00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны абылтәы азымхараз шәарҭара ыҟаӡам, аха убри аан ареспубликахь аагаразы апроблемақәа ыҟоуп, ҳәа Sputnik иазеиҭаиҳәоит абылтәеилахәыра «Аԥсны-Оил» адиректор хада Олег Лакоба.Иара иҳәеит аимпорт шаанкылам, аха уи алогистикатә проблемақәа шаныруа. Акурорттә аамҭахҵәаан аихамҩа аидара ду иаҵоуп, апассаџьыртә дәыӷбақәа рацәаны аладаҟа ицоит, урҭ аныҟәараан аԥыжәара рымоуп." Лакоба иазгәеиҭеит, алогистика иадҳәалоу апроблема атуристцәа рхыԥхьаӡара аиҵахарала цәыббрамза раԥхьатәи азыбжазы иӡбахоит ҳәа.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба дырԥылеит жәларбжьаратәи алагер "Ахьышьҭрахь" алахәылацәа.Алагер ареспубликаҿы есышықәса еиҿыркаауеит, аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа рхәыҷқәеи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рхәыҷқәеи рзы." Атәыла ахада иазгәеиҭеит, ареспубликеи адиаспорақәеи рҿар реимадара атрадициа бзиақәеи аизыҟазаашьа бзиақәеи реиқәырхареи рзы аҵак ду шрымоу."Ари ҳаиашьаратә жәларқәеи, Нхыҵ-Кавкази, аладатәи Урыстәыла ареспубликақәеи рыжәларқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазырхоу хықәкылатәи аҳәынҭқарратә политикоуп", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аидеиақәа рылаҳәареи урҭ рынагӡареи рзы илшара бзиоуп ҳәа иазиԥхьаӡоит ауаажәларратә активист, ареспублика ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла Дмитри Габелиа.Иара аицлабра иазирхиеит ареспублика иазку аҵарадырратә, арккаратә, абызшәатә материалқәа раԥҵара иадҳәалоу апроект "Аԥсны ҭҵаауа".Урҭ Аԥсны аҩныҵҟа ахархәаҩцәа рзеиԥш, егьырҭ атәылақәа рҿы инхо ауааԥсырагьы онлаин рхы иадырхәартә иҟалоит, иҳәеит Дмитри Габелиа.
Жәларбжьаратәи ашьҭазаара зманы Аԥсны иааныркылаз Ҭырқәтәыла атәылауаа Урыстәылаҟа ирырҭеит .Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура излаанацҳауа ала, Салдыз Метин, Гиурен Сельчук, Демироз Угур ацәгьоуратә гәыԥ иалахәын, ихьанҭоуи еиҳа ихьанҭоуи ацәгьоурақәа ҟарҵеит ҳәа агәҩара ыҟоуп.Аӡбарҭа аӡбрала, урҭ ашьауӷа рықәҵаны Аԥсны аҵакыра иалырцеит, жәларбжьаратәи аусеицура алшарала урыстәылатәи аган иарҭеит.
Аҟәа ақалақь аҿы арыжәтә ыжәны иҟаз амашьынарныҟәцаҩ ашьаҟауаҩ дисит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.Иара иажәақәа рыла, амашәыр ҟалеит нанҳәамза 19 ауха Коӷониа имҩаҿы."Амашьына амҩа ианыҵны зҭаацәа зыцны инеиуаз ахаҵа исит. Уи ишьапы ԥҵәаны ахәышәтәырҭахь днаргеит", — иҳәеит Базба.Аус аматериал аусҭҵааратә усбарҭақәа рахь идәықәҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0