https://sputnik-abkhazia.info/20250827/asny-akhada-ayankhama-aiara-aprogramma-abiuet-250-million-maa-ryna-ishikhit-1057169778.html
Аԥсны ахада ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма абиуџьет 250 миллион мааҭ рҟынӡа ишьҭихит
Аԥсны ахада ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма абиуџьет 250 миллион мааҭ рҟынӡа ишьҭихит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аҿиара иазку ахықәкытә программа абиуџьет Аԥсны ахада 150 миллион мааҭ рҟынтәи 250 миллион мааҭ рҟынӡа ишьҭихит ҳәа... 27.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-27T20:15+0300
2025-08-27T20:15+0300
2025-08-27T21:01+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/1d/1039890257_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_d48e76a908c67e01ce68f8520d24aa8d.jpg
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аҿиара иазку ахықәкытә программа абиуџьет Аԥсны ахада 150 миллион мааҭ рҟынтәи 250 миллион мааҭ рҟынӡа ишьҭихит ҳәа арадио Sputnik адырра аиҭеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Иара иажәақәа рыла, ари ақәҵара рыдыркылеит ақыҭауаа ақыҭанхамҩа аҿиаразы аҳәынҭқарраҟынтәи иҵегьы инеиҳаны адгылара роурц азы. Аԥсны ахада Ақыҭанхамҩа аминистрра иахьа анапынҵа риҭеит абҵарамза 10 рҟынӡа 2026 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аԥырҵарц. Џьопуа иазгәеиҭеит, ақыҭанхамҩа аусхк ареспублика аиҳабыра рзы ихадароу ахырхарҭақәа ишреиуоу, Аԥсны ахада уи ҷыдала ахшыҩзышьҭра шаиҭо. Беслан Џьопуа уаанӡа арадио Sputnik Аԥсны адырра аиҭахьан ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма иазоужьхо аԥара иацҵахар шауа.
https://sputnik-abkhazia.info/20250827/aekonomika-ayankhama-aturizm-aenergetika-atransport-rzy-aiabyra-anapynaa-ryoup-1057159273.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/1d/1039890257_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_5f7bdcfdf8f196a7657b3b956a336ab1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны ахада ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма абиуџьет 250 миллион мааҭ рҟынӡа ишьҭихит
20:15 27.08.2025 (ирҿыцуп: 21:01 27.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аҿиара иазку ахықәкытә программа абиуџьет Аԥсны ахада 150 миллион мааҭ рҟынтәи 250 миллион мааҭ рҟынӡа ишьҭихит ҳәа арадио Sputnik адырра аиҭеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла, ари ақәҵара рыдыркылеит ақыҭауаа ақыҭанхамҩа аҿиаразы аҳәынҭқарраҟынтәи иҵегьы инеиҳаны адгылара роурц азы.
"Ақыҭауаа рацәаҩны апрограмма иалахәымызт, абиуџьет ахьмаҷыз иахҟьаны. Уаанӡа 400-500 ауаа ацхыраара роуазҭгьы, аԥхьаҟа 1000-ҩык рҟынӡа ацхыраара роур рылшоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьопуа.
Аԥсны ахада Ақыҭанхамҩа аминистрра иахьа анапынҵа риҭеит абҵарамза 10 рҟынӡа 2026 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аԥырҵарц.
Џьопуа иазгәеиҭеит, ақыҭанхамҩа аусхк ареспублика аиҳабыра рзы ихадароу ахырхарҭақәа ишреиуоу, Аԥсны ахада уи ҷыдала ахшыҩзышьҭра шаиҭо. Беслан Џьопуа уаанӡа арадио Sputnik Аԥсны адырра
аиҭахьан ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма иазоужьхо аԥара иацҵахар шауа.