00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:36
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи аԥара аиагара амҽхак 216 миллион мааҭ ала еизҳаны, 5,5 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа радио Sputnik аефир аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Абанк аинформациеи астатистикеи рыҭҵаара аҟәша аиҳабы Гьаргь Кәакәасқьыр.Уи иажәақәа рыла, 4 миллиард мааҭ рҟынӡа Урыстәылаҟа, аҽа миллиардк – Абжьаратәи Азиа атәылақәа рахь, 157 миллион мааҭ – Ҭырқәтәылаҟа. Кәакәасқьыр иара убасгьы иазгәеиҭеит, ареспубликахь иаарышьҭуа амҽхак шырацәам, аха уи ииашоу аҭагылазаашьа шаанамырԥшуа. Уи мзызс иамоуп атәылауаа еиҳа-еиҳа абанктә картақәеи амобилтә цҵақәеи рхы иахьадырхәо, уи аԥара аиагаратә системақәа рзы астатистикаҿы еснагь иазгәаҭахаӡом.
Аԥсны ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа рзы арҵага шәҟәқәеи ашколтә маҭәеи рызшара иалагеит."13 нызқь инареиҳаны арҵагатә шәҟәқәа араионтә ҵараҟәшақәа ирыҭахоит. Ахәбатәи акласс азы аурыс бызшәа арҵагатә шәҟәы ҿыц ҭыжьуп. Ашколқәа ашәҟәқәа рызшара мҩаԥыслоит цәыббрамза 15 рҟынӡа", — иҳәеитаҵара аминистрра ауаажәларра рыбжьара аимадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.Иажәақәа рыла, арҵага шәҟәқәа зегьы хәыда-ԥсада ирыҭахоит, урҭ абиблиотека афонд иахыԥхьаӡалахоит.Уи адагьы, ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа ирыҭахоит 500 комплект иназынаԥшуа ашколтә маҭәа.
Очамчыра аӡеизакырҭа аӡымҩангагақәа реиҭарҿыцра иалагеит."Аӡыршьҭра" аусзуҩцәа аӡымҩангага ҿыцқәа рышьҭаҵара иаҿуп. Иахьазы 500 метра атрубақәа шьҭаҵаны еиддырҭәалахьеит, абри атәы аанацҳауеит Аусурақәа аӡы аҿымхӡакәа хәҭа-хәҭала имҩаԥыргоит. Аха убасгьы Очамчыра ӡыла аиқәыршәаразы аамҭеихшара аларгалеит.Аӡиасқәа рҟны аӡы аҩаӡара ахьылаҟәыз иахҟьаны аӡы азымхара цәырҵит, абри атәы аанацҳауеит араионтә "Аӡыршьҭра".Ауааԥсыра аӡы рзоужьлахоит амш актәи азбжазы.
Очамчыреи Гали ақалақьқәа рҿы аҿар рсоциалтә ҭҵаара мҩаԥгахоит.Ауснагӡатә иахықәкуп: аҵарадырреи аусуратә ҭыԥқәа роуреи рзы иҟоу аҭахрақәа рдырра, иара убасгьы 14 шықәса инаркны 30 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿар рзы араионқәа рҿы акультуратәи аспорттәи усмҩаԥгатәқәа рыҟазаараз ахәшьара аҭара – ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҳәынҭқарратә спорттә еилакы."
Ажәабжьқәа зегьы
0