https://sputnik-abkhazia.info/20250822/aa-voronov-imala-any-akhyb-asakhra-ialageit--1057075531.html
Аҟәа Воронов имҩала аҩны ахыб аԥсахра иалагеит
Аҟәа Воронов имҩала аҩны ахыб аԥсахра иалагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аҟәа Воронов имҩаҿ игылоу ауадарацәа змоу аҩны №73 ахыб аԥсахразы аусурақәа хацдыркит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара... 22.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-22T14:22+0300
2025-08-22T14:22+0300
2025-08-22T14:22+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102091/49/1020914982_0:133:1280:853_1920x0_80_0_0_cdad443d07a87b162325d8d70411533b.jpg
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аҟәа Воронов имҩаҿ игылоу ауадарацәа змоу аҩны №73 ахыб аԥсахразы аусурақәа хацдыркит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура. Ауасҭацәа аҩны ахыб ахыхра иалагеит. Аусурақәа зегьы рымҽхак 500 метрԥшьыркца ҟалоит, апроект хәыԥса 2,65 миллион мааҭ ыҟоуп. Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иажәақәа рыла, арҽеиратә усурақәа ҩымчыбжь рыла рхыркәшара азгәаҭоуп. Хара имгакәа иара убас усурақәа ирылагоит Ажәанба имҩа ала игылоу аҩны №22, Ешба имҩаҿы иҟоу аҩнқәа ҩбеи рхыбқәа рыԥсахра. Аусурақәа мҩаԥысуеит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, ауааԥсыра рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҳәарақәа рҭакс.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102091/49/1020914982_29:0:1166:853_1920x0_80_0_0_2316a8630278c2dc3adf091df213683a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҟәа Воронов имҩала аҩны ахыб аԥсахра иалагеит
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аҟәа Воронов имҩаҿ игылоу ауадарацәа змоу аҩны №73 ахыб аԥсахразы аусурақәа хацдыркит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Ауасҭацәа аҩны ахыб ахыхра иалагеит. Аусурақәа зегьы рымҽхак 500 метрԥшьыркца ҟалоит, апроект хәыԥса 2,65 миллион мааҭ ыҟоуп.
Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иажәақәа рыла, арҽеиратә усурақәа ҩымчыбжь рыла рхыркәшара азгәаҭоуп.
Хара имгакәа иара убас усурақәа ирылагоит Ажәанба имҩа ала игылоу аҩны №22, Ешба имҩаҿы иҟоу аҩнқәа ҩбеи рхыбқәа рыԥсахра.
Аусурақәа мҩаԥысуеит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, ауааԥсыра рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҳәарақәа рҭакс.