https://sputnik-abkhazia.info/20250807/1056771343.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
07.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-07T18:01+0300
2025-08-07T18:01+0300
2025-08-07T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/07/1056771211_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_872fe49ad06a7bcf8dd18f849e6af242.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
*Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп ҳәа азылыԥхьаӡоит ацентр "Гарант" анапхгаҩы Марина Михаилова. Лара иазгәалҭеит, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа раԥхьаӡа акәны зхы алазырхәуа зегьы арзаҳалқәа рыҭараан ауадаҩрақәа ишрықәшәо. Убри аҟынтә, изҭаху рзы иҷыдоу аилацәажәарақәа аздырхиеит. Уаҟа дара ирзеиҭарҳәоит урыстәылатәи апроектқәа ртәы, алахәылацәа ирыцхраауеит аидеиақәа рыдкылараҿ, урҭ рынагӡара шырҭаху ашьақәыргылараҿы.
*Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аҭааит Ӡыгәта ақыҭан иҟоу аглемпинг. Акомплекс аҿы 50 ҩны гылоуп, иҟоуп SPA-ҭыԥ, аҽыкәабарҭа, аспорттә, ахәыҷтәы ҭыԥқәа, "зегьы зҵазкуа" акрыфарҭа. "Ҳара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҳҭоит аҩнуҵҟатәии аекологиатәи атуризм аҿиара. Ас еиԥш апроектқәа аԥсшьаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара иацхраауеит, аԥсшьаразы алшара ҿыцқәа аанартуеит, Аԥсны асасцәа еиҳагьы иаднаԥхьалоит", — иҳәеит Бадра Гәынба. Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит, ареспублика зегьы иахьаҵанакуа аглемпинги ақыҭанхамҩатә туризми рыҿиара аҵак ду шамоу.
*Путин, Трампи иареи реиԥыларазы иаҳа иманшәалоу ҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡоит Еиду Арабтәи Аемиратқәа. "Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаараҿы ацхыраара иазхиоу ҳҩызцәа рацәаҩуп. Урҭ дыруаӡәкуп Еиду Арабтәи Аемиратқәа рхада", — иҳәеит иара ажурналистцәа данрацәажәоз. Урыстәылатәи ахада иҳәеит Владимир Зеленскии иареи реиԥылара мап шацәимкуа, аха уи азы аҭагылазаашьақәа шаԥҵатәуп.
*"Аԥсны арҿиаҩцәа" – аҽа џьоукы рыԥсҭазаара аиӷьтәра зҭаху ауаа рзы еиҿкаау еицлаброуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада игрантқәа рфонд анагӡаратә директор Антон Долгов. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ирылшоит еиуеиԥшым акультуратә, аҵаратә, аҿартә проектқәа рынагӡара, ацхыраара зҭаху рыцхраареи ауаажәларратә ҭыԥқәа реиӷьтәреи ирыдҳәалоу ахшыҩҵакқәа рынагӡара.
*
*Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп ҳәа азылыԥхьаӡоит ацентр "Гарант" анапхгаҩы Марина Михаилова. Лара иазгәалҭеит, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа раԥхьаӡа акәны зхы алазырхәуа зегьы арзаҳалқәа рыҭараан ауадаҩрақәа ишрықәшәо. Убри аҟынтә, изҭаху рзы иҷыдоу аилацәажәарақәа аздырхиеит. Уаҟа дара ирзеиҭарҳәоит урыстәылатәи апроектқәа ртәы, алахәылацәа ирыцхраауеит аидеиақәа рыдкылараҿ, урҭ рынагӡара шырҭаху ашьақәыргылараҿы. *Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аҭааит Ӡыгәта ақыҭан иҟоу аглемпинг. Акомплекс аҿы 50 ҩны гылоуп, иҟоуп SPA-ҭыԥ, аҽыкәабарҭа, аспорттә, ахәыҷтәы ҭыԥқәа, "зегьы зҵазкуа" акрыфарҭа. "Ҳара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҳҭоит аҩнуҵҟатәии аекологиатәи атуризм аҿиара. Ас еиԥш апроектқәа аԥсшьаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара иацхраауеит, аԥсшьаразы алшара ҿыцқәа аанартуеит, Аԥсны асасцәа еиҳагьы иаднаԥхьалоит", — иҳәеит Бадра Гәынба. Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит, ареспублика зегьы иахьаҵанакуа аглемпинги ақыҭанхамҩатә туризми рыҿиара аҵак ду шамоу. *Путин, Трампи иареи реиԥыларазы иаҳа иманшәалоу ҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡоит Еиду Арабтәи Аемиратқәа. "Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаараҿы ацхыраара иазхиоу ҳҩызцәа рацәаҩуп. Урҭ дыруаӡәкуп Еиду Арабтәи Аемиратқәа рхада", — иҳәеит иара ажурналистцәа данрацәажәоз. Урыстәылатәи ахада иҳәеит Владимир Зеленскии иареи реиԥылара мап шацәимкуа, аха уи азы аҭагылазаашьақәа шаԥҵатәуп. *"Аԥсны арҿиаҩцәа" – аҽа џьоукы рыԥсҭазаара аиӷьтәра зҭаху ауаа рзы еиҿкаау еицлаброуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада игрантқәа рфонд анагӡаратә директор Антон Долгов. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ирылшоит еиуеиԥшым акультуратә, аҵаратә, аҿартә проектқәа рынагӡара, ацхыраара зҭаху рыцхраареи ауаажәларратә ҭыԥқәа реиӷьтәреи ирыдҳәалоу ахшыҩҵакқәа рынагӡара. *
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/07/1056771211_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_69fdb768be88b4404281408e7a52f076.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио