00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:03
31 мин
21:00
31 мин
08:36
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:08
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Интервью с основателем "Мастерской новых медиа" Юлей Аблец
18:49
27 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Украина имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа ахықәкқәа нагӡахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров."Ҷыдала иаҳҳәозар, Украина аҵакыраҟынтәи Урыстәылазы иҟалар зылшо ашәарҭарақәа раԥыхра, аурыс милаҭ рхаҭарнакцәеи урысшәала ицәажәо, аурыс культуреи аҭоурыхи ирыхәҭакны зхы зыҧхьаӡо ауааи рзинқәа рыхьчара", - ҳәа иҳәеит иара NBC иеиҭаз аинтервиу аҿы.Адипломат иациҵеит, Мраҭашәара уажәы "Урыстәыла иаҿагыланы Украина ашәарҭадара ашьақәыргылара рҽазыршәоит" ҳәа, насгьы Урыстәылатәи Афедерациа аанкыларазы аоккупациатә мчқәа уахь рышьҭра иазхиоуп ҳәа.
Аҟәа ақьалақь ариаҵәара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.Уи иазгәеиҭеит, ақалақь анапхгара Пушкин имҩа иаваршәны ашьаҟамҩақәа рырҽеира ишацырҵо. Иара убас, Арӡынбеи Гәлиеи рымҩақәа рыбжьара ахаҳәҟьаԥс шышьҭаҵахо Гималаитәи анызҵлақәа рыхҵәара гәыхьуп, аха уи ада ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа азгәеиҭеит ақалақь ахада, иара иажәақәа рыла, иааиуа ашықәс азы аҳҭнықалақь аҿы 500 ҵла еиҭаҳахоит.
Аҟәа ақалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа ишазгәеиҭаз ала аҳҭнықалақь ахадара "ашәарҭадаратә қалақь" аконцепциа иқәныҟәоит, Аиааира апроспекти Пушкин имҩадуи реихысырҭа ҿырԥштәуп — уаҟа ашьаҟамҩақәа ринфраструктура еиҭахәаԥшхоит.Ашьаҟамҩақәа рырҽеиразы аусурақәа ахарџь рхахьы иргеит аҟәатәи анаплакҩцәа.
Урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа русзуҩцәа Ҟрым иҟоу Урыстәыла АШәМ ахыбраҟны атеракт амҩаԥгаразы аҽазышәара аԥдырҟәҟәааит.АШәМ адыррақәа рыла, Волгоградтәи аобласт аҿы инхо аԥҳәыс Қрымҟа дааит, уаҟа лара акуриер артҟәацга зҭаз аишахаҵаратә ныхачаԥа лиҭеит. Уи лыманы АШәМ ахыбрахь днеит, лара уаҟа дааныркылеит.Ашьаус хацыркуп.
Аҟәатәи ашкол №1 аҿы иаарту иҷыдоу амедицинатә класс ахь ааҩык рыдыркылеит.Жәҩык аҵаҩцәа рдокументқәа наргеит, анаҩс кандидатк иарзаҳал шьҭахьҟа ирхынҳәит . Егьырҭ аҵаҩцәа зегьы алҧшаарақәа қәҿиарала ирхысит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҵара аминистрра Азеиԥш, абжьаратә, азанааҭтә ҵараиура аҟәша аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа."Арҭ ахәыҷқәа атеориатә дыррақәа рыдагьы, акласс аҿы ирзеиҿкаахоит апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа атренажиорқәа рҿы раԥхьатәи ацхыраара аҭарашьа, иара убас аексперименталтә усурақәа, урҭ акласс аҩнуҵҟеиԥш, амедицинатә усбарҭақәеи аҭҵаарадырратә центрқәеи рҿы ҳәа азгәалҭеит Цыбулевскаиа.
Ари аԥхынразы Аҧсны имузыкатә хҭыс бзианы иҟалеит альбом RAIDA аҭыҵра.Аԥсуа музыкантцәа Shiri-и Temo-и рырҿиара шьаҭас иаиуит аҧсуа жәлар рашәақәа.Урҭ ҳаамҭазтәи аранжировка рыҭаны, аԥсҭазаара ҿыц роуит, иахьа Аԥсны мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы ирзыӡырҩуеит.Альбом аус адулара шцоз, атрекқәа зегь рахьтә Shiri иаҳа иҷыдоуп ҳәа ииҧхьаӡо, иарбан археологиатә ԥшааху ацәаҿы ианылаз уҳәа ртәы шәаԥхьа Sputnik аҿы.
Нанҳәа мза 26 аҽны ақалақь Аҟәа Атеатр ашҭаҿы имҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥмышра азхаҵара Амш иазку аныҳәатә концерт. Аконцерт иалахәуп аԥсуа естрада артистцәа.Иалагоит асааҭ 20.00 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0