https://sputnik-abkhazia.info/20250817/amedialiga-aaaa-iragany-ashapylampylt-klub-asny-aazyaara-manageit-1056965158.html
Амедиалига аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" аҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит
Амедиалига аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" аҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Амедиалига аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" москватәи акоманда "Чертанови" реицыхәмарра аламҭалазы Аԥснытәи... 17.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-17T18:00+0300
2025-08-17T18:00+0300
2025-08-30T21:26+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аспорт
ашьапылампылтә медиалига
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101561/04/1015610402_0:632:6017:4016_1920x0_80_0_0_fdb09fcc4cf49275b3ae7d032279ea10.jpg
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Амедиалига аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" москватәи акоманда "Чертанови" реицыхәмарра аламҭалазы Аԥснытәи ашьапылампыласцәа раԥхьатәи аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашьапылампыл афедерациа ахада Шабаҭ Логәуа. Логәуа иажәақәа рыла, "Чертаново" — аԥышәа змоу ахәмарҩцәа рыла ишьақәгылоуп. Уажәаԥхь аԥсуа спортсменцәеи дареи еицымхәмарӡацт, аха акоманда еицырдыруеит, ҵыԥх ари аклуб азы дыхәмаруан Аԥснытәи ашьапылампыласҩы Руслан Шьониа. Ашьапылампыл афедерациа ахада иазгәеиҭеит, имҩаԥысраны иҟоу ахәмарраҿы "Аԥсны" алшара бзиақәа шамоу, избанзар аԥсуа спортсменцәа рыхәмаршьеи рхымҩаԥгашьеи "маӡоуп".
https://sputnik-abkhazia.info/20250816/amedialiga-akhraa-2025-agarazy-aturnir-khatsyrkkhoit-nanamza-29-inarkny-1056953511.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101561/04/1015610402_186:0:5541:4016_1920x0_80_0_0_511784e54659255fa4d2c625149745b3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аспорт, ашьапылампылтә медиалига
аԥсны, ажәабжьқәа, аспорт, ашьапылампылтә медиалига
Амедиалига аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" аҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит
18:00 17.08.2025 (ирҿыцуп: 21:26 30.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Амедиалига аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" москватәи акоманда "Чертанови" реицыхәмарра аламҭалазы Аԥснытәи ашьапылампыласцәа раԥхьатәи аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашьапылампыл афедерациа ахада Шабаҭ Логәуа.
"Раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥгахоит нанҳәамза 30 рзы, аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагахьеит. Акоманда зегьы нагӡаны ихарҭәааӡам, уаҵәы ахәмарҩцәа аараны иҟоуп. Аспортсменцәа ргәалаҟазаара бзиоуп", — иҳәеит иара.
Логәуа иажәақәа рыла, "Чертаново" — аԥышәа змоу ахәмарҩцәа рыла ишьақәгылоуп. Уажәаԥхь аԥсуа спортсменцәеи дареи еицымхәмарӡацт, аха акоманда еицырдыруеит, ҵыԥх ари аклуб азы дыхәмаруан Аԥснытәи ашьапылампыласҩы Руслан Шьониа.
Ашьапылампыл афедерациа ахада иазгәеиҭеит, имҩаԥысраны иҟоу ахәмарраҿы "Аԥсны" алшара бзиақәа шамоу, избанзар аԥсуа спортсменцәа рыхәмаршьеи рхымҩаԥгашьеи "маӡоуп".