https://sputnik-abkhazia.info/20250823/asny-urystylauaa-ashys-akti-azybzhazy-mashynala-zeg-reia-iakhnyo-khyrkharakheit-1057095943.html
Аԥсны урыстәылауаа ашықәс актәи азыбжазы машьынала зегь реиҳа иахьныҟәо хырхарҭахеит
Аԥсны урыстәылауаа ашықәс актәи азыбжазы машьынала зегь реиҳа иахьныҟәо хырхарҭахеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны актәи аҭыԥ ааннакылеит урыстәылауаа ашықәс актәи азыбжазы машьынала иахьныҟәо ахырхарҭақәа рыбжьара ҳәа аанацҳауеит АТОР. 23.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-23T20:30+0300
2025-08-23T20:30+0300
2025-08-23T20:52+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/13/1051393397_0:160:3071:1887_1920x0_80_0_0_b55605c484148b9494bb11a2ee5d83d2.jpg
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны актәи аҭыԥ ааннакылеит урыстәылауаа ашықәс актәи азыбжазы машьынала иахьныҟәо ахырхарҭақәа рыбжьара ҳәа аанацҳауеит АТОР. Аҳәаанырцәҟа машьынала урыстәылаа рныҟәарақәа зегьы рҟынтәи 43% Аԥсныҟа ихоуп. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа иҟанаҵо адыррақәа рыла, ареспубликаҟа 1,39 миллион ныҟәара мҩаԥган, уи шықәсык аԥхьа иҟаз аасҭа 3,2% рыла еиҳауп. Убри аан, ассоциациа аналитикцәа иазгәарҭоит аныҟәарақәа зегьы мҩаԥызго аԥсшьаҩцәа ракәымзаргьы шауа – ауаа аӡәырҩы аусуразы аҳәаа иахысуеит, иара убас Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩык Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рымоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/13/1051393397_171:0:2900:2047_1920x0_80_0_0_5539c531cb9c6a4fb58e662aa3a4bfd2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны урыстәылауаа ашықәс актәи азыбжазы машьынала зегь реиҳа иахьныҟәо хырхарҭахеит
20:30 23.08.2025 (ирҿыцуп: 20:52 23.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны актәи аҭыԥ ааннакылеит урыстәылауаа ашықәс актәи азыбжазы машьынала иахьныҟәо ахырхарҭақәа рыбжьара ҳәа
аанацҳауеит АТОР.
Аҳәаанырцәҟа машьынала урыстәылаа рныҟәарақәа зегьы рҟынтәи 43% Аԥсныҟа ихоуп. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа иҟанаҵо адыррақәа рыла, ареспубликаҟа 1,39 миллион ныҟәара мҩаԥган, уи шықәсык аԥхьа иҟаз аасҭа 3,2% рыла еиҳауп.
Убри аан, ассоциациа аналитикцәа иазгәарҭоит аныҟәарақәа зегьы мҩаԥызго аԥсшьаҩцәа ракәымзаргьы шауа – ауаа аӡәырҩы аусуразы аҳәаа иахысуеит, иара убас Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩык Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рымоуп.