https://sputnik-abkhazia.info/20250826/ateatrt-muzei-aatit-rusdram-ay-1057137235.html
Атеатртә музеи аатит РУСДРАМ аҿы
Атеатртә музеи аатит РУСДРАМ аҿы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Атеатртә музеи аатит РУСДРАМ аҿы. 26.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-26T17:15+0300
2025-08-26T17:15+0300
2025-08-26T17:15+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1a/1057135028_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_5fce9f26326a41792437458df1cbdf5b.jpg
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Атеатртә музеи аатит РУСДРАМ аҿы.Бахрушин ихьӡ зху атеатртә музеи аспециалистцәа аекспозициа аконцепциа, адизаин аус адырулон, амтериал еидыркалон. Амузеи аартра иалахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Бахрушин ихьӡ зху атеатртә музеи адиректор хада Кристина Трубинова. Трубинова иазгәалҭеит, Аҟәатәи амузеи Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә еимадарақәа ирсимволны, зыԥсы ҭоу гәалашәараны ишыҟалаз. Бахрушин ихьӡ зху атеатртә музеи аспециалист Маргарита Соловиова лажәақәа рыла, аекспозициа 120 раҟара експонат аҵанакуеит — раԥхьатәи аспектакль ароль хада назыгӡоз аԥҳәыс лышәҵатәы, Фазиль Искандер иԥшәмаԥҳәыс амузеи иалҭаз ашәҟәыҩҩы ихатә маҭәарқәа, уҳәа егьырҭ иуникалу аматериалқәа. Апроект анагӡара ҷыдала иахылаԥшуеит Урыстәылеи Аԥсни ркультура аминистррақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1a/1057135028_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_4e1f09bdbd971f8a7c1c1965b634c2bd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Атеатртә музеи аатит РУСДРАМ аҿы.
Бахрушин ихьӡ зху атеатртә музеи аспециалистцәа аекспозициа аконцепциа, адизаин аус адырулон, амтериал еидыркалон.
Амузеи аартра иалахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Бахрушин ихьӡ зху атеатртә музеи адиректор хада Кристина Трубинова.
Трубинова иазгәалҭеит, Аҟәатәи амузеи Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә еимадарақәа ирсимволны, зыԥсы ҭоу гәалашәараны ишыҟалаз.
"Ари музеи мацараны иҟам — ари ҳамҭоуп Аԥсни ҳахәаԥшцәеи рзы, РУСДРАМ аҭоурых зегьы абраҟа иаарԥшуп, иаԥҵоуп Фазиль Искандер иусурҭатә уада", — иҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
Бахрушин ихьӡ зху атеатртә музеи аспециалист Маргарита Соловиова лажәақәа рыла, аекспозициа 120 раҟара експонат аҵанакуеит — раԥхьатәи аспектакль ароль хада назыгӡоз аԥҳәыс лышәҵатәы, Фазиль Искандер иԥшәмаԥҳәыс амузеи иалҭаз ашәҟәыҩҩы ихатә маҭәарқәа, уҳәа егьырҭ иуникалу аматериалқәа.
Апроект анагӡара ҷыдала иахылаԥшуеит Урыстәылеи Аԥсни ркультура аминистррақәа.