https://sputnik-abkhazia.info/20250819/1056999926.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
19.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-19T13:01+0300
2025-08-19T13:01+0300
2025-08-19T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/13/1056999794_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_07e5e96f6f957d715e749a9dd9b2dac1.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба ианашьоуп амедал "Ахьӡ аԥсҭазаара аҵкыс иҳаракуп". Аҳамҭа аҳәынҭқарра ахада ианеишьеит Ҟабарда-Балкариа Аԥснытәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла ахантәаҩы Сергеи Иахогоев ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Амедал ранаршьоит аԥсуа жәлар рҿаԥхьа иҷыдоу алшамҭақәеи, иара убас Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рыжәларқәа рҭоурыхтә еимадареи риашьареи азгәаҭаны.
Аԥсны иаԥҵоуп "Иаку асоциалтә шәахтә азы" азакәан аус адуларазы аусуратә гәыԥ.Абри азы адҵа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Бадра Гәынба ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Агәыԥ напхгара аиҭот Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, уи аилазаараҿы иҟоуп аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭеи, Аминистрцәа реилазаареи, Жәлар Реизара-Апарламенти, апрофильтә министррақәа рхаҭарнакцәеи, афондқәа рнапхгаҩцәеи.Аҳәынҭқарра ахада анапынҵа ҟаиҵеит 2025 шықәса абҵарамза 3-нӡа азакәанԥҵара аиӷьтәразы ажәалагалақәа рыдгалара.
Гагра Араионтә хәшәтәырҭа хада амаруга ҿыцла аиқәыршәара азҵаара иалацәажәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба урыстәылатәи иколлегацәеи иареи.Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи апрофильтә медицинатә центрқәеи рҟынтәи аспециалистцәа Аԥсны иаҭаауеит, ахәшәтәырҭа хада гәарҭоит.Иазгәаҭоуп, маруга ҿыцла ахәшәтәырҭа аиқәыршәара шхымԥадатәиу, ареспублика ауааԥсыреи акурорт аамҭазы ақалақь иаҭаауа асасцәеи рзы зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭаразы.
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Санкт-Петербургҟа амҩа иқәуп"Ауниверситеттә сменақәа" апрограммала.14-17 шықәса зхыҵуа 39-ҩык аҵаҩцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнатехникатә университет иаҭаауеит, уаҟа дара еилыркаауеит аҵаратә программа шцо, арҵаҩцәеи астудентцәеи рыԥсҭазаара."Ауниверситет аӡәыр дазҿлымҳахар, аԥхьаҟа уи дҭалар илшоит", — ҳәа иҳәеит Тҟәарчал араион аҵарадырра аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даниил Какәылиа.Аныҟәара нанҳәа 30 рҟынӡа имҩаԥысуеит.
Афестиваль "Амандарина" Аԥсны имҩаԥгахоит ажьырныҳәамза 2026 шықәсазы.Хәымштәи аусмҩаԥгатә ареспублика ақалақьқәа жәпакы рҿы имҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра. Аусбарҭаҿы апрограмма ӡырган.Асасцәа ирзыԥшуп агастрономиатә цәыргақәҵақәеи, агьамабареи, акультуратә-музыкатә қәгыларақәеи, аҟазара- классқәеи, аинтерактивтә платформақәеи, аекскурсиақәеи, атуристтә хырхарҭақәеи.Асоциалтә-культуратә проектқәа рыҿиара ацентр "Аҵла" анапхгаҩы, афестиваль аиҿкааҩ Светлана Габуниаԥҳа лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатә акыр зҵазкуа акультуратә брендны иҟалоит, ареспублика шықәсык иалагӡаны атуристтә ҭыԥ аҳасабала аимиџь арӷәӷәоит.
Бадра Гәынба ианашьоуп амедал "Ахьӡ аԥсҭазаара аҵкыс иҳаракуп". Аҳамҭа аҳәынҭқарра ахада ианеишьеит Ҟабарда-Балкариа Аԥснытәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла ахантәаҩы Сергеи Иахогоев ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Амедал ранаршьоит аԥсуа жәлар рҿаԥхьа иҷыдоу алшамҭақәеи, иара убас Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рыжәларқәа рҭоурыхтә еимадареи риашьареи азгәаҭаны. Аԥсны иаԥҵоуп "Иаку асоциалтә шәахтә азы" азакәан аус адуларазы аусуратә гәыԥ.Абри азы адҵа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Бадра Гәынба ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Агәыԥ напхгара аиҭот Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, уи аилазаараҿы иҟоуп аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭеи, Аминистрцәа реилазаареи, Жәлар Реизара-Апарламенти, апрофильтә министррақәа рхаҭарнакцәеи, афондқәа рнапхгаҩцәеи.Аҳәынҭқарра ахада анапынҵа ҟаиҵеит 2025 шықәса абҵарамза 3-нӡа азакәанԥҵара аиӷьтәразы ажәалагалақәа рыдгалара. Гагра Араионтә хәшәтәырҭа хада амаруга ҿыцла аиқәыршәара азҵаара иалацәажәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба урыстәылатәи иколлегацәеи иареи.Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи апрофильтә медицинатә центрқәеи рҟынтәи аспециалистцәа Аԥсны иаҭаауеит, ахәшәтәырҭа хада гәарҭоит.Иазгәаҭоуп, маруга ҿыцла ахәшәтәырҭа аиқәыршәара шхымԥадатәиу, ареспублика ауааԥсыреи акурорт аамҭазы ақалақь иаҭаауа асасцәеи рзы зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭаразы. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Санкт-Петербургҟа амҩа иқәуп"Ауниверситеттә сменақәа" апрограммала.14-17 шықәса зхыҵуа 39-ҩык аҵаҩцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнатехникатә университет иаҭаауеит, уаҟа дара еилыркаауеит аҵаратә программа шцо, арҵаҩцәеи астудентцәеи рыԥсҭазаара."Ауниверситет аӡәыр дазҿлымҳахар, аԥхьаҟа уи дҭалар илшоит", — ҳәа иҳәеит Тҟәарчал араион аҵарадырра аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даниил Какәылиа.Аныҟәара нанҳәа 30 рҟынӡа имҩаԥысуеит. Афестиваль "Амандарина" Аԥсны имҩаԥгахоит ажьырныҳәамза 2026 шықәсазы.Хәымштәи аусмҩаԥгатә ареспублика ақалақьқәа жәпакы рҿы имҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра. Аусбарҭаҿы апрограмма ӡырган.Асасцәа ирзыԥшуп агастрономиатә цәыргақәҵақәеи, агьамабареи, акультуратә-музыкатә қәгыларақәеи, аҟазара- классқәеи, аинтерактивтә платформақәеи, аекскурсиақәеи, атуристтә хырхарҭақәеи.Асоциалтә-культуратә проектқәа рыҿиара ацентр "Аҵла" анапхгаҩы, афестиваль аиҿкааҩ Светлана Габуниаԥҳа лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатә акыр зҵазкуа акультуратә брендны иҟалоит, ареспублика шықәсык иалагӡаны атуристтә ҭыԥ аҳасабала аимиџь арӷәӷәоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/13/1056999794_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9a55a1255dadd82d11a8aa776e8f0bba.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио