https://sputnik-abkhazia.info/20250822/asny-aturizm-aministrra-aturistt-eilakhyra-turist-aususha-ganaeit-1057082469.html
Аԥсны атуризм аминистрра атуристтә еилахәыра "Турист" аусушьа гәанаҭеит
Аԥсны атуризм аминистрра атуристтә еилахәыра "Турист" аусушьа гәанаҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра атуристтә еилахәыра "Турист" аусушьа гәанаҭеит. 22.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-22T18:31+0300
2025-08-22T18:31+0300
2025-08-22T18:31+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/16/1057081058_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_2c31d97cd43f3b02323441d5666e036e.jpg
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра атуристтә еилахәыра "Турист" аусушьа гәанаҭеит.Амаҵзуратә ҭҵаара шьаҭас иаман анаплакы автотранспорттә база амашьынаныҟәцаҩцәа рганахь ала аекскурсиатә программақәа системала рԥырхагахареи аусуратә леишәа аилагареи ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.Атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Занҭариа инапхгарала акомиссиа еиҿкаан. Агәаҭара иаҵанакуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа:Агәаҭара мҩаԥысуанаҵы, анаплакы анапхгаҩы Р. Л. Кәакәасқьыр инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Аамҭала аилахәыра анапхгаҩы инапынҵақәа рынагӡара лыдҵоуп аҳасабеилыргаҩ хада Галина Ҳашыгԥҳа. Алкаақәеи абжьгарақәеи ахьарбоу ахыркәшаратә шәҟәы нанҳәамза 27 рзы атуризм аминистр иахь инагахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/16/1057081058_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_a3a87b944a54db4b81f071d4a9d8445d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны атуризм аминистрра атуристтә еилахәыра "Турист" аусушьа гәанаҭеит
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра атуристтә еилахәыра "Турист" аусушьа гәанаҭеит.
Амаҵзуратә ҭҵаара шьаҭас иаман анаплакы автотранспорттә база амашьынаныҟәцаҩцәа рганахь ала аекскурсиатә программақәа системала рԥырхагахареи аусуратә леишәа аилагареи ҳәа
аанацҳауеит аусбарҭа.
Атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Занҭариа инапхгарала акомиссиа еиҿкаан. Агәаҭара иаҵанакуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа:
Амашьынаныҟәцаҩцәа аусуреи аԥсшьареи ррежим ақәныҟәара;
Аныҟәаратәи атранспорттәи ашәҟәбӷьыцқәа ииашаны реиҿкаара;
Аихшанҵақәеи амаршрутқәеи рықәныҟәара;
Атранспорт атехникатә ҭагылазаашьа;
Аусзуҩцәа атуристцәа рганахь ала русура ахаҭабзиара.
Агәаҭара мҩаԥысуанаҵы, анаплакы анапхгаҩы Р. Л. Кәакәасқьыр инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Аамҭала аилахәыра анапхгаҩы инапынҵақәа рынагӡара лыдҵоуп аҳасабеилыргаҩ хада Галина Ҳашыгԥҳа.
Алкаақәеи абжьгарақәеи ахьарбоу ахыркәшаратә шәҟәы нанҳәамза 27 рзы атуризм аминистр иахь инагахоит.