https://sputnik-abkhazia.info/20250827/asny-aynarrat-finansa-rnapkhgarazy-ainformtekhnologiaa-ralarara-aus-adyrularoup-1057162566.html
Аԥсны аҳәынҭқарратә финансқәа рнапхгаразы аинформтехнологиақәа раларҵәара аус адырулароуп
Аԥсны аҳәынҭқарратә финансқәа рнапхгаразы аинформтехнологиақәа раларҵәара аус адырулароуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара абҵарамза 10 рҟынӡа аҳәынҭқарратә финансқәа рнапхгара аусхк ахырхарҭала аинформациатә технологиақәа... 27.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-27T15:17+0300
2025-08-27T15:17+0300
2025-08-27T15:44+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1b/1057161201_0:66:1280:786_1920x0_80_0_0_2cbcf01a912174c4ef7b7826a26685a7.jpg
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара абҵарамза 10 рҟынӡа аҳәынҭқарратә финансқәа рнапхгара аусхк ахырхарҭала аинформациатә технологиақәа раларҵәаразы аусбарҭа-хықәкытә программа аус адуланы ишьақәнарӷәӷәароуп. Абри азы анапынҵа ҟаиҵеит атәыла ахада Бадра Гәынба. Абри аамҭазы ихымԥадоуп: — ареспубликатә биуџьет аҟынтәи афинанстә ԥаразоужьра змоу аусбарҭақәа русура анализ азура, урҭ русура аиӷьтәразы ажәалагалақәа рыдгалара; — Амилаҭтә Банк ацхыраарала, акредиттә хархәагақәеи, абанктә аалыҵқәеи, абанктә маҵзурақәеи рырҭбааразы абанктә сектор аҿиаразы ажәалагалақәа реиқәыршәара; — ашәахтәтәи аҳазалхратәи льготақәеи аԥыжәарақәеи хра рымазаара аинвентаризациа амҩаԥгареи ахәшьара аҭареи, економикатә ҭагылазаашьа апринцип хшыҩзышьҭра азуны урҭ роптимизациазы ажәалагалақәа рыдгалареи; — адгьыл ҭыԥқәа рыҭара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа рықәымныҟәараан адгьыл азы ашәахтә апрогрессивтә зыԥҵәа ахархәара азԥхьагәазҭо азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагаларазы ажәалагалақәа реиқәыршәара. 2026 шықәса рашәара 1 аҟынӡа аҳазалхратә хадара асистема автоматизациа азуразы ажәалагалақәа рыдгалара.
https://sputnik-abkhazia.info/20250827/aekonomika-ayankhama-aturizm-aenergetika-atransport-rzy-aiabyra-anapynaa-ryoup-1057159273.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1b/1057161201_72:0:1208:852_1920x0_80_0_0_e45a67e0e1d059219a418d00174b825b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны аҳәынҭқарратә финансқәа рнапхгаразы аинформтехнологиақәа раларҵәара аус адырулароуп
15:17 27.08.2025 (ирҿыцуп: 15:44 27.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара абҵарамза 10 рҟынӡа аҳәынҭқарратә финансқәа рнапхгара аусхк ахырхарҭала аинформациатә технологиақәа раларҵәаразы аусбарҭа-хықәкытә программа аус адуланы ишьақәнарӷәӷәароуп. Абри азы анапынҵа ҟаиҵеит атәыла ахада Бадра Гәынба.
— ареспубликатә биуџьет аҟынтәи афинанстә ԥаразоужьра змоу аусбарҭақәа русура анализ азура, урҭ русура аиӷьтәразы ажәалагалақәа рыдгалара;
— Амилаҭтә Банк ацхыраарала, акредиттә хархәагақәеи, абанктә аалыҵқәеи, абанктә маҵзурақәеи рырҭбааразы абанктә сектор аҿиаразы ажәалагалақәа реиқәыршәара;
— ашәахтәтәи аҳазалхратәи льготақәеи аԥыжәарақәеи хра рымазаара аинвентаризациа амҩаԥгареи ахәшьара аҭареи, економикатә ҭагылазаашьа апринцип хшыҩзышьҭра азуны урҭ роптимизациазы ажәалагалақәа рыдгалареи;
— адгьыл ҭыԥқәа рыҭара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа рықәымныҟәараан адгьыл азы ашәахтә апрогрессивтә зыԥҵәа ахархәара азԥхьагәазҭо азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагаларазы ажәалагалақәа реиқәыршәара.
2026 шықәса рашәара 1 аҟынӡа аҳазалхратә хадара асистема автоматизациа азуразы ажәалагалақәа рыдгалара.