https://sputnik-abkhazia.info/20250825/gagra-iaz-amshtsga-akhasa-znaaz-ana-rkhyba-rysakhrei-ryreirei-ialageit-1057117922.html
Гагра иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа рхыбқәа рыԥсахреи рырҽеиреи иалагеит
Гагра иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа рхыбқәа рыԥсахреи рырҽеиреи иалагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Гагра иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа рхыбқәа рыԥсахреи рырҽеиреи мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит... 25.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-25T17:29+0300
2025-08-25T17:29+0300
2025-08-25T17:29+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/05/1032777703_0:135:2600:1598_1920x0_80_0_0_0b87316b2d8bde4aff1f3c5329f850ec.jpg
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Гагра иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа рхыбқәа рыԥсахреи рырҽеиреи мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақь анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Алиас Ажьиба.Иара иажәақәа рыла, аԥша ӷәӷәа иахҟьаны аҩнеихагылақәа ԥшьба, ахатәы ҩнқәа ҩба ааха роуит. Аӡаԥшь араион аҿы иҟоу анхарҭатә ҩнқәа рхыбқәагьы ааха роуит, дара 60-тәи ашықәсқәа рзы иргылаз ҩнқәоуп.Ажьиба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Гагра ақалақь аҿы ахыбқәа рыԥсахразы араионтә программа аус шауа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Абазгаа рымҩаду аҿы иҟоу аҩнеихагылақәа ааба, Пицундатәи ҩныки рхыбқәа рыԥсахра азгәаҭоуп. Амшцәгьа ааха знаҭаз ҩнқәак ари апрограмма иаларгалеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/05/1032777703_145:0:2456:1733_1920x0_80_0_0_c83e4a5a43cfd85a1070bb38e314865e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гагра иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа рхыбқәа рыԥсахреи рырҽеиреи иалагеит
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Гагра иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз аҩнқәа рхыбқәа рыԥсахреи рырҽеиреи мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақь анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Алиас Ажьиба.
Иара иажәақәа рыла, аԥша ӷәӷәа иахҟьаны аҩнеихагылақәа ԥшьба, ахатәы ҩнқәа ҩба ааха роуит. Аӡаԥшь араион аҿы иҟоу анхарҭатә ҩнқәа рхыбқәагьы ааха роуит, дара 60-тәи ашықәсқәа рзы иргылаз ҩнқәоуп.
Ажьиба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Гагра ақалақь аҿы ахыбқәа рыԥсахразы араионтә программа аус шауа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Абазгаа рымҩаду аҿы иҟоу аҩнеихагылақәа ааба, Пицундатәи ҩныки рхыбқәа рыԥсахра азгәаҭоуп. Амшцәгьа ааха знаҭаз ҩнқәак ари апрограмма иаларгалеит.