https://sputnik-abkhazia.info/20250827/22-yk-aakhaa-rouit-gagra-ialaz-amat-mashyr-iakhany-1057152196.html
22-ҩык аахақәа роуит Гагра иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны
22-ҩык аахақәа роуит Гагра иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Гагра ақалақь аҿы амҩатә машәыр иахҟьаны 22-ҩык аахақәа роуит. 27.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-27T11:25+0300
2025-08-27T11:25+0300
2025-08-27T11:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1b/1057147715_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_ecfe35d1f59147cb9c25c9c4611b9f68.jpg
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Гагра ақалақь аҿы амҩатә машәыр иахҟьаны 22-ҩык аахақәа роуит. Амашәыр ҟалеит нанҳәамза 26 ахәылбыҽха, Гагра ақалақь ахыкәшарҭатә мҩаду аҿы ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба. Уи иажәақәа рыла, ҩыџьа адуқәеи ҩыџьа ахәыҷқәеи еиуеиԥшым абаҩԥҵәарақәа роуит. Урҭ рыԥсҭазаара шәарҭаӡам. Егьырҭ 18-ҩык аҳақьымцәа ацхыраара рырҭан, анаҩс рыҩныҟа иоурышьҭит. 1970 шықәсазы ииз, ВАЗ-2107 арныҟәцаҩ амҩаҿ атуристтә автобус маҷ даԥырхагахеит, уи иахҟьаны еиҿасит. Амашьынарныҟәцаҩцәа рҩыџьагьы арыжәтә ыжәны иҟамызт.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1b/1057147715_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_6fdb280500b81e989ae950b31a8c4b9a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ахҭысқәа
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Гагра ақалақь аҿы амҩатә машәыр иахҟьаны 22-ҩык аахақәа роуит.
Амашәыр ҟалеит нанҳәамза 26 ахәылбыҽха, Гагра ақалақь ахыкәшарҭатә мҩаду аҿы ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
Уи иажәақәа рыла, ҩыџьа адуқәеи ҩыџьа ахәыҷқәеи еиуеиԥшым абаҩԥҵәарақәа роуит. Урҭ рыԥсҭазаара шәарҭаӡам. Егьырҭ 18-ҩык аҳақьымцәа ацхыраара рырҭан, анаҩс рыҩныҟа иоурышьҭит.
1970 шықәсазы ииз, ВАЗ-2107 арныҟәцаҩ амҩаҿ атуристтә автобус маҷ даԥырхагахеит, уи иахҟьаны еиҿасит.
Амашьынарныҟәцаҩцәа рҩыџьагьы арыжәтә ыжәны иҟамызт.