https://sputnik-abkhazia.info/20250903/1057295978.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы нанҳәамза 18 2025 шықәсазы ирыдгалаз "Иаку асоциалтә шәахтә азы" азакәан апроект аиӷьтәразы аусуратә гәыԥ актәи аилатәара... 03.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-03T18:01+0300
2025-09-03T18:01+0300
2025-09-03T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/03/1057295812_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ce1d6b6d7a15c7b9661a1a1fff0c5fb2.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы нанҳәамза 18 2025 шықәсазы ирыдгалаз "Иаку асоциалтә шәахтә азы" азакәан апроект аиӷьтәразы аусуратә гәыԥ актәи аилатәара мҩаԥысит.Агәыԥ напхгара аиҭоит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Агәыԥ иалоуп ихадоу анапхгаратә усбарҭақәеи апрофильтә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Аилатәара иалахәыз азакәан апроект аԥҟарақәа ирылацәажәеит, ажәалагалақәеи ахҳәаақәеи ҟарҵеит, уи аусеиҭадулара ахырхарҭақәа рзы ргәаанагарақәа еимырдеит.
Аԥсны арҵаҩцәа хаҭала рацәажәараз, рнырраз алшара ҷыдала ахә ҳаракны иршьоит — аинформациатә хархәага ҿыцқәа аус рыцура шаҳҵогьы, зегь реиҳа хадара злоу лабҿабатәи аицәажәара акәны иҟоуп, абри атәы лҳәеит урыстәылатәи аҵарадырратә программа "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец. Гәыма аҟны имҩаԥысит иаарту аиԥылара "Аԥсны амедиа ҿыцқәа. Аихьӡара ацаԥха". Иара мҩаԥыргоит еицырдыруа аԥсуа актиор Ҭемыр Ҭаниеи анеироҳақәа рзы аексперт Михаил Неустроеви. Урҭ еиҭарҳәеит аконтент шаԥҵатәу, амедиа аусхк аҿы аҟазара шеизырҳалатәу, апроектқәа рҿы иԥсабаратәым аинтеллект ахы ишархәатәу уҳәа убас иҵегьы.
Мрагыларатәи аекономикатә форум аатит Владивосток, адгьылбжьаха Русски аҿы. Афорум атема — "Харатәи Мрагылара — аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы аусеицура". Афорум ишалахәхоу шьақәдырӷәӷәеит 70 инареиҳаны атәылақәеи аҵакырақәеи рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Китаи, Индиа, Виетнам, Лаос, Малаизиа, Таиланд рҟынтәи аделегациақәа. Ихадоу хҭысхоит цәыббра 5 азы имҩаԥысраны иҟоу апленартә еилатәараҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин иқәгылара.
Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит цәыббрамза 4 рзы. Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра". Аӡы ҟалаӡом Гәымсҭатәи аиланхарҭа, Аҳабла ҿыц, Ешбеи Адыгааи рымҩақәа, Ажәытә ҳабла, адәыӷбастанциа иахьаҵанакуа. Ақалақь агәҭаны аӡы амчхара маҷхоит.
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы нанҳәамза 18 2025 шықәсазы ирыдгалаз "Иаку асоциалтә шәахтә азы" азакәан апроект аиӷьтәразы аусуратә гәыԥ актәи аилатәара мҩаԥысит.Агәыԥ напхгара аиҭоит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Агәыԥ иалоуп ихадоу анапхгаратә усбарҭақәеи апрофильтә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Аилатәара иалахәыз азакәан апроект аԥҟарақәа ирылацәажәеит, ажәалагалақәеи ахҳәаақәеи ҟарҵеит, уи аусеиҭадулара ахырхарҭақәа рзы ргәаанагарақәа еимырдеит.Аԥсны арҵаҩцәа хаҭала рацәажәараз, рнырраз алшара ҷыдала ахә ҳаракны иршьоит — аинформациатә хархәага ҿыцқәа аус рыцура шаҳҵогьы, зегь реиҳа хадара злоу лабҿабатәи аицәажәара акәны иҟоуп, абри атәы лҳәеит урыстәылатәи аҵарадырратә программа "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец. Гәыма аҟны имҩаԥысит иаарту аиԥылара "Аԥсны амедиа ҿыцқәа. Аихьӡара ацаԥха". Иара мҩаԥыргоит еицырдыруа аԥсуа актиор Ҭемыр Ҭаниеи анеироҳақәа рзы аексперт Михаил Неустроеви. Урҭ еиҭарҳәеит аконтент шаԥҵатәу, амедиа аусхк аҿы аҟазара шеизырҳалатәу, апроектқәа рҿы иԥсабаратәым аинтеллект ахы ишархәатәу уҳәа убас иҵегьы.Мрагыларатәи аекономикатә форум аатит Владивосток, адгьылбжьаха Русски аҿы. Афорум атема — "Харатәи Мрагылара — аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы аусеицура". Афорум ишалахәхоу шьақәдырӷәӷәеит 70 инареиҳаны атәылақәеи аҵакырақәеи рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Китаи, Индиа, Виетнам, Лаос, Малаизиа, Таиланд рҟынтәи аделегациақәа. Ихадоу хҭысхоит цәыббра 5 азы имҩаԥысраны иҟоу апленартә еилатәараҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин иқәгылара.Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит цәыббрамза 4 рзы. Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра". Аӡы ҟалаӡом Гәымсҭатәи аиланхарҭа, Аҳабла ҿыц, Ешбеи Адыгааи рымҩақәа, Ажәытә ҳабла, адәыӷбастанциа иахьаҵанакуа. Ақалақь агәҭаны аӡы амчхара маҷхоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/03/1057295812_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_6350fdd1b73de781c137824fdc360a1b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио