https://sputnik-abkhazia.info/20250722/1056288810.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
22.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-22T13:01+0300
2025-07-22T13:01+0300
2025-07-22T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/16/1056288678_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_9c7f4743fa231ee092627e4ce6507f3e.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны атуроператорцәа рзы зыхәқәа еиҳа имариахо атурқәа аҩыза-тәылақәа рсиа иаҵанакыр алшоит. Афедерациа Ахеилак ақәшаҳаҭхеит атуроператорцәа рзы афинансттә хьанҭара аларҟәразы азакәан, урҭ "агәыла ҩыза-тәылақәа" мацара аус рыцыруазар. Азҵаарақәа рҭак ҟазҵоз ргәаанагарала, асиаҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Аԥсни Белоруссиеи ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа. Асеиԥш атәылақәа рзы мацара атурқәа зҭиуа атуроператорцәа альготатә ҭагылазаашьақәа рыманы аус рулоит. Аиҭакрақәа амч роуеит 2025 шықәса цәыббра1 инаркны.
Амҩатә машәырқәа зыхҟьо — амашьына ирццакны аныҟәцареи, инеиуыжьу ацәаҳәа аихҵәарази ахараԥсақәа рышьҭыхразы апроект аус адулара ҳаҿуп иҳәеит Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба. Аҩӡба иазгәеиҭеит хара имгакәа аусура шхацыркхо апрограмма "Ишәарҭадоу ақалақь". Аԥхын аамҭазы амҩадуқәа рҟны ишьақәгыло аҭагылазаашьа аҳәынҭавтоинспекциа аҟынтәи иамоу ахылаԥшреи, аԥҟарақәа рықәныҟәареи урҭ реилагарақәеи ртәы инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
Пицунда иаатуеит актәи Жәларбжьаратәи агастрофестиваль. Иааидкыланы 45-ҩык алахәхоит, урҭ рҟнытә 10-ҩык инареиҳаны Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи иаауеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аиҿкааҩцәа руаӡәк, аицлабра "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира згаз Демид Ҳагба. Иара иазгәеиҭеит афестиваль асасцәа иаархәыр шрылшо анаплакҩцәа раалыҵ, иара убас хәыда-ԥсада аусмҩаԥгатәқәа рхы алархәра – аиҿкааҩцәа иазгәаҭан ирымоуп атематикатә хәылԥазқәа, аконцерт, аниматорцәа рықәгылара, асалиут.
Афон ҿыц, Гәдоуҭа, Аҟәа, иара убас Гәылрыԥшьтәи араион аспортзалқәа амаҭәахә ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп. Акциа мҩаԥигоит абокс азы IBA Адунеи ачемпион, абокс азы аспорт азҟаза Харитон Агрба, иара адгылара ииҭеит абокс азы Жәларбжьаратәи ассоциациа ахантәаҩы Умар Кремлиов. "Ҳаспорт ԥхьаҟа аҿиарамҩа ишану збоит. Уи алагьы ҳаспортсменцәа акала ацхыраара рыҭаразы агәаҳәара соуит, аиҳарак абоксиорцәа", — иҳәеит Агрба "Аԥсныпресс" аинтервиу анеиҭоз.
Аԥсны атуроператорцәа рзы зыхәқәа еиҳа имариахо атурқәа аҩыза-тәылақәа рсиа иаҵанакыр алшоит. Афедерациа Ахеилак ақәшаҳаҭхеит атуроператорцәа рзы афинансттә хьанҭара аларҟәразы азакәан, урҭ "агәыла ҩыза-тәылақәа" мацара аус рыцыруазар. Азҵаарақәа рҭак ҟазҵоз ргәаанагарала, асиаҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Аԥсни Белоруссиеи ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа. Асеиԥш атәылақәа рзы мацара атурқәа зҭиуа атуроператорцәа альготатә ҭагылазаашьақәа рыманы аус рулоит. Аиҭакрақәа амч роуеит 2025 шықәса цәыббра1 инаркны.Амҩатә машәырқәа зыхҟьо — амашьына ирццакны аныҟәцареи, инеиуыжьу ацәаҳәа аихҵәарази ахараԥсақәа рышьҭыхразы апроект аус адулара ҳаҿуп иҳәеит Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба. Аҩӡба иазгәеиҭеит хара имгакәа аусура шхацыркхо апрограмма "Ишәарҭадоу ақалақь". Аԥхын аамҭазы амҩадуқәа рҟны ишьақәгыло аҭагылазаашьа аҳәынҭавтоинспекциа аҟынтәи иамоу ахылаԥшреи, аԥҟарақәа рықәныҟәареи урҭ реилагарақәеи ртәы инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.Пицунда иаатуеит актәи Жәларбжьаратәи агастрофестиваль. Иааидкыланы 45-ҩык алахәхоит, урҭ рҟнытә 10-ҩык инареиҳаны Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи иаауеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аиҿкааҩцәа руаӡәк, аицлабра "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира згаз Демид Ҳагба. Иара иазгәеиҭеит афестиваль асасцәа иаархәыр шрылшо анаплакҩцәа раалыҵ, иара убас хәыда-ԥсада аусмҩаԥгатәқәа рхы алархәра – аиҿкааҩцәа иазгәаҭан ирымоуп атематикатә хәылԥазқәа, аконцерт, аниматорцәа рықәгылара, асалиут.Афон ҿыц, Гәдоуҭа, Аҟәа, иара убас Гәылрыԥшьтәи араион аспортзалқәа амаҭәахә ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп. Акциа мҩаԥигоит абокс азы IBA Адунеи ачемпион, абокс азы аспорт азҟаза Харитон Агрба, иара адгылара ииҭеит абокс азы Жәларбжьаратәи ассоциациа ахантәаҩы Умар Кремлиов. "Ҳаспорт ԥхьаҟа аҿиарамҩа ишану збоит. Уи алагьы ҳаспортсменцәа акала ацхыраара рыҭаразы агәаҳәара соуит, аиҳарак абоксиорцәа", — иҳәеит Агрба "Аԥсныпресс" аинтервиу анеиҭоз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/16/1056288678_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c0bbc48e7858ab6dff8d78d6272b8eb4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио