https://sputnik-abkhazia.info/20250822/aaanyrtsti-atylauaa-zhyk-asny-ialtsakhoit-atylay-aazaara-aaraa-akheilargaz-azy-1057080546.html
Аҳәаанырцәтәи атәылауаа жәҩык Аԥсны иалцахоит, атәылаҿы аҟазаара аԥҟарақәа ахьеиларгаз азы
Аҳәаанырцәтәи атәылауаа жәҩык Аԥсны иалцахоит, атәылаҿы аҟазаара аԥҟарақәа ахьеиларгаз азы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аҳәаанырцәтәи атәылауаа жәҩык Аԥсны иалцахоит, атәылаҿы аҟазаара аԥҟарақәа ахьеиларгаз азы. 22.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-22T17:57+0300
2025-08-22T17:57+0300
2025-08-22T17:57+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/0f/1030539816_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_6e1a9f55ddc867d0b1f770d02adf5f00.jpg
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аҳәаанырцәтәи атәылауаа жәҩык Аԥсны иалцахоит, атәылаҿы аҟазаара аԥҟарақәа ахьеиларгаз азы.Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Гагра араион аҿы амилициа аусзуҩцәеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Амиграциатә маҵзуреи еицырзеиԥшу агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, 90-ҩык атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инаргеит рхаҭара ашьақәыргылареи рышәҟәқәа ргәаҭареи рзы. Агәаҭара иалҵшәаны, амиграциатә закәанԥҵара аилагаразы административтә ԥкаанҵақәа 32 еиқәыршәан. Быжьҩык аҳәаанырцәуаа аҭакԥхықәра рыдҵан рџьатә усура зинда амҩаԥгаразы, аҽа быжьҩык закәаншьҭада апассаџьырцәа рныҟәгаразы. Урҭ рмашьынақәа ахараԥсаргыларахь инагоуп. Аусбарҭаҿы инаҵшьны иазгәарҭеит ас еиԥш агәаҭарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥгалахо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/0f/1030539816_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_670bb358d4528bd49b1f3de41d1d2de3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аҳәаанырцәтәи атәылауаа жәҩык Аԥсны иалцахоит, атәылаҿы аҟазаара аԥҟарақәа ахьеиларгаз азы
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аҳәаанырцәтәи атәылауаа жәҩык Аԥсны иалцахоит, атәылаҿы аҟазаара аԥҟарақәа ахьеиларгаз азы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Гагра араион аҿы амилициа аусзуҩцәеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Амиграциатә маҵзуреи еицырзеиԥшу агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, 90-ҩык атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инаргеит рхаҭара ашьақәыргылареи рышәҟәқәа ргәаҭареи рзы.
Агәаҭара иалҵшәаны, амиграциатә закәанԥҵара аилагаразы административтә ԥкаанҵақәа 32 еиқәыршәан. Быжьҩык аҳәаанырцәуаа аҭакԥхықәра рыдҵан рџьатә усура зинда амҩаԥгаразы, аҽа быжьҩык закәаншьҭада апассаџьырцәа рныҟәгаразы. Урҭ рмашьынақәа ахараԥсаргыларахь инагоуп.
Аусбарҭаҿы инаҵшьны иазгәарҭеит ас еиԥш агәаҭарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥгалахо.