https://sputnik-abkhazia.info/20250827/asny-akhada-badra-gynba-atyla-aiabyra-alakhylatsa-zlakhu-ailatara-maigeit-1057153481.html
Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа злахәу аилатәара мҩаԥигеит
Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа злахәу аилатәара мҩаԥигеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа злахәу аилатәара мҩаԥигеит иахьа, нанҳәа 27 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ахада... 27.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-27T12:49+0300
2025-08-27T12:49+0300
2025-08-27T12:49+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1b/1057153309_0:6:1281:726_1920x0_80_0_0_cdc813bd9cea7bdc4f71b439c9ed832f.jpg
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа злахәу аилатәара мҩаԥигеит иахьа, нанҳәа 27 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура."Иаабац есыҽнытәи аусура аҟынтәи акраамҭа зынагӡара аҭаху адҵақәа рыӡбарахь аиасра хымԥадатәиуп", – иҳәеит иара аилатәараан.Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аминистрцәа реилазаара ԥшьымз раԥхьа ишышьақәыргылаз, уи аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара аамҭа шааиз. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, анапынҵақәа атәылахьчареи аҳәынҭқарратә шәарҭадареи рызҵаарақәа ишрызкым. Арҭ атемақәа ааигәа иҟало Ашәарҭадаратә Хеилак аилатәараҿы ирылацәажәахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1b/1057153309_44:0:1180:852_1920x0_80_0_0_ea51102d0d8c317f5308ec976902a457.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, бадра гәынба
Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа злахәу аилатәара мҩаԥигеит
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа злахәу аилатәара мҩаԥигеит иахьа, нанҳәа 27 рзы. Абри атәы
аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Иаабац есыҽнытәи аусура аҟынтәи акраамҭа зынагӡара аҭаху адҵақәа рыӡбарахь аиасра хымԥадатәиуп", – иҳәеит иара аилатәараан.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аминистрцәа реилазаара ԥшьымз раԥхьа ишышьақәыргылаз, уи аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара аамҭа шааиз.
"Иахьа сара Аминистрцәа реилазаара иалкаау, заамҭа шьақәыргылоу анапынҵақәа рысҭоит. Урҭ рынагӡара иалнаршоит иреалтәу аусқәа рахь аиасра, дара нагӡахар, Аиҳабыра рзы Аԥсны атәылауаа зегьы ринтересқәа ирықәшәо асоциал-економикатә проблемақәа рыӡбаразы хра злоу мыруганы иҟалоит", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, анапынҵақәа атәылахьчареи аҳәынҭқарратә шәарҭадареи рызҵаарақәа ишрызкым. Арҭ атемақәа ааигәа иҟало Ашәарҭадаратә Хеилак аилатәараҿы ирылацәажәахоит.