https://sputnik-abkhazia.info/20250822/1057081430.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
22.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-22T18:01+0300
2025-08-22T18:01+0300
2025-08-22T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/16/1057081298_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a2997e177ab641949cc9f6085f58a1f9.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҳәаанырцәтәи атәылауаа жәҩык Аԥсны иалцахоит, атәылаҿы аҟазаара аԥҟаррақәа ахьеиларгаз азы. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Гагра араион аҿы амилициа аусзуҩцәеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Амиграциатә маҵзуреи еицырзеиԥшу агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, 90-ҩык атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инаргеит рхаҭара ашьақәыргылареи рышәҟәқәа ргәаҭареи рзы.
Адокументалтә фотоҭыхҩы Сергеи Вениавски ифотоцәыргақәҵа "Мариуполь 2022-2025" аатит Аҟәа, Москва Аҩны аҟны. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп хышықәса зыбжьаны иҭыху афотосахьақәа. Урҭ иаадырԥшуеит 2022 шықәсазы Мариуполь зеиԥшрази, нас иахьа уи шеиҭашьақәдыргылои. "2022 шықәсазы Мариуполь ишьҭырхыз Урыстәыла абираҟ ақалақьи атәыла арегион ҿыцқәеи анацист-бандератә гыгшәыгқәа рҟынтәи рхақәиҭтәреи реиҭаҿиареи ирсимволны иҟалеит", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Амаининг аҿагылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхынгәымза 17 инаркны Аҟәа 450 хыбра гәарҭеит. Аҳабла ҿыци, Ажәытә ҳаблеи, Алашарбагеи рҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа ирылахәын амуниципалтә усбарҭақәа, Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа, Аенеретика аҭира, Аҳәынҭсстандарт, аҳҭнықалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша, апрокуратура рҟынтәи аҟазацәа.
Гагра афымцамч абонентцәеи афымцаԥхьаӡагақәеи ашәҟәы иҭаргалеит. Аенергиа аҭиразы Гагратәи аҟәша агәаҭаҩ Адамыр Ҭаркьыл иажәақәа рыла, аусзуҩцәа аԥхьаӡамҭа ҿыцқәа шьақәдыргылоит, нас урҭ адыррақәа "Амшынеиқәафымцамч" иаку абазахь иҭаргалоит.
Аҳәаанырцәтәи атәылауаа жәҩык Аԥсны иалцахоит, атәылаҿы аҟазаара аԥҟаррақәа ахьеиларгаз азы. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Гагра араион аҿы амилициа аусзуҩцәеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Амиграциатә маҵзуреи еицырзеиԥшу агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, 90-ҩык атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инаргеит рхаҭара ашьақәыргылареи рышәҟәқәа ргәаҭареи рзы. Адокументалтә фотоҭыхҩы Сергеи Вениавски ифотоцәыргақәҵа "Мариуполь 2022-2025" аатит Аҟәа, Москва Аҩны аҟны. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп хышықәса зыбжьаны иҭыху афотосахьақәа. Урҭ иаадырԥшуеит 2022 шықәсазы Мариуполь зеиԥшрази, нас иахьа уи шеиҭашьақәдыргылои. "2022 шықәсазы Мариуполь ишьҭырхыз Урыстәыла абираҟ ақалақьи атәыла арегион ҿыцқәеи анацист-бандератә гыгшәыгқәа рҟынтәи рхақәиҭтәреи реиҭаҿиареи ирсимволны иҟалеит", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Амаининг аҿагылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхынгәымза 17 инаркны Аҟәа 450 хыбра гәарҭеит. Аҳабла ҿыци, Ажәытә ҳаблеи, Алашарбагеи рҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа ирылахәын амуниципалтә усбарҭақәа, Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа, Аенеретика аҭира, Аҳәынҭсстандарт, аҳҭнықалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша, апрокуратура рҟынтәи аҟазацәа. Гагра афымцамч абонентцәеи афымцаԥхьаӡагақәеи ашәҟәы иҭаргалеит. Аенергиа аҭиразы Гагратәи аҟәша агәаҭаҩ Адамыр Ҭаркьыл иажәақәа рыла, аусзуҩцәа аԥхьаӡамҭа ҿыцқәа шьақәдыргылоит, нас урҭ адыррақәа "Амшынеиқәафымцамч" иаку абазахь иҭаргалоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/16/1057081298_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_b36511dbce4cc93a17a3df483c195525.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио