https://sputnik-abkhazia.info/20250723/aa-iaatit-abylra-iatsynkhaz-asakhaa-rtsyrgaa-1056316251.html
Аҟәа иаатит абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа
Аҟәа иаатит абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аҟәа иаатит абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа. Амилаҭтә сахьатә галереиа ицәырнагеит ажьырныҳәамза 21 рзы амцабз иацәынхаз... 23.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-23T14:34+0300
2025-07-23T14:34+0300
2025-07-23T17:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/17/1056316983_8:0:1914:1072_1920x0_80_0_0_7b811681a1cb21855ebdbf01f74031ce.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аҟәа иаатит абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа. Амилаҭтә сахьатә галереиа ицәырнагеит ажьырныҳәамза 21 рзы амцабз иацәынхаз аԥснытәи, уаԥстәылатәи, урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 19. Асахьақәа еиқәырхахеит, аха урҭ уажәгьы амцеи алҩақи рышьҭақәа рнубаалоит.Акциа "Сахьак – ҭоурыхк" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аахыҵ Уаԥстәылатәи арежиссиор Тамерлан Ӡудцов агалереиа ҳамҭас иаиҭеит Нугзар Логәуеи Арутиниани рҭыхымҭақәа. "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Алхас Барзаниа Адгәыр Амԥар иусумҭа ҳамҭас иеиҭеит. Агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа ишазгәеиҭаз ала, аекспонатқәа уажәтәи рҭагылазаашьала акраамҭа рыҟазаара залшом, убри аҟнытә ацәыргақәҵа ԥхынгәымза анҵәамҭанӡа иаартызаауеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/17/1056316983_246:0:1675:1072_1920x0_80_0_0_ab2c886efb39d757f8f367ac398c8395.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Аҟәа иаатит абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа
14:34 23.07.2025 (ирҿыцуп: 17:02 23.07.2025) АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аҟәа иаатит абылра иацәынхаз асахьақәа рцәыргақәҵа. Амилаҭтә сахьатә галереиа ицәырнагеит ажьырныҳәамза 21 рзы амцабз иацәынхаз аԥснытәи, уаԥстәылатәи, урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 19.
Асахьақәа еиқәырхахеит, аха урҭ уажәгьы амцеи алҩақи рышьҭақәа рнубаалоит.
"Агалереиа аҿаԥхьа уажәы акыр зҵазкуа аус ықәгылоуп – аколлекциа ҿыц аизгара. Аколлекционерцәа ҳацхраар, ауаажәларра рхы аладырхәыр, усҟан, инагӡаны акәымзаргьы, афонд аиҭашьақәыргылара алыршахон", — лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада анапхгаҩы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Акциа "Сахьак – ҭоурыхк" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аахыҵ Уаԥстәылатәи арежиссиор Тамерлан Ӡудцов агалереиа ҳамҭас иаиҭеит Нугзар Логәуеи Арутиниани рҭыхымҭақәа. "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Алхас Барзаниа Адгәыр Амԥар иусумҭа ҳамҭас иеиҭеит.
Агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа ишазгәеиҭаз ала, аекспонатқәа уажәтәи рҭагылазаашьала акраамҭа рыҟазаара залшом, убри аҟнытә ацәыргақәҵа ԥхынгәымза анҵәамҭанӡа иаартызаауеит.