https://sputnik-abkhazia.info/20250903/1057284465.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба 2025 шықәса нанҳәамза 27 рзы иҟаиҵаз адҵақәа рынагӡара азы аусҧҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба. Ашәҟәаҿы иарбоу... 03.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-03T13:01+0300
2025-09-03T13:01+0300
2025-09-03T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/03/1057284299_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f2ee3f13f68fd617ca6ed5ffab2c8d2e.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба 2025 шықәса нанҳәамза 27 рзы иҟаиҵаз адҵақәа рынагӡара азы аусҧҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба. Ашәҟәаҿы иарбоу ауснагӡатәқәа рынагӡара ахылаԥшра знапы иану анагӡаратә мчратә усбарҭақәа алкаауп, абри атәы аанацҳауеит аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Иара убас, урҭ рынагӡара аҿҳәарақәеи, ахылаԥшра аԥҟарақәеи шьақәыргылоуп. Аминистррақәеи аусбарҭақәеи русура ахылаҧшра нарыгӡоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаа, ирымоу амчрақәа реихшара инақәыршәаны.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аиҳабыра ириҭаз анапынҵақәа 50 усхк рынагӡара атәы дазааҭгылеит аԥыза-министр Владимир Делба ихаҭыԥуаа алархәны имҩаԥигаз аиԥылараҿы. Иара иазгәеиҭеит, адҵақәа ихадоу ахырхарҭақәа зегьы шаҵанакуа — аекономикеи агәабзиарахьчареи инаркны аҿар рполитиказы азакәани азинеиҿкаара рҟынӡа. "Ари асистематә ԥсахрақәеи атәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәреи ирызку зегьы раасҭа ихадоу усқәоуп. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа рахь аҳәара ҟасҵоит анапынҵақәа рынагӡаразы ахылаԥшра ишахәҭоу иашәҭарц", — иҳәеит Делба.
Владимир Путини Ким Чен Ыни Пекин еиԥылеит. Дара Урыстәылеи КЖәДР-и рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иалацәажәеит, агәреибагареи астратегиатә партниорреи рыҩаӡара ҳаракы азгәаҭаны, абри атәы аанацҳауеит Кремль. Путин, Курсктәи аобласт ахақәиҭтәра Аҩадатәи Кореиа архәҭақәа ралахәра ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи анеонацизма аҿагылараҿы ареспублика иҟанаҵаз алагала. Ким Чен Ын Урыстәыла ацхыраара аҭара дшазхиоу шьақәирӷәӷәеит, уи иашьаратә уалԥшьоуп ҳәа азиҳәеит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәыз аԥсуа делегациа ахаҭарнакцәа идикылеит. Аделегациа алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада изеиҭарҳәеит афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи ртәы, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Бадра Гәынба аделегациа Дамаск имҩаԥнагаз аусура ахәшьара бзиа аиҭеит, жәларбжьаратәи аусеицура аҿиаразы активла аусура иацырҵарц анапынҵақәа риҭеит
Аԥсны ахада Бадра Гәынба 2025 шықәса нанҳәамза 27 рзы иҟаиҵаз адҵақәа рынагӡара азы аусҧҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба. Ашәҟәаҿы иарбоу ауснагӡатәқәа рынагӡара ахылаԥшра знапы иану анагӡаратә мчратә усбарҭақәа алкаауп, абри атәы аанацҳауеит аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Иара убас, урҭ рынагӡара аҿҳәарақәеи, ахылаԥшра аԥҟарақәеи шьақәыргылоуп. Аминистррақәеи аусбарҭақәеи русура ахылаҧшра нарыгӡоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаа, ирымоу амчрақәа реихшара инақәыршәаны. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аиҳабыра ириҭаз анапынҵақәа 50 усхк рынагӡара атәы дазааҭгылеит аԥыза-министр Владимир Делба ихаҭыԥуаа алархәны имҩаԥигаз аиԥылараҿы. Иара иазгәеиҭеит, адҵақәа ихадоу ахырхарҭақәа зегьы шаҵанакуа — аекономикеи агәабзиарахьчареи инаркны аҿар рполитиказы азакәани азинеиҿкаара рҟынӡа. "Ари асистематә ԥсахрақәеи атәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәреи ирызку зегьы раасҭа ихадоу усқәоуп. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа рахь аҳәара ҟасҵоит анапынҵақәа рынагӡаразы ахылаԥшра ишахәҭоу иашәҭарц", — иҳәеит Делба. Владимир Путини Ким Чен Ыни Пекин еиԥылеит. Дара Урыстәылеи КЖәДР-и рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иалацәажәеит, агәреибагареи астратегиатә партниорреи рыҩаӡара ҳаракы азгәаҭаны, абри атәы аанацҳауеит Кремль. Путин, Курсктәи аобласт ахақәиҭтәра Аҩадатәи Кореиа архәҭақәа ралахәра ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи анеонацизма аҿагылараҿы ареспублика иҟанаҵаз алагала. Ким Чен Ын Урыстәыла ацхыраара аҭара дшазхиоу шьақәирӷәӷәеит, уи иашьаратә уалԥшьоуп ҳәа азиҳәеит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәыз аԥсуа делегациа ахаҭарнакцәа идикылеит. Аделегациа алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада изеиҭарҳәеит афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи ртәы, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Бадра Гәынба аделегациа Дамаск имҩаԥнагаз аусура ахәшьара бзиа аиҭеит, жәларбжьаратәи аусеицура аҿиаразы активла аусура иацырҵарц анапынҵақәа риҭеит
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/03/1057284299_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_eed5f7b23ab44a5fdda605fd685c59aa.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио