https://sputnik-abkhazia.info/20250731/badra-gynba-didikyleit-asni-urystylei-zhlar-rartistka-khybla-gerzmaaa-1056571530.html
Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа
Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. 31.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-31T16:01+0300
2025-07-31T16:01+0300
2025-07-31T16:02+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1f/1056571674_7:0:1913:1072_1920x0_80_0_0_b86f3399af30bee6c8fe3af9b3b72ebe.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Урыстәылеи Аԥсни жәлар рартист Евгени Книазеви Урыстәыла жәлар рартист Денис Мацуеви. Хьыбла Гьерзмааԥҳа лакәзар, иазгәалҭеит атәыла ахадак иаҳасаб ала Арӡынба шиакәу раԥхьаӡа афестиваль амҩа азҭаз, лара аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа иалҳәеит акыр шықәсқәа рыҩнуҵҟа ареспублика анапхгара иҟанаҵо адгыларазы. Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аҟәатәи адраматә театр" ашҭаҿы ԥхынҷкәынмза 31 рзы аконцерт ала иаатуеит. Аопера аеҵәахә лыдагьы асценахь ицәырҵуеит Денис Мацуев, абаритон Игор Головатенко, Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестри уи адирижиор Антон Гришанини, Евгени Книазев ажәахә сахьарк ала дықәгылоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1f/1056571674_246:0:1675:1072_1920x0_80_0_0_6ca7e3f6d863b57273b41d80255c3159.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа
16:01 31.07.2025 (ирҿыцуп: 16:02 31.07.2025) АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Урыстәылеи Аԥсни жәлар рартист Евгени Книазеви Урыстәыла жәлар рартист Денис Мацуеви.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." сынтәа ишҷыдоу уи Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иахьашықәсу азы.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа лакәзар, иазгәалҭеит атәыла ахадак иаҳасаб ала Арӡынба шиакәу раԥхьаӡа афестиваль амҩа азҭаз, лара аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа иалҳәеит акыр шықәсқәа рыҩнуҵҟа ареспублика анапхгара иҟанаҵо адгыларазы.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аҟәатәи адраматә театр" ашҭаҿы ԥхынҷкәынмза 31 рзы аконцерт ала иаатуеит. Аопера аеҵәахә лыдагьы асценахь ицәырҵуеит Денис Мацуев, абаритон Игор Головатенко, Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестри уи адирижиор Антон Гришанини, Евгени Книазев ажәахә сахьарк ала дықәгылоит.