https://sputnik-abkhazia.info/20250827/urystylanti-asnya-akommertsiat-fymtsamch-aashra-ialageit-nana-1-inarkny-1057169463.html
Урыстәылантәи Аԥсныҟа акоммерциатә фымцамч аашьҭра иалагеит нанҳәа 1 инаркны
Урыстәылантәи Аԥсныҟа акоммерциатә фымцамч аашьҭра иалагеит нанҳәа 1 инаркны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа акоммерциатә фымцамч аашьҭра иалагеит нанҳәа 1 инаркны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч"... 27.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-27T17:30+0300
2025-08-27T17:30+0300
2025-08-27T20:43+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/15/1046457342_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_fc298222d4c82fcf8a6c8dc4f72f806a.jpg
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа акоммерциатә фымцамч аашьҭра иалагеит нанҳәа 1 инаркны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал. Иара иажәақәа рыла, цәыббрамзазгьы афымцамч Урыстәылантә иаалоит. Бжьаратәла мызкахьы 19 миллион кВтсааҭ ҟалоит. "Абри азы аӡбара идикылеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Уи ЕгрыГЕС аӡытә лшарақәа реиқәырхаразы иаҭахуп. Афымцамч Гьачрыԥшьтәи ацәаҳәала иаарышьҭуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьал. Аусурамшқәа раан асааҭ 21:00 инаркны 07:00 рҟынӡа, аԥсшьарамшқәа рзы уахи-ҽни афымцамч Аԥсныҟа ииасуеит. Гагра араион аҿы иҟоу астанциа маҷқәа хәба афымцалашара роуеит. Ашықәс нҵәаанӡа ахәԥса ааидкыланы 650 миллион мааҭ ҟалоит. Нанҳәамзазы 60 миллион мааҭ шәоуп, цәыббрамзазы – 55 миллион мааҭ.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/15/1046457342_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_212005ca380e072dfdc3e64242a15483.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәылантәи Аԥсныҟа акоммерциатә фымцамч аашьҭра иалагеит нанҳәа 1 инаркны
17:30 27.08.2025 (ирҿыцуп: 20:43 27.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа акоммерциатә фымцамч аашьҭра иалагеит нанҳәа 1 инаркны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, цәыббрамзазгьы афымцамч Урыстәылантә иаалоит. Бжьаратәла мызкахьы 19 миллион кВтсааҭ ҟалоит.
"Абри азы аӡбара идикылеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Уи ЕгрыГЕС аӡытә лшарақәа реиқәырхаразы иаҭахуп. Афымцамч Гьачрыԥшьтәи ацәаҳәала иаарышьҭуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьал.
Аусурамшқәа раан асааҭ 21:00 инаркны 07:00 рҟынӡа, аԥсшьарамшқәа рзы уахи-ҽни афымцамч Аԥсныҟа ииасуеит.
Гагра араион аҿы иҟоу астанциа маҷқәа хәба афымцалашара роуеит. Ашықәс нҵәаанӡа ахәԥса ааидкыланы 650 миллион мааҭ ҟалоит. Нанҳәамзазы 60 миллион мааҭ шәоуп, цәыббрамзазы – 55 миллион мааҭ.