https://sputnik-abkhazia.info/20250820/1057016244.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
20.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-20T13:30+0300
2025-08-20T13:30+0300
2025-08-20T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/14/1057016112_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_30187e11d42f924162bccc7140a2a34d.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Очамчыра араион аҿы аҳаир хыхьчаратә гәыԥ алархәны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.Ҽынлеи уахынлеи ахысрақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20-21 рзы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Бриансктәи аобласт аҿы украинатәи адиверсантцәа ааныркылеит.Агәыԥ алахәылацәа Украина, Литва, Естониа, Норвегиа иҟоу мраҭашәаратәи аԥшыхәратә маҵзурақәа алархәны разыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Урҭ атранспорттә обиектқәа рҿы атерактқәа рымҩаԥгара ргәы иҭан. Хҩык адиверсантцәа ҭадырхеит, даҽа хҩык ааныркылеит. Ирымхуп аурысшәақьқәа, 16 кьыла атҟәацга маҭәашьарқәа, агранатақәеи апатронақәеи, Украина Аԥшыхәратә усбарҭа хада анапхгареи дареи реимадаразы арадиостанциа.Иаанкылоу Белгородтәи аобласт аҿы аихамҩа абомба аҵаҵареи егьырҭ атерактқәеи рымҩаԥгара ишалахәыз рҳәеит.Ашьаус аартуп. Агәызҩара ззыҟоу ауаа ырбаандаҩуп.
Анхаҩгьы аҳәынҭқаррагьы ҳрызхәыцуазар, игәылымхӡакәан иҟоу араса Қырҭтәылаҟа ашьҭра аанкылатәуп, афеида абра иаанхароуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Абесалом Кәарҷиа."Афеида, абра иаанхараны иҟоу, аԥара, абра ауаа ироураны иҟоу, уахь атәым ҳәынҭқарра ироуеит, аусуратә ҭыԥқәа арҿиоит. Ҳара иҳахьи, ахшыҩ ҳамаӡами, аԥышәа ҳамаӡами, абра иаҳзеиҿымкаауа ҳаҟоума?! Ари хьымӡӷуп", — иҳәеит иара арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.Кәарҷиа иазгәеиҭеит ари аҩыза азҵаара ахьықәгылоу еиҳарак Гал араион аҿы шакәу
Аҟәа ақалақь аҿы акриптовалиута арҳага аппаратқәа жәба рымырхит.Уаҩ дызхымыз ахыбраҿы Олег Штыков аферма еиҿкааны иман ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Аппаратқәа афымцаҳа иаҿаԥшьын.Штыков ихаҭа иҳәеит аппаратқәа Гагра идырым аӡәы ишимихәҳаз, уи аҳазалхратә декларациа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәа имамызт.Амаругақәа ықәыргеит. Административтә зинеилагаразы аус аартуп
Алиса Гыцԥҳа арт-кластер "Таврида" аҿы аҟазаратә-класс мҩаԥылгеит.Уи рхы аладырхәит акластер аекспертцәа иалырхыз быжьҩык ауаа." Аԥсыԥ лагаҩагара, авокалтә позициа, анагӡаратә стилистика, арҿиамҭа аинтерпретациа ала аус рыдырулеит иалрыԥшааз быжьҩык ҳәа азгәалҭеит Гыцԥҳа.
Аԥсны нанҳәамза аҵыхәтәантәи амчыбжь, аусуратә мзар иалшәеит уҳәар ауеит.Ареспублика ауааԥсыра хәымш рҟынӡа аԥсшьарамшқәа роуеит!Нанҳәа 26 рзы Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш азгәарҭоит, нанҳәамза 28 рзы Нанҳәа азгәарҭоит, уи аиашахаҵаратә динхаҵаратә ныҳәа Иԥшьоу Мариа лылацәеиқәыԥсара иақәшәоит. Нанҳәамза 29 ԥсшьарамшны инацҵаны ирылаҳәоуп
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Очамчыра араион аҿы аҳаир хыхьчаратә гәыԥ алархәны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.Ҽынлеи уахынлеи ахысрақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20-21 рзы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Бриансктәи аобласт аҿы украинатәи адиверсантцәа ааныркылеит.Агәыԥ алахәылацәа Украина, Литва, Естониа, Норвегиа иҟоу мраҭашәаратәи аԥшыхәратә маҵзурақәа алархәны разыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Урҭ атранспорттә обиектқәа рҿы атерактқәа рымҩаԥгара ргәы иҭан. Хҩык адиверсантцәа ҭадырхеит, даҽа хҩык ааныркылеит. Ирымхуп аурысшәақьқәа, 16 кьыла атҟәацга маҭәашьарқәа, агранатақәеи апатронақәеи, Украина Аԥшыхәратә усбарҭа хада анапхгареи дареи реимадаразы арадиостанциа.Иаанкылоу Белгородтәи аобласт аҿы аихамҩа абомба аҵаҵареи егьырҭ атерактқәеи рымҩаԥгара ишалахәыз рҳәеит.Ашьаус аартуп. Агәызҩара ззыҟоу ауаа ырбаандаҩуп. Анхаҩгьы аҳәынҭқаррагьы ҳрызхәыцуазар, игәылымхӡакәан иҟоу араса Қырҭтәылаҟа ашьҭра аанкылатәуп, афеида абра иаанхароуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Абесалом Кәарҷиа."Афеида, абра иаанхараны иҟоу, аԥара, абра ауаа ироураны иҟоу, уахь атәым ҳәынҭқарра ироуеит, аусуратә ҭыԥқәа арҿиоит. Ҳара иҳахьи, ахшыҩ ҳамаӡами, аԥышәа ҳамаӡами, абра иаҳзеиҿымкаауа ҳаҟоума?! Ари хьымӡӷуп", — иҳәеит иара арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.Кәарҷиа иазгәеиҭеит ари аҩыза азҵаара ахьықәгылоу еиҳарак Гал араион аҿы шакәу Аҟәа ақалақь аҿы акриптовалиута арҳага аппаратқәа жәба рымырхит.Уаҩ дызхымыз ахыбраҿы Олег Штыков аферма еиҿкааны иман ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Аппаратқәа афымцаҳа иаҿаԥшьын.Штыков ихаҭа иҳәеит аппаратқәа Гагра идырым аӡәы ишимихәҳаз, уи аҳазалхратә декларациа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәа имамызт.Амаругақәа ықәыргеит. Административтә зинеилагаразы аус аартуп Алиса Гыцԥҳа арт-кластер "Таврида" аҿы аҟазаратә-класс мҩаԥылгеит.Уи рхы аладырхәит акластер аекспертцәа иалырхыз быжьҩык ауаа." Аԥсыԥ лагаҩагара, авокалтә позициа, анагӡаратә стилистика, арҿиамҭа аинтерпретациа ала аус рыдырулеит иалрыԥшааз быжьҩык ҳәа азгәалҭеит Гыцԥҳа. Аԥсны нанҳәамза аҵыхәтәантәи амчыбжь, аусуратә мзар иалшәеит уҳәар ауеит.Ареспублика ауааԥсыра хәымш рҟынӡа аԥсшьарамшқәа роуеит!Нанҳәа 26 рзы Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш азгәарҭоит, нанҳәамза 28 рзы Нанҳәа азгәарҭоит, уи аиашахаҵаратә динхаҵаратә ныҳәа Иԥшьоу Мариа лылацәеиқәыԥсара иақәшәоит. Нанҳәамза 29 ԥсшьарамшны инацҵаны ирылаҳәоуп
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/14/1057016112_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_14349a79c4157608e0344748a69fbd43.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио