https://sputnik-abkhazia.info/20250820/abyltyeilakhyra-anapkhgay-abyltazy-aagylazaasha-akhaa-aieit-1057029351.html
Абылтәыеилахәыра анапхгаҩы абылтәазы аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит
Абылтәыеилахәыра анапхгаҩы абылтәазы аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны абылтәы азымхараз шәарҭара ыҟаӡам, аха убри аан ареспубликахь аагаразы асезонтә проблемақәа ыҟоуп ҳәа Sputnik акорреспондент... 20.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-20T18:40+0300
2025-08-20T18:40+0300
2025-08-20T22:56+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/19/1037787234_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_efa91c8d9430930bfd4ee5e102f3dc79.jpg
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны абылтәы азымхараз шәарҭара ыҟаӡам, аха убри аан ареспубликахь аагаразы асезонтә проблемақәа ыҟоуп ҳәа Sputnik акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит абылтәеилахәыра "Аԥсны-Оил" адиректор хада Олег Лакоба. Иара иҳәеит аимпорт шаанкылам, аха уи алогистикатә проблемақәа шаныруа. Акурорттә аамҭаан аихамҩа аидара ду иаҵоуп, апассаџьыртә дәыӷбақәа рацәаны аладаҟа ицоит, урҭ аныҟәараан аԥыжәара рымоуп. Ари апроблема амашьынаныҟәцаҩцәа рыбжьара аилаҩеиласра цәырнагеит, абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы агәаранқәа шьақәгылеит. Аха абылтәеилахәыра анапхгаҩы агәҭынчра аадырԥшырц абжьгара ҟаиҵеит. "Ари аҭагылазаашьа есышықәсагьы иҟоуп, ԥхынгәы-нанҳәа амзақәа рзы атуристцәа рацәаҩны рхатә машьынақәа рыла иаауеит. Урҭ зегьы ҳбылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ҭарҭәоит, уи агәаранқәа шьақәнаргылоит, аҭахрақәагьы цәырнагоит. Аха атәылаҿы аҵәахырҭа дуқәа ахьыҟоу инадҳәаланы аԥхынраамҭа еиԥҟьарада ҳҭысуеит. Уи иаанаго акризис ыҟам ауп", — иҳәеит иара. Абылтәыҭаҭәарҭақәа "Роснефть-Абхазия", "Подорожник" рҿы иахьантәарак агәаранқәа ыҟан. Ахархәаҩцәа адырра ҟарҵон аилахәыра "АЗиД" абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы шоурмышьҭуаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/19/1037787234_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_b6a314be131fbd2656feaede08a4b981.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны абылтәы азымхараз шәарҭара ыҟаӡам, аха убри аан ареспубликахь аагаразы асезонтә проблемақәа ыҟоуп ҳәа Sputnik акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит абылтәеилахәыра "Аԥсны-Оил" адиректор хада Олег Лакоба.
Иара иҳәеит аимпорт шаанкылам, аха уи алогистикатә проблемақәа шаныруа. Акурорттә аамҭаан аихамҩа аидара ду иаҵоуп, апассаџьыртә дәыӷбақәа рацәаны аладаҟа ицоит, урҭ аныҟәараан аԥыжәара рымоуп.
"Абылтәы мҩанызго адәыӷбақәа ракәзар, еимҟьарак аныҟоу аамҭазы идәықәырҵоит, убри азы аџьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы, Аԥсны аимпорт азызуа зегьы рзы алогистика маҷк иуадаҩхеит. Аха ареспубликаҿы абылтәы ыҟам, акризис ҟалеит ҳәа аҳәара иашам", — иҳәеит Лакоба.
Ари апроблема амашьынаныҟәцаҩцәа рыбжьара аилаҩеиласра цәырнагеит, абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы агәаранқәа шьақәгылеит. Аха абылтәеилахәыра анапхгаҩы агәҭынчра аадырԥшырц абжьгара ҟаиҵеит.
"Ари аҭагылазаашьа есышықәсагьы иҟоуп, ԥхынгәы-нанҳәа амзақәа рзы атуристцәа рацәаҩны рхатә машьынақәа рыла иаауеит. Урҭ зегьы ҳбылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ҭарҭәоит, уи агәаранқәа шьақәнаргылоит, аҭахрақәагьы цәырнагоит. Аха атәылаҿы аҵәахырҭа дуқәа ахьыҟоу инадҳәаланы аԥхынраамҭа еиԥҟьарада ҳҭысуеит. Уи иаанаго акризис ыҟам ауп", — иҳәеит иара.
Абылтәыҭаҭәарҭақәа "Роснефть-Абхазия", "Подорожник" рҿы иахьантәарак агәаранқәа ыҟан. Ахархәаҩцәа адырра ҟарҵон аилахәыра "АЗиД" абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы шоурмышьҭуаз.