https://sputnik-abkhazia.info/20250728/yrtyla-amtsakraa-akhyou-urystylauaa-rysy-akhyrsho-akurort-raiona-irytsykharoup-1056478620.html
Ҭырқәтәыла амцакрақәа ахьыҟоу урыстәылауаа рыԥсы ахьыршьо акурорт раионқәа ирыцәыхароуп
Ҭырқәтәыла амцакрақәа ахьыҟоу урыстәылауаа рыԥсы ахьыршьо акурорт раионқәа ирыцәыхароуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Ҭырқәтәыла абнақәа рҿы амцакра ахьыҟоу аҭыԥқәа урыстәылауаа рыԥсы ахьыршьо акурорт раионқәа ирыцәыхараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит... 28.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-28T11:32+0300
2025-07-28T11:32+0300
2025-07-28T11:33+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/02/1032958756_0:4:2600:1467_1920x0_80_0_0_7f96a19733f97174e824d650e4e14299.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Ҭырқәтәыла абнақәа рҿы амцакра ахьыҟоу аҭыԥқәа урыстәылауаа рыԥсы ахьыршьо акурорт раионқәа ирыцәыхараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа (АТОР).NASA аспутникатә хсаалақәа адыррақәа рыла, Анталиеи Муглеи аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рҿы амцабз ахыҵхырҭақәа шмаҷу, насгьы урҭ ашьхақәа рҿы шакәу, амшын аԥшаҳәа иацәыхараны ишыҟоу.Атуроператорцәа иара убас адырра ҟарҵоит, урыстәылауаа рҟынтәи шшрак шыҟамлац, урҭ еснагь еиԥш рыԥсы шыршьо. Аԥсабареи ақалақьргылареи рминистр Мураҭ Курум уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы иҩит, абри амчыбжь азы апровинциақәа Анталиа, Билеџьик, Бурса, Карабиук, Сақариа, Ушак иахьрыҵаркуа 104 хыбра амцакрақәа ирыхҟьаны ааха роуит ҳәа. Амцакра зыхҟьаз ауаагьы ырбаандаҩуп.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/02/1032958756_319:0:2282:1472_1920x0_80_0_0_19888eea67da579c910095c3d7c3d536.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ҭырқәтәыла амцакрақәа ахьыҟоу урыстәылауаа рыԥсы ахьыршьо акурорт раионқәа ирыцәыхароуп
11:32 28.07.2025 (ирҿыцуп: 11:33 28.07.2025) АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Ҭырқәтәыла абнақәа рҿы амцакра ахьыҟоу аҭыԥқәа урыстәылауаа рыԥсы ахьыршьо акурорт раионқәа ирыцәыхараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа (АТОР).
Ахатәнхарҭақәа рзы ашәарҭара зҵоу аҭагылазаашьақәа ыҟоуп ақалақьқәа Бурса, Кахраманмараш, Карабиук рҿы. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыбжьара аԥсыҭбарақәа ыҟоуп, нхарҭа ҭыԥқәак рҟынтәи ауааԥсыра ықәыргеит, аха арҭ арегионқәа гәыԥ-гәыԥла атуристцәа рҭааӡом ҳәа азгәарҭеит Ассоциациаҿы.
NASA аспутникатә хсаалақәа адыррақәа рыла, Анталиеи Муглеи аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рҿы амцабз ахыҵхырҭақәа шмаҷу, насгьы урҭ ашьхақәа рҿы шакәу, амшын аԥшаҳәа иацәыхараны ишыҟоу.
Атуроператорцәа иара убас адырра ҟарҵоит, урыстәылауаа рҟынтәи шшрак шыҟамлац, урҭ еснагь еиԥш рыԥсы шыршьо.
Аԥсабареи ақалақьргылареи рминистр Мураҭ Курум уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы иҩит, абри амчыбжь азы апровинциақәа Анталиа, Билеџьик, Бурса, Карабиук, Сақариа, Ушак иахьрыҵаркуа 104 хыбра амцакрақәа ирыхҟьаны ааха роуит ҳәа. Амцакра зыхҟьаз ауаагьы ырбаандаҩуп.