https://sputnik-abkhazia.info/20250725/1056420382.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
25.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-25T18:01+0300
2025-07-25T18:01+0300
2025-07-25T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/19/1056420250_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_801bf7f1d1a475f74fed08cc4d914ec0.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыраҿы азеиԥшкрыфарҭақәа жәпакы анормақәа еилаганы аус руеит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥсабарахьчараз апрокурор Денис Ҷанба. Акаҳуажәырҭақәак рҟны амаҵзурақәа асанитар-епидемиологиатә шәҟәы рымаӡамкәа имҩаԥыргоит иҳәеит иара. Асеиԥш аҭагылазаашьақәа Гагра араион аҿгьы аҭыԥ рымоуп, Ҷанба иажәақәа рыла, уи зыхҟьо асанитартәии аепидемиологиатәии маҵзурақәа рхылаԥшра ахьыԥсыҽу ауп.
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аусеилыргаратә ҟәша ҳазҭоу ашықәс иалагазар 12-ҩык аҳәаанырцәтәылауаа ашьауӷатә ҭакԥхықәра рыднаҵеит. Арратә прокурор Руслан Ҭарба иажәақәа рыла, зыӡбахә ҳәо аӡә иеиԥш гәыԥлагьы аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра афактқәа ирызку ашьауӷатә усқәа ԥшьба роуп. Агәҩара зызрымо зегьы аанкылоуп иҳәеит апрокуратура хадаҿы имҩаԥысыз аихшьаалатә еилатәараҿы.
Акриптовалиута арҳаразы амаругақәа акы-ҩба ахьықәгылоу аарԥшра еиҳа иуадаҩуп, амаининг-ферма дуқәа ахьыҟоу раасҭа ҳәа иҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Блабба, арадио Sputnik аинтервиу аҭо. Аԥхынразы, аӡын иаҿырԥшны афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара лаҟәуп ҳәа азгәеиҭеит иара."Ақәыӷәӷәара лаҟәуп, аха уи иаанагаӡом амаинингқәа ҿакны ирымаӡам ҳәа. Аҩнеихагылақәа уадак аҿы 10-12 кВт афымца ахархәаразы азин имоуп, амаинингқәа акы-ҩба рымчхара усҟак ыҟазар алшоит, ус анакәха иибло алашара ахә ишәозар ҟалоит. Ас еиԥш иззықәгылоу ауаҩы иԥшаара уадаҩуп, ма машәырк ҟаланы, ма агәыла абжьы иаҳаны иҳәар, абасала иӡбахә ҳмаҳауазар, ацәаҳәа ишахәҭоу еиԥшьуп, алашара ахә ишәоит, иаарԥшра уадаҩуп", — иҳәеит иара.
РУСДРАМ ахыбраҿы ишьақәыргылоуп ҳаамҭазтәи амцакра-ардыргабжьытә система.Ардыргабжьытә хархәагақәа ахыбра зегьы аҿы иқәыргылоуп, дара алҩа анырра шааиулакгьы адыргабжьы аусура иаланаргоит, анаҩс аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адыррақәа рышьҭуеит. Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, асистема аԥышәарақәа қәҿиарала имҩаԥысит.
Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыраҿы азеиԥшкрыфарҭақәа жәпакы анормақәа еилаганы аус руеит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥсабарахьчараз апрокурор Денис Ҷанба. Акаҳуажәырҭақәак рҟны амаҵзурақәа асанитар-епидемиологиатә шәҟәы рымаӡамкәа имҩаԥыргоит иҳәеит иара. Асеиԥш аҭагылазаашьақәа Гагра араион аҿгьы аҭыԥ рымоуп, Ҷанба иажәақәа рыла, уи зыхҟьо асанитартәии аепидемиологиатәии маҵзурақәа рхылаԥшра ахьыԥсыҽу ауп.Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аусеилыргаратә ҟәша ҳазҭоу ашықәс иалагазар 12-ҩык аҳәаанырцәтәылауаа ашьауӷатә ҭакԥхықәра рыднаҵеит. Арратә прокурор Руслан Ҭарба иажәақәа рыла, зыӡбахә ҳәо аӡә иеиԥш гәыԥлагьы аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра афактқәа ирызку ашьауӷатә усқәа ԥшьба роуп. Агәҩара зызрымо зегьы аанкылоуп иҳәеит апрокуратура хадаҿы имҩаԥысыз аихшьаалатә еилатәараҿы.Акриптовалиута арҳаразы амаругақәа акы-ҩба ахьықәгылоу аарԥшра еиҳа иуадаҩуп, амаининг-ферма дуқәа ахьыҟоу раасҭа ҳәа иҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Блабба, арадио Sputnik аинтервиу аҭо. Аԥхынразы, аӡын иаҿырԥшны афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара лаҟәуп ҳәа азгәеиҭеит иара."Ақәыӷәӷәара лаҟәуп, аха уи иаанагаӡом амаинингқәа ҿакны ирымаӡам ҳәа. Аҩнеихагылақәа уадак аҿы 10-12 кВт афымца ахархәаразы азин имоуп, амаинингқәа акы-ҩба рымчхара усҟак ыҟазар алшоит, ус анакәха иибло алашара ахә ишәозар ҟалоит. Ас еиԥш иззықәгылоу ауаҩы иԥшаара уадаҩуп, ма машәырк ҟаланы, ма агәыла абжьы иаҳаны иҳәар, абасала иӡбахә ҳмаҳауазар, ацәаҳәа ишахәҭоу еиԥшьуп, алашара ахә ишәоит, иаарԥшра уадаҩуп", — иҳәеит иара.РУСДРАМ ахыбраҿы ишьақәыргылоуп ҳаамҭазтәи амцакра-ардыргабжьытә система.Ардыргабжьытә хархәагақәа ахыбра зегьы аҿы иқәыргылоуп, дара алҩа анырра шааиулакгьы адыргабжьы аусура иаланаргоит, анаҩс аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адыррақәа рышьҭуеит. Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, асистема аԥышәарақәа қәҿиарала имҩаԥысит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/19/1056420250_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_8fea85ed2f4c206fb05554a206aac1f3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио