https://sputnik-abkhazia.info/20250723/1056321510.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
23.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-23T18:01+0300
2025-07-23T18:01+0300
2025-07-23T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/17/1056321378_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_2f2acd3f0fa972ff47a0191617e05bf7.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 15 шықәса ахыҵра инамаданы."Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа шьақәгылеит, урҭ шьаҭас ирымоуп аҳаҭырқәҵареи агәреибагареи", — аҳәоит атекст аҿы.Аминистр Олег Барцыц агәрагара ааирԥшит иахьазы иҟоу аԥышәа атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра арӷәӷәап ҳәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата аҿы имҩаԥысит Аҳәынҭқарратә бызшәеи аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, адоуҳатә ҭынха ахьчареи рыҿиареи Акомиссиа имҩаԥнагаз абызшәа аҿиара иазкны аилатәара. Аилатәарахь иааԥхьан Аҵара аминистр Хана Гәынбеи Жәлар Реизара адепутат Инар Саӡбеи.Зҵаараны иқәгылан аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхареи аҿиареи рпроблема, насгьы иреиҳауи абжьаратәи ҵарадырреи рпроблема уҳәа имаҷымкәа азҵаарақәа.
Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы акомиссиа аилатәараҿы иазгәаҭан аусбарҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахархәара шмаҷхаз.Акомиссиа ахантәаҩы Дона Малиаԥҳа иазгәалҭеит, аиҳабыреи Апарламенти реилатәарақәа урысшәала ишымҩаԥысуа. Ачынуаа аԥсышәала иқәгыло шамахамзар ишуԥымло. "Ҳбызшәа азҿлымҳара аҭахуп, избанзар амилаҭ ахдырра лызырҟәуа абызшәа амдырра ауп. Ахеиқәырхара ашәарҭара иҭанаргылоит, иҵнашәаауеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.Акомиссиа аҭагылазаашьа алҵразы ргәаанагарақәа рҳәеит:▫️ачынуаа рзы абызшәа адырра арӷәӷәара, ▫️аԥсуа хәыҷқәа иаԥсыуам ашколқәа рыдкылара аԥкра,▫️ахәыҷбаҳчақәа рҿы агәыԥқәа абызшәа рдыррала реихшара, ▫️ актәи акласс инаркны 4-тәи акласс аҟынӡа ашколтә программа аԥсахра,
Аҳәынҭқарратә бираҟ амш инамаданы иахьа Кәтол ақыҭан дыргәаладыршәеит Аԥсны абираҟ автор, асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа.Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аиҳабыра рхаҭарнакцәа, апарламент адепутатцәа, ашколхәыҷқәа, асахьаҭыхҩы иҭынхацәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы ишьақәдырӷәӷәеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы.
Аҟәа иаатит абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа. Амилаҭтә сахьатә галереиа ицәырнагеит ажьырныҳәамза 21 рзы амцабз иацәынхаз аԥснытәи, уаԥстәылатәи, урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 19. Асахьақәа еиқәырхахеит, аха урҭ уажәгьы амцеи алҩақи рышьҭақәа рнубаалоит. Акциа "Сахьак – ҭоурыхк" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аахыҵ Уаԥстәылатәи арежиссиор Тамерлан Ӡудцов агалереиа ҳамҭас иаиҭеит Нугзар Логәуеи Арутиниани рҭыхымҭақәа. "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Алхас Барзаниа Адгәыр Амԥар иусумҭа ҳамҭас иеиҭеит.Агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа ишазгәеиҭаз ала, аекспонатқәа уажәтәи рҭагылазаашьала акраамҭа рыҟазаара залшом, убри аҟнытә ацәыргақәҵа ԥхынгәымза анҵәамҭанӡа иаартызаауеит.
Ареспубликатә мҩаду иахьаҵанакуа ақыҭа Приморское азааигәара амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Анзор Базба. Амашьына аҵыргәатә ҭӡы иасит, ҩыџьа ауаа араионтә хәшәтәырҭахь инаргеит, дара рыԥсҭазаара шәарҭаӡам. Амашәыр зыхҟьаз еилыркаауеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 15 шықәса ахыҵра инамаданы."Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа шьақәгылеит, урҭ шьаҭас ирымоуп аҳаҭырқәҵареи агәреибагареи", — аҳәоит атекст аҿы.Аминистр Олег Барцыц агәрагара ааирԥшит иахьазы иҟоу аԥышәа атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра арӷәӷәап ҳәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата аҿы имҩаԥысит Аҳәынҭқарратә бызшәеи аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, адоуҳатә ҭынха ахьчареи рыҿиареи Акомиссиа имҩаԥнагаз абызшәа аҿиара иазкны аилатәара. Аилатәарахь иааԥхьан Аҵара аминистр Хана Гәынбеи Жәлар Реизара адепутат Инар Саӡбеи.Зҵаараны иқәгылан аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхареи аҿиареи рпроблема, насгьы иреиҳауи абжьаратәи ҵарадырреи рпроблема уҳәа имаҷымкәа азҵаарақәа. Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы акомиссиа аилатәараҿы иазгәаҭан аусбарҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахархәара шмаҷхаз.Акомиссиа ахантәаҩы Дона Малиаԥҳа иазгәалҭеит, аиҳабыреи Апарламенти реилатәарақәа урысшәала ишымҩаԥысуа. Ачынуаа аԥсышәала иқәгыло шамахамзар ишуԥымло. "Ҳбызшәа азҿлымҳара аҭахуп, избанзар амилаҭ ахдырра лызырҟәуа абызшәа амдырра ауп. Ахеиқәырхара ашәарҭара иҭанаргылоит, иҵнашәаауеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.Акомиссиа аҭагылазаашьа алҵразы ргәаанагарақәа рҳәеит:▫️ачынуаа рзы абызшәа адырра арӷәӷәара, ▫️аԥсуа хәыҷқәа иаԥсыуам ашколқәа рыдкылара аԥкра,▫️ахәыҷбаҳчақәа рҿы агәыԥқәа абызшәа рдыррала реихшара, ▫️ актәи акласс инаркны 4-тәи акласс аҟынӡа ашколтә программа аԥсахра, Аҳәынҭқарратә бираҟ амш инамаданы иахьа Кәтол ақыҭан дыргәаладыршәеит Аԥсны абираҟ автор, асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа.Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аиҳабыра рхаҭарнакцәа, апарламент адепутатцәа, ашколхәыҷқәа, асахьаҭыхҩы иҭынхацәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы ишьақәдырӷәӷәеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Аҟәа иаатит абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа. Амилаҭтә сахьатә галереиа ицәырнагеит ажьырныҳәамза 21 рзы амцабз иацәынхаз аԥснытәи, уаԥстәылатәи, урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 19. Асахьақәа еиқәырхахеит, аха урҭ уажәгьы амцеи алҩақи рышьҭақәа рнубаалоит. Акциа "Сахьак – ҭоурыхк" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аахыҵ Уаԥстәылатәи арежиссиор Тамерлан Ӡудцов агалереиа ҳамҭас иаиҭеит Нугзар Логәуеи Арутиниани рҭыхымҭақәа. "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Алхас Барзаниа Адгәыр Амԥар иусумҭа ҳамҭас иеиҭеит.Агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа ишазгәеиҭаз ала, аекспонатқәа уажәтәи рҭагылазаашьала акраамҭа рыҟазаара залшом, убри аҟнытә ацәыргақәҵа ԥхынгәымза анҵәамҭанӡа иаартызаауеит. Ареспубликатә мҩаду иахьаҵанакуа ақыҭа Приморское азааигәара амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Анзор Базба. Амашьына аҵыргәатә ҭӡы иасит, ҩыџьа ауаа араионтә хәшәтәырҭахь инаргеит, дара рыԥсҭазаара шәарҭаӡам. Амашәыр зыхҟьаз еилыркаауеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/17/1056321378_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0052884279180e909c072d40d6f141f8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио