https://sputnik-abkhazia.info/20250731/gerzmaaai-kniazevi-brekhalovka-a-iakhashou-azaaigara-5-sakurak-eiarait-1056581430.html
Гьерзмааԥҳаи Книазеви "Брехаловка" ҳәа иахьашьҭоу азааигәара 5 сакурак еиҭарҳаит
Гьерзмааԥҳаи Книазеви "Брехаловка" ҳәа иахьашьҭоу азааигәара 5 сакурак еиҭарҳаит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы "Брехаловка" ҳәа изышьҭоу акаҳуажәырҭа азааигәара хә-сакура ҵлак цәырҵит. 31.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-31T19:50+0300
2025-07-31T19:50+0300
2025-07-31T20:21+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1f/1056578789_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_8067c3ef0333ed94a9db039782b88a27.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы "Брехаловка" ҳәа изышьҭоу акаҳуажәырҭа азааигәара хә-сакура ҵлак цәырҵит. Урҭ еиҭарҳаит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Евгени Книазеви афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аартра аламҭалазы. Ари ала 2022 шықәсазы излагаз атрадициа иацҵоуп. Усҟан аопера аеҵәахә Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа 8 сакура ҵла еиҭалҳаит. Хьыбла Гьерзмааԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны лымч азҭазҵо ҭыԥны ишыҟоу. Лара илҳәеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аиҿкаара дшалагаз лани лаби ргәалашәара иазкны. Сынтәа уи аартра ареспублика раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1f/1056578789_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_8b141be09c9defd129b7fea99bc90d0e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Гьерзмааԥҳаи Книазеви "Брехаловка" ҳәа иахьашьҭоу азааигәара 5 сакурак еиҭарҳаит
19:50 31.07.2025 (ирҿыцуп: 20:21 31.07.2025) АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы "Брехаловка" ҳәа изышьҭоу акаҳуажәырҭа азааигәара хә-сакура ҵлак цәырҵит.
Урҭ еиҭарҳаит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Евгени Книазеви афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аартра аламҭалазы. Ари ала 2022 шықәсазы излагаз атрадициа иацҵоуп. Усҟан аопера аеҵәахә Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа 8 сакура ҵла еиҭалҳаит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны лымч азҭазҵо ҭыԥны ишыҟоу. Лара илҳәеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аиҿкаара дшалагаз лани лаби ргәалашәара иазкны. Сынтәа уи аартра ареспублика раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкуп.
"Сара еснагь зегь реиҳа ихадоу аԥсуа иоуп ҳәа изысҳәон. Иналукааша ауаҩы, зеиԥшыҟам политик, Фазиль Искандер ишиҳәахьаз ала, даара ауаҩра злоу ауаҩы. Атәыла азы акыр ҟазҵаз ауаҩ ду",— ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.