https://sputnik-abkhazia.info/20250827/1057155408.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
27.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-27T13:30+0300
2025-08-27T13:30+0300
2025-08-27T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1b/1057155276_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ecd3cd0839b5b805f359b65ea66165f1.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҟәа алаларҭаҿы аремонттә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. "Уажәтәи аамҭазы 120 метра амҩақәҵа ԥсахуп, 380 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс шьҭаҵоуп. Ашьаҟауаа ршәарҭадаразы зҿыгҳара ҳараку ацәхыԥ ҿыцқәа ргылоуп", — иҳәеит "Ақалақьргыларапроект" анапхгаҩы Асҭамыр Ԥиԥиа. Аусурақәа Ажәытә ҳаблахь ахаҵәирҭа аганахь иацҵахоит: араҟа ашьаҟамҩа аиҿкаареи алашарбагашьаҟақәа рыԥсахреи азԥхьагәаҭоуп. Шьапыла ицо ауаа рзы уажә иҟоу аихатә гәараанда аҭыԥан аҵиаақәа еиҭаҳахоит. Иара убас, ақалақь алаларҭаҿ адәы аиҭашьақәыргыларазы апроект азырхиара иаҿуп. Анагӡара 2026 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп.
"Иаабац есыҽнытәи аусура аҟынтәи акраамҭа зынагӡара аҭаху адҵақәа рыӡбарахь аиасра хымԥадатәиуп", – иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа злахәу аилатәара ахьымҩаԥиго. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аминистрцәа реилазаара ԥшьымз раԥхьа ишышьақәыргылаз, уи аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара аамҭа шааиз.
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсни Нижни Новгородтәи аобласти русеицура иалацәажәеит. Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Аиба, иара убас Нижни Новгородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Олег Беркович напхгара зиҭо аделегациа ҳәа аарыцҳаит ахада ипресс-маҵзураҟынтәи.
Аицлабра "Амедиа ҿыцқәа" алахәхаразы 300 рҟынӡа арзаҳалқәа аларҵахьеит Аԥсны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит урыстәылатәи аҵаратә программа "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец."Ҳара иаҳбоит ҭыԥк ахь хәҩык иреиҵамкәа аконкурс шыҟоу, ҳгәанала, иҵегьы еиҳахоит. Ауниверситетқәа зегьы ас еиԥш иҟоу аконкуренциа иалаҽхәар рылшом", — ҳәа азгәалҭеит лара. Аблец илҳәеит азыҳәақәа макьана аҵыхәтәанӡа ишыԥхьаӡам, уи адагьы, алахәылацәа реиуеиԥшымра инамаданы, ареспублика амедиа-сфера акыр арҿиара зылшо иӷәӷәоу, аинтерес зҵоу агәыԥ аԥҵахар ҟалоит ҳәа.
Аҟәа алаларҭаҿы аремонттә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. "Уажәтәи аамҭазы 120 метра амҩақәҵа ԥсахуп, 380 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс шьҭаҵоуп. Ашьаҟауаа ршәарҭадаразы зҿыгҳара ҳараку ацәхыԥ ҿыцқәа ргылоуп", — иҳәеит "Ақалақьргыларапроект" анапхгаҩы Асҭамыр Ԥиԥиа. Аусурақәа Ажәытә ҳаблахь ахаҵәирҭа аганахь иацҵахоит: араҟа ашьаҟамҩа аиҿкаареи алашарбагашьаҟақәа рыԥсахреи азԥхьагәаҭоуп. Шьапыла ицо ауаа рзы уажә иҟоу аихатә гәараанда аҭыԥан аҵиаақәа еиҭаҳахоит. Иара убас, ақалақь алаларҭаҿ адәы аиҭашьақәыргыларазы апроект азырхиара иаҿуп. Анагӡара 2026 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп. "Иаабац есыҽнытәи аусура аҟынтәи акраамҭа зынагӡара аҭаху адҵақәа рыӡбарахь аиасра хымԥадатәиуп", – иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа злахәу аилатәара ахьымҩаԥиго. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аминистрцәа реилазаара ԥшьымз раԥхьа ишышьақәыргылаз, уи аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара аамҭа шааиз.Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсни Нижни Новгородтәи аобласти русеицура иалацәажәеит. Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Аиба, иара убас Нижни Новгородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Олег Беркович напхгара зиҭо аделегациа ҳәа аарыцҳаит ахада ипресс-маҵзураҟынтәи. Аицлабра "Амедиа ҿыцқәа" алахәхаразы 300 рҟынӡа арзаҳалқәа аларҵахьеит Аԥсны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит урыстәылатәи аҵаратә программа "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец."Ҳара иаҳбоит ҭыԥк ахь хәҩык иреиҵамкәа аконкурс шыҟоу, ҳгәанала, иҵегьы еиҳахоит. Ауниверситетқәа зегьы ас еиԥш иҟоу аконкуренциа иалаҽхәар рылшом", — ҳәа азгәалҭеит лара. Аблец илҳәеит азыҳәақәа макьана аҵыхәтәанӡа ишыԥхьаӡам, уи адагьы, алахәылацәа реиуеиԥшымра инамаданы, ареспублика амедиа-сфера акыр арҿиара зылшо иӷәӷәоу, аинтерес зҵоу агәыԥ аԥҵахар ҟалоит ҳәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1b/1057155276_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0f87d6ca633734d356e2334f1c2e3ff0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио