https://sputnik-abkhazia.info/20250826/1057130983.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
26.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-26T13:01+0300
2025-08-26T13:01+0300
2025-08-26T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1a/1057130851_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a4477b68543cc71590cad6bae97d0179.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ахьыԥшымра азхаҵара 17 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. "Раԥхьаӡа иргыланы акыр зҵазкуа амш, шьала икәабоу амш, абиԥарала Аԥсны аҵеицәа ззықәԥоз амш рыдысныҳәалар сҭахуп ҳажәлар. Иахьатәи амш пату зқәаҳҵаша, ҳзеиҷаҳаша, ахаҵгылара зҭаху мшны иҟоуп. Абиԥарақәа ирылшо зегьы ҟарҵароуп абри амш ҭоурыхла иаҳҳныҳәа дуны иаанхарц", — иҳәеит атәыла ахада.
Бадра Гәынба Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит. "Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба агәаӷьра аарԥшны дазықәԥон ҳажәлар рзы аԥеиԥш лаша ҟаларц, иара иӷәӷәареи иҟәышреи роуп Аԥсны ахьыԥшымра амҩа ианызҵаз", — иҳәеит Гәынба. Алада Ешыра Аԥсны раԥхьатәи ахада иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит атәыла анапхгара, адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауажәларра, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны ахада Бадра Гәынба Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит. "Урыстәыла аиашьаратә ҳәынҭқарра асуверенитет адгылареи ашәарҭадара аиқәыршәареи рзы иҟанаҵаз аҭоурыхтә шьаҿа арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы ашьаҭа ӷәӷәа шьақәнаргылеит", — аҳәоит атекст аҿы. Уи иажәақәа рыла, Аԥсны қәҿиарала аҳәынҭқарра аргылареи аекономика аҿиареи ирыдҳәалоу апроблемақәа рыӡбара иаҿуп.
Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Нанҳәамза 26 аҽны Аԥсны ахада Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу аиҳабыра, адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аветеранцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз.
Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ахьыԥшымра азхаҵара 17 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. "Раԥхьаӡа иргыланы акыр зҵазкуа амш, шьала икәабоу амш, абиԥарала Аԥсны аҵеицәа ззықәԥоз амш рыдысныҳәалар сҭахуп ҳажәлар. Иахьатәи амш пату зқәаҳҵаша, ҳзеиҷаҳаша, ахаҵгылара зҭаху мшны иҟоуп. Абиԥарақәа ирылшо зегьы ҟарҵароуп абри амш ҭоурыхла иаҳҳныҳәа дуны иаанхарц", — иҳәеит атәыла ахада.Бадра Гәынба Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит. "Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба агәаӷьра аарԥшны дазықәԥон ҳажәлар рзы аԥеиԥш лаша ҟаларц, иара иӷәӷәареи иҟәышреи роуп Аԥсны ахьыԥшымра амҩа ианызҵаз", — иҳәеит Гәынба. Алада Ешыра Аԥсны раԥхьатәи ахада иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит атәыла анапхгара, адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауажәларра, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны ахада Бадра Гәынба Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит. "Урыстәыла аиашьаратә ҳәынҭқарра асуверенитет адгылареи ашәарҭадара аиқәыршәареи рзы иҟанаҵаз аҭоурыхтә шьаҿа арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы ашьаҭа ӷәӷәа шьақәнаргылеит", — аҳәоит атекст аҿы. Уи иажәақәа рыла, Аԥсны қәҿиарала аҳәынҭқарра аргылареи аекономика аҿиареи ирыдҳәалоу апроблемақәа рыӡбара иаҿуп.Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Нанҳәамза 26 аҽны Аԥсны ахада Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу аиҳабыра, адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аветеранцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1a/1057130851_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_5d61c53a58c48396327f723a750f0787.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио