https://sputnik-abkhazia.info/20250826/asny-shamtyla-imaysua-62-ti-damaskti-zhlarbzharati-atsyrgaa-ialakhkhoit-1057134820.html
Аԥсны Шьамтәыла имҩаԥысуа 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит
Аԥсны Шьамтәыла имҩаԥысуа 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Шьамтәыла имҩаԥысуа 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит. 26.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-26T15:11+0300
2025-08-26T15:11+0300
2025-08-26T15:11+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/09/1042551650_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_fa0add5c255ca47a10f5f491458fb47e.jpg
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Шьамтәыла имҩаԥысуа 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит.Шьамтәылатәи аҳаирбаӷәазаҿы Аԥснытәи аделегациа ирԥылеит аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али напхгара зиҭоз Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәа.Аделегациа иалахәуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, акультура аминистр Даур Ақаҩба, иара убас адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, ААУи, Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзуреи рхаҭарнакцәа, абри атәы аанацҳауеит адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.Аԥсны ацәыргақәҵа алахәхаразы ааԥхьара аиуит Шьамтәылатәи Арабтә Республика анапхгареи аҳәынҭқарра ахада Аҳмед аль-Шарааи рҟынтәи.Аусмҩаԥгатә нанҳәамза 27 рзы имҩаԥгахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/09/1042551650_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_9e5f52e90b0a2e61d0cc9f9d29ccb2e5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Шьамтәыла имҩаԥысуа 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит.
Шьамтәылатәи аҳаирбаӷәазаҿы Аԥснытәи аделегациа ирԥылеит аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али напхгара зиҭоз Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәа.
Аделегациа иалахәуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, акультура аминистр Даур Ақаҩба, иара убас адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, ААУи, Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзуреи рхаҭарнакцәа, абри атәы аанацҳауеит адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны ацәыргақәҵа алахәхаразы ааԥхьара аиуит Шьамтәылатәи Арабтә Республика анапхгареи аҳәынҭқарра ахада Аҳмед аль-Шарааи рҟынтәи.
Аусмҩаԥгатә нанҳәамза 27 рзы имҩаԥгахоит.