https://sputnik-abkhazia.info/20250901/afganisan-adgylysra-iakhany-800-yk-reia-auaa-akheit-kh-nyzyk-ryna-aakha-rouit-1057247180.html
Афганисҭан адгьылҵысра иахҟьаны 800-ҩык реиҳа ауаа ҭахеит, х-нызқьҩык рҟынӡа ааха роуит
Афганисҭан адгьылҵысра иахҟьаны 800-ҩык реиҳа ауаа ҭахеит, х-нызқьҩык рҟынӡа ааха роуит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Афганисҭан иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны 800-ҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит, х-нызқьҩык рҟынӡа ааха роуит. 01.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-01T16:40+0300
2025-09-01T16:40+0300
2025-09-02T00:49+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/01/1057239513_0:175:960:715_1920x0_80_0_0_bd5f3f1194ac9c284d4510e2fded50c7.jpg
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Афганисҭан иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны 800-ҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит, х-нызқьҩык рҟынӡа ааха роуит. Уахынла иҟалаз адгьылҵысра атәыла мрагыларатәии агәҭантәии апровинциақәа аҵанакит. Қыҭақәак анышә ихнаҩеит, уаҟа аруаа алархәны аиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. Адгьылҵысра агәыцәи Џьалалабади 27 километра рыбжьоуп, амчхара 6,2 балл иреиҳан. Урыстәылатәи Афедерациа ахада ихаҭарнак ҷыда Замир Кабулов иажәақәа рыла, Афганисҭан анапхгара адгьылҵысра ахылҿиаақәа раԥыхразы Урыстәыла ацхыраара иаҳәеит, уажәы уи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аус адырулоит. Иара иазгәеиҭеит урыстәылауаа рҟынтәи ааха змоу ыҟоуп ҳәа адыррақәа шыҟам, Урыстәыла атәылауаа ари аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҿы иҟазар ауеит ҳәа агәрагара шыуадаҩу.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/01/1057239513_0:85:960:805_1920x0_80_0_0_bf75fe093e5832a2c62fde7dc9840648.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ахҭысқәа
Афганисҭан адгьылҵысра иахҟьаны 800-ҩык реиҳа ауаа ҭахеит, х-нызқьҩык рҟынӡа ааха роуит
16:40 01.09.2025 (ирҿыцуп: 00:49 02.09.2025) АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Афганисҭан иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны 800-ҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит, х-нызқьҩык рҟынӡа ааха роуит.
Уахынла иҟалаз адгьылҵысра атәыла мрагыларатәии агәҭантәии апровинциақәа аҵанакит. Қыҭақәак анышә ихнаҩеит, уаҟа аруаа алархәны аиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
Адгьылҵысра агәыцәи Џьалалабади 27 километра рыбжьоуп, амчхара 6,2 балл иреиҳан.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада ихаҭарнак ҷыда Замир Кабулов иажәақәа рыла, Афганисҭан анапхгара адгьылҵысра ахылҿиаақәа раԥыхразы Урыстәыла ацхыраара иаҳәеит, уажәы уи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аус адырулоит.
Иара иазгәеиҭеит урыстәылауаа рҟынтәи ааха змоу ыҟоуп ҳәа адыррақәа шыҟам, Урыстәыла атәылауаа ари аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҿы иҟазар ауеит ҳәа агәрагара шыуадаҩу.