00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Владимир Путини Реџьеп Ердогани ШОС аҳәаақәа ирҭагӡаны Китаи еиқәшәеит.Аиҿцәажәараан Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәс азы аҭоурыхтә рекорд ҿыц шышьақәыргылаз – 6,7 миллионҩык Урыстәыла атәылауаа Ҭырқәтәыла ишаҭааз."Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ари шәара шәоуп изыбзоуроу, избан акәзар шәара ҳтәылауаа убас еиԥш аҭагылазаашьақәа рзаԥышәҵоит, Ҭырқәтәыла рыҩнеиԥш рхы рбаратәы, ишыхьчоу рдырратәы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Путин.Урыстәыла ахада украинатәи аимак аӡбараҿы Анкара инанагӡо ароль азы даара иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Бадра Гәынба Аԥсны ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи Адыррақәа рымш рыдиныҳәалеит."Изызҳауа абиԥарақәа рҵараиура ҳара ҳзы хадароу злоу хырхарҭоуп. Аҵара ахаҭабзиара аиӷьтәра инаваргыланы,атәыла анапхгара Аҵара аминистрра аҿаԥхьа акрызҵазку ауснагӡатәны иқәнаргылоит аҿар рлеишәа-патриоттә ааӡара ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭара", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы. Ҷыдала Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит арҵаҩцәа." Рааԥсара, ахә ҳаркны ишьеит. Ашколхәыҷқәа ирзеиӷьеишьеит Ҳаԥсадгьыл иаԥсаны ирызҳаларц азы аҵарабзиан ирҵаларц.
Бадра Гәынба актәи акласс ахь зшьаҿа еихызгаз Аԥсны ахәыҷқәа зегьы ҳамҭас ириҭеит ашколтә маҭәахәқәа зҭоу ашәырақәа.Ари аҳамҭа ахәыҷқәа зегьы ргәы ҟанаҵоит лҳәеит Аҟәатәи актәи абжьаратә школ алагаратә классқәа рырҵаҩы Асида Ҳасан-оӷлы."Ҳ-Аԥсны ахада ари аҩыза агәырӷьара амш азыҳәа ахәыҷқәа еиҭахгьы ргәы ҟазҵаша, агәацԥыҳәара рыманы иахьа ашкол аҿы иаартә еиԥш иахьаҳзыҟаиҵаз иҭабуп идуӡӡаны", — лҳәеит арҵаҩы.Лара иазгәалҭеит ашәыра ишҭоу атетрадқәа, акалам, акаламҭра, акарандашьқәа, аҵәаӷәалдагақәа, аныхга, ацәырԥссага. Ашәыра иануп амра зхаԥхо Аԥсны ахсаалеи "Адырра лашароуп" ҳәа анҵамҭеи.
Аҟәатәи ашкол №5 аҵакыраҿы ахырхарҭарацәа змоу аспорттә дәы аадыртит.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ари аусмҩаԥгатә далахәын."Ас еиԥш иҟоу апроектқәа атәылаҿы аспорт аҿиаразы аҵак ду рымоуп, насгьы аҿар рыцхраараҿы акыр зҵазкуа хҭысуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.Аспорттә дәқәа дыргылоит Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала. Зынӡа иргылахоит 12 дәы: Аҟәа ақалақь аҿы ааба, ҩба Тҟәарчал, акака Очамчыреи Гали.Аиҿкаара "Урыстәыла Қәыԥш" Краснодартәи арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аа-дәык аадыртхьеит, Тҟәарчал ақалақьи Аҟәеи даҽа ҩба-ҩба рыргылара иаҿуп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0