https://sputnik-abkhazia.info/20250813/1056883144.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
13.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-13T18:01+0300
2025-08-13T18:01+0300
2025-08-13T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/0d/1056883012_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_681d7748d91ea67c77ffa4486ef4d8b1.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Руслан Ҭырқьба Гәдоуҭа араион апрокурорс даҭоуп.Абри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба ҳәа адырра ҟанаҵоит аусбарҭа апресс-маҵзура.
17-ҩык закәаншьаҭада Аԥсны иҟаз амигрантцәа аарԥшуп.Аԥсны азинмчратәи амиграциатәи маҵзурақәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АфШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭеи русзуҩцәа ареидтә гәаҭарақәа мҩаԥыргеит 70-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи атәылауаа рыбжьара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ.Азакәан еилазго рганахьала ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит.
Иӡааҟәрылаз амкьаҭӷба "Волгонефть-212" зтәызи арныҟәараз изгази 50 миллиард мааҭ рҟынӡа аԥара дыршәоуп.Аӡбарҭа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иӡааҟәрылаз аӷба иахҟьаны Амшын еиқәаҿы аҭыԥ змаз аекологиатә аахазы Росприроднадзор азыҳәа нанагӡеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости .Ԥхынҷкәынмза 15 рзы Кьерчтәи аӡыбжьахалаҿы 9,2 нызқь тонна рҟынӡа амазут зҭаз ҩ-мкьаҭӷбак ӡааҟәрылеит .Атранспорт аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, 2,4 нызқь тонна рҟынӡа анефҭаалыҵқәа амшын иалаҭәеит.
Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы Аԥснынтәи закәандарала арыжәтә аиагаразы аҽазышәара аԥырҟәҟәаан.Шәачатәи Афедералтә ҳазалхратә маҵзура аусзуҩцәа ҩ-автомашьынак —Џьили GEELY Хавеили HAVAL рҿы аҳазалхратә декларациа зцым 69 ԥаҭлыка аԥсуа ҩи акониаки рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Аалыҵқәеи амашьынақәеи аанкылоуп. Административтә усқәа хацыркуп.2025 шықәса алагамҭа инаркны азакәан иаҿагыланы арыжәтә алагаларазы аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" 194 ус хацнаркит, 900 рҟынӡа литра аалыҵ ыиазгоз ауаа ирымхуп.
Заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә акциа "Насыԥ зцу Цәыббрамза 1" сынтәагьы имҩаԥгахоит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ашкол азы ирҭаху аканцелиариа рзыршоит иҳәеит агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аҿы.Ацхыраара ҟарҵар рылшоит изҭаху зегьы. Абжьааԥны 400-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ацхыраара рырҭоит.Акциазы инарҭбаау аинформациа шәаҳар шәылшоит Аԥсны асаит аҿы.
Урыстәылеи Аԥсни жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа жьҭаара 15 рзы Аԥсны дықәгылоит.Аконцерт "Бзиа узбоит, аԥсҭазаара" афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Иара адирижиор Владимир Спиваков иҷыдоу иаранжировка ала иазирхиаз аибашьра аамҭақәа раантәи ашәақәа рыла ишьақәгылоуп, Аиааира ду 80 шықәса ахыҵра иазкуп ҳәа лҳәеит аоператә шәаҳәаҩы, ателеканал "Абаза" аинтервиу аҭо."Арҭ ашәақәа анысҳәо, амаестро дҵәыуоит", — ҳәа азгәалҭеит Гьерзмааԥҳа.
Руслан Ҭырқьба Гәдоуҭа араион апрокурорс даҭоуп.Абри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба ҳәа адырра ҟанаҵоит аусбарҭа апресс-маҵзура.17-ҩык закәаншьаҭада Аԥсны иҟаз амигрантцәа аарԥшуп.Аԥсны азинмчратәи амиграциатәи маҵзурақәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АфШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭеи русзуҩцәа ареидтә гәаҭарақәа мҩаԥыргеит 70-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи атәылауаа рыбжьара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ.Азакәан еилазго рганахьала ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит.Иӡааҟәрылаз амкьаҭӷба "Волгонефть-212" зтәызи арныҟәараз изгази 50 миллиард мааҭ рҟынӡа аԥара дыршәоуп.Аӡбарҭа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иӡааҟәрылаз аӷба иахҟьаны Амшын еиқәаҿы аҭыԥ змаз аекологиатә аахазы Росприроднадзор азыҳәа нанагӡеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости .Ԥхынҷкәынмза 15 рзы Кьерчтәи аӡыбжьахалаҿы 9,2 нызқь тонна рҟынӡа амазут зҭаз ҩ-мкьаҭӷбак ӡааҟәрылеит .Атранспорт аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, 2,4 нызқь тонна рҟынӡа анефҭаалыҵқәа амшын иалаҭәеит.Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы Аԥснынтәи закәандарала арыжәтә аиагаразы аҽазышәара аԥырҟәҟәаан.Шәачатәи Афедералтә ҳазалхратә маҵзура аусзуҩцәа ҩ-автомашьынак —Џьили GEELY Хавеили HAVAL рҿы аҳазалхратә декларациа зцым 69 ԥаҭлыка аԥсуа ҩи акониаки рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Аалыҵқәеи амашьынақәеи аанкылоуп. Административтә усқәа хацыркуп.2025 шықәса алагамҭа инаркны азакәан иаҿагыланы арыжәтә алагаларазы аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" 194 ус хацнаркит, 900 рҟынӡа литра аалыҵ ыиазгоз ауаа ирымхуп.Заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә акциа "Насыԥ зцу Цәыббрамза 1" сынтәагьы имҩаԥгахоит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ашкол азы ирҭаху аканцелиариа рзыршоит иҳәеит агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аҿы.Ацхыраара ҟарҵар рылшоит изҭаху зегьы. Абжьааԥны 400-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ацхыраара рырҭоит.Акциазы инарҭбаау аинформациа шәаҳар шәылшоит Аԥсны асаит аҿы.Урыстәылеи Аԥсни жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа жьҭаара 15 рзы Аԥсны дықәгылоит.Аконцерт "Бзиа узбоит, аԥсҭазаара" афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Иара адирижиор Владимир Спиваков иҷыдоу иаранжировка ала иазирхиаз аибашьра аамҭақәа раантәи ашәақәа рыла ишьақәгылоуп, Аиааира ду 80 шықәса ахыҵра иазкуп ҳәа лҳәеит аоператә шәаҳәаҩы, ателеканал "Абаза" аинтервиу аҭо."Арҭ ашәақәа анысҳәо, амаестро дҵәыуоит", — ҳәа азгәалҭеит Гьерзмааԥҳа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/0d/1056883012_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_08fb698cac53878c1f8aa621e49b86ce.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио