https://sputnik-abkhazia.info/20250807/asni-nikaraguei-auseitsurazy-azaaraa-irylatsazheit-1056773650.html
Аԥсни Никарагуеи аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит
Аԥсни Никарагуеи аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсни Никарагуеи рхаҭарнакцәа ахәаахәҭра, аекономика, афинанстә, IT-усхкқәа рганахь ала аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит ҳәа... 07.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-07T19:25+0300
2025-08-07T19:25+0300
2025-08-07T19:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/07/1056770616_0:93:1280:813_1920x0_80_0_0_ba558436793e2843c2190faedc782a58.jpg
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсни Никарагуеи рхаҭарнакцәа ахәаахәҭра, аекономика, афинанстә, IT-усхкқәа рганахь ала аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.Авидеоконференциа рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Олег Барцыци Вальдрак Џьентскеи, аминистрра аусзуҩцәа, Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, аҩ-ҳәынҭқаррак рбизнес-еилазаарақәа рхаҭарнакцәа. Аиԥылара еиҿкаан Никарагуатәи аган аԥшьгарала. Уаҟа ирылацәажәеит еицырзеиԥшу аинвестициатә проектқәеи апрограммақәеи, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара амеханизмқәеи. "Аиԥылара Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/07/1056770616_37:0:1244:905_1920x0_80_0_0_1f0615f08b291041b9222c39527771a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсни Никарагуеи аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит
19:25 07.08.2025 (ирҿыцуп: 19:41 07.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсни Никарагуеи рхаҭарнакцәа ахәаахәҭра, аекономика, афинанстә, IT-усхкқәа рганахь ала аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит ҳәа
аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Авидеоконференциа рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Олег Барцыци Вальдрак Џьентскеи, аминистрра аусзуҩцәа, Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, аҩ-ҳәынҭқаррак рбизнес-еилазаарақәа рхаҭарнакцәа.
Аиԥылара еиҿкаан Никарагуатәи аган аԥшьгарала. Уаҟа ирылацәажәеит еицырзеиԥшу аинвестициатә проектқәеи апрограммақәеи, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара амеханизмқәеи.
"Аиԥылара Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.