны иара еиԥылеит аԥыза-министр Владимир Делба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки Аҟәа ақалақь аҿы зыргылара иаҿу ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа гәарҭеит. Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, ахыбра аргыларазы, амедицинатә маругақәа уахь иналаҵаны ахарџьнҵа — 727 млн мааҭ артәоит. Аусурақәа 2026 шықәсазы ихыркәшахоит, уи аамҭеихшара иақәыршәаны имҩаԥысуеит. Ахыбра ашьаҭа ргылоуп, даҽа еихагылаки аҭуани рыргылароуп иаанханы иҟоу. Ангиограф аусура иалагоит цәыббрамзазы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҵакыраҿы, абри атәы Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак изеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәуа. Урыстәыла Аԥсны акоронарографиазы амаругақәа раахәараҿы ацхыраара шанаҭо атәы иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Ангиограф агәы-да чымазарақәа рыхәшәтәраҿы ицхыраагӡа бзиоуп. Есышықәса уи 750-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра ирзыҟаҵатәуп, урҭ уи азы Урыстәылаҟа ацара рықәшәоит. Ахәыҷқәа рзы ахәмарҭа ҭыԥ ҿыцқәа хәба дыргылеит Аҟәа. Ас еиԥш Аԥсны азы аҳамҭа ҟанаҵеит Краснодартәи атәылаҿацә. Ахәмарҭақәа зегь рыла еиқәыршәоуп — ауаргьалақәа, анацәа рзы аҟәардәқәа, ахәыҷқәа рзы ахәқәа, ахәыҷқәа ааха рмоурц азы иаакәыршаны аҵакыра хҟьоуп. Ахәмарҭа ҭыԥқәа ахархәаразы ирыҭахоит иаауа амчыбжь азы. Аргылара-нардадатә хеилак аиҳабы Александр Будни иажәақәа рыла, уи зыхҟьаз ахәыҷқәа рзы атәарҭақәа еиҳа ишәарҭам ала рыԥсахразы аӡбара ахьрыдыркылаз ауп. Агәаҭаратә ҭыԥ "Адлер" аҿы закәаншьаҭада аҳәаа аҭаҭын ахызгоз амашьына аанкылан. Арныҟәцаҩ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа акцизтә дыргақәа зқәымыз 457 ҭоԥ аҭаҭын ахигарц иҽазишәеит. Аҵәахырҭа рыԥшааит амашьына абампер анеимырха ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура. Атауар рымхуп, амашьына аанкылоуп. Арныҟәцаҩ административтә зинеилагаразы ахара иқәырҵеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/15/1056248534_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_6f2fc1ab5d52783167d6868c6ac4b0fe.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио